АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны атранспорттә инфраструктура аҿиара иалацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аусхкы ахаҭарнакцәа злахәыз аусуратә еиԥылараҿы амҩақәа рмодернизациеи рырҽеиреи, аҩ-ҳәынҭқаррак рструктурақәа реимадареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иалыркааит аԥыжәара зҭатәу амҩахәаҭқәа.
2025 шықәсазы Аԥсны амҩатә ҳақәа рырҽеиреи реиҭашьақәыргылареи рзы апрограмма иазоужьуп миллиард мааҭ аԥара Урыстәыла абиуџьет аҟнытә.
Актәи ахәҭа иаҵанакуеит Кәыдры аиҩхааҿы аинфраструктура аиҭашьақәыргылара. Аусурақәа рхарџь 205,5 миллион мааҭ инаӡоит, иааиуа ашықәс анҵәамҭазы ихыркәшахоит.
Иара убасгьы, иааидкыланы 190 нызқь метрԥшьыркца инареиҳаны изҵазкуа 21 амҩатә ргыларақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа азгәаҭоуп, уи 2025 шықәса анҵәамҭанӡа ихыркәшахоит.
Апроекттә-харџьынҵатә шәҟәбӷьыцқәа еиқәыршәоуп, анагӡара аҭыԥантәи анардадаҩцәа алархәхоит, урҭ Росавтодор аспециалистцәа рыцхыраарала аус рулоит.