https://sputnik-abkhazia.info/20250807/-badra-gynbei-sergei-kirienkoi-asny-atransportt-infrastruktura-aiara-ialatsazheit-1056760955.html
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аԥсны атранспорттә инфраструктура аҿиара иалацәажәеит
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аԥсны атранспорттә инфраструктура аҿиара иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
2025 шықәсазы Аԥсны амҩатә ҳақәа рырҽеиреи реиҭашьақәыргылареи рзы апрограмма, Урыстәыла абиуџьет аҟнытә миллиард мааҭ аԥара азоужьуп. 07.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-07T13:00+0300
2025-08-07T13:00+0300
2025-08-07T13:25+0300
аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
сергеи кириенко
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/07/1056756504_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_67ae94c07d13cc846a7ef57e2e7b9f1b.jpg
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны атранспорттә инфраструктура аҿиара иалацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Аусхкы ахаҭарнакцәа злахәыз аусуратә еиԥылараҿы амҩақәа рмодернизациеи рырҽеиреи, аҩ-ҳәынҭқаррак рструктурақәа реимадареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иалыркааит аԥыжәара зҭатәу амҩахәаҭқәа. 2025 шықәсазы Аԥсны амҩатә ҳақәа рырҽеиреи реиҭашьақәыргылареи рзы апрограмма иазоужьуп миллиард мааҭ аԥара Урыстәыла абиуџьет аҟнытә. Иара убасгьы, иааидкыланы 190 нызқь метрԥшьыркца инареиҳаны изҵазкуа 21 амҩатә ргыларақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа азгәаҭоуп, уи 2025 шықәса анҵәамҭанӡа ихыркәшахоит. Апроекттә-харџьынҵатә шәҟәбӷьыцқәа еиқәыршәоуп, анагӡара аҭыԥантәи анардадаҩцәа алархәхоит, урҭ Росавтодор аспециалистцәа рыцхыраарала аус рулоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250730/urystyla-afinanst-tskhyraarala-2025-shysazy-asny-araiona-zeg-rny-amaa-khyroit-1056556524.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/07/1056756504_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_28bd5a4f1228fff50c89b383ae59cf58.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба, сергеи кириенко
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба, сергеи кириенко
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аԥсны атранспорттә инфраструктура аҿиара иалацәажәеит
13:00 07.08.2025 (ирҿыцуп: 13:25 07.08.2025) 2025 шықәсазы Аԥсны амҩатә ҳақәа рырҽеиреи реиҭашьақәыргылареи рзы апрограмма, Урыстәыла абиуџьет аҟнытә миллиард мааҭ аԥара азоужьуп.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны атранспорттә инфраструктура аҿиара иалацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аусхкы ахаҭарнакцәа злахәыз аусуратә еиԥылараҿы амҩақәа рмодернизациеи рырҽеиреи, аҩ-ҳәынҭқаррак рструктурақәа реимадареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иалыркааит аԥыжәара зҭатәу амҩахәаҭқәа.
2025 шықәсазы Аԥсны амҩатә ҳақәа рырҽеиреи реиҭашьақәыргылареи рзы апрограмма иазоужьуп миллиард мааҭ аԥара Урыстәыла абиуџьет аҟнытә.
Актәи ахәҭа иаҵанакуеит Кәыдры аиҩхааҿы аинфраструктура аиҭашьақәыргылара. Аусурақәа рхарџь 205,5 миллион мааҭ инаӡоит, иааиуа ашықәс анҵәамҭазы ихыркәшахоит.
Иара убасгьы, иааидкыланы 190 нызқь метрԥшьыркца инареиҳаны изҵазкуа 21 амҩатә ргыларақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа азгәаҭоуп, уи 2025 шықәса анҵәамҭанӡа ихыркәшахоит.
Апроекттә-харџьынҵатә шәҟәбӷьыцқәа еиқәыршәоуп, анагӡара аҭыԥантәи анардадаҩцәа алархәхоит, урҭ Росавтодор аспециалистцәа рыцхыраарала аус рулоит.