АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны араионқәа зегьы рҿы амҩақәа еиҭашьақәыргылахоит ҳәа иҳәеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.
Иааизакны, урыстәылатәи абиуџьет аҟынтәи миллиард мааҭ ззоужьу апрограмма иаҵанакуеит 20 ргылара инареиҳаны. Урҭ алххоит амҩақәа зхы иазырхәо ауааԥсыра рхыԥхьаӡареи атранспорт аныҟәареи рыла.
Гамсаниа ишазгәеиҭаз ала, аекспертизақәа рымҩаԥгара хыркәшахахьеит, аҳәынҭқарратә еилаӡарақәа рыбжьарҵахьеит.
"Аусура нарыгӡоит ареспубликаҿы иҟоу акаҭранҟаҵарҭақәа ԥшьба. Урҭ рылшарақәа азхоит аусурақәа ианаамҭоу рхыркәшаразы", — иҳәеит иара.