АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп ҳәа азылыԥхьаӡоит ацентр "Гарант" анапхгаҩы Марина Михаилова.
Иазгәалҭеит, лара напхгара зылҭо аиҿкаара аицлабра шҳәаақәнаҵо.
Михаилова лажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа раԥхьа акәны зхы алазырхәуа зегьы арзаҳалқәа рыҭараан ауадаҩрақәа ишрықәшәо. Убри аҟнытә, изҭаху рзы иҷыдоу аилацәажәарақәа аздырхиеит. Уаҟа дара ирзеиҭарҳәоит урыстәылатәи апроектқәа ртәы, алахәылацәа ирыцхраауеит аидеиақәа рыдкылараҿ, урҭ рынагӡара шырҭаху ашьақәыргылараҿы.
"Ҳара ҳус – ари аицлабра аинтерес зҵоу аԥшьгамҭа ҿыцқәа рзы лшараны аҟалара мацара акәымкәа, проекттә школны аҟаҵароуп, уи алахәхара ала аиҿкаарақәеи аԥшьгамҭақәа аазырԥшуа ауааи апроектҟаҵараҿи агранттә еицлабрақәа рылахәхарази аԥышәа роурц, апроектқәа рынагӡаразы аԥышәа роурц", — лҳәеит Михаилова.
Афонд ахарџь ала Аԥсны асоциалтә ҵакы змоу аԥшьгамҭақәа рынагӡаразы иазыԥҵәоу аԥарақәа зегьы еизакны 115 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит, азыҳәақәа рыдыркылоит цәыббра 30 рҟынӡа.