https://sputnik-abkhazia.info/20250807/mikhailova-aitslabra-asny-ariatsa-proektt-shkolny-ialaroup--1056766519.html
Михаилова: аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп
Михаилова: аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп ҳәа азылыԥхьаӡоит ацентр "Гарант" анапхгаҩы Марина Михаилова. 07.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-07T15:45+0300
2025-08-07T15:45+0300
2025-08-07T15:45+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1c/1050292329_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_9054e966120eee14cc3b5be15aec0150.jpg
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп ҳәа азылыԥхьаӡоит ацентр "Гарант" анапхгаҩы Марина Михаилова. Иазгәалҭеит, лара напхгара зылҭо аиҿкаара аицлабра шҳәаақәнаҵо.Михаилова лажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа раԥхьа акәны зхы алазырхәуа зегьы арзаҳалқәа рыҭараан ауадаҩрақәа ишрықәшәо. Убри аҟнытә, изҭаху рзы иҷыдоу аилацәажәарақәа аздырхиеит. Уаҟа дара ирзеиҭарҳәоит урыстәылатәи апроектқәа ртәы, алахәылацәа ирыцхраауеит аидеиақәа рыдкылараҿ, урҭ рынагӡара шырҭаху ашьақәыргылараҿы. Афонд ахарџь ала Аԥсны асоциалтә ҵакы змоу аԥшьгамҭақәа рынагӡаразы иазыԥҵәоу аԥарақәа зегьы еизакны 115 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит, азыҳәақәа рыдыркылоит цәыббра 30 рҟынӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1c/1050292329_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_0a6eedd67c8a6477ad4bf5ef5f4ddb8d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Михаилова: аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" проекттә школны иҟалароуп ҳәа азылыԥхьаӡоит ацентр "Гарант" анапхгаҩы Марина Михаилова.
Иазгәалҭеит, лара напхгара зылҭо аиҿкаара аицлабра шҳәаақәнаҵо.
Михаилова лажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа раԥхьа акәны зхы алазырхәуа зегьы арзаҳалқәа рыҭараан ауадаҩрақәа ишрықәшәо. Убри аҟнытә, изҭаху рзы иҷыдоу аилацәажәарақәа аздырхиеит. Уаҟа дара ирзеиҭарҳәоит урыстәылатәи апроектқәа ртәы, алахәылацәа ирыцхраауеит аидеиақәа рыдкылараҿ, урҭ рынагӡара шырҭаху ашьақәыргылараҿы.
"Ҳара ҳус – ари аицлабра аинтерес зҵоу аԥшьгамҭа ҿыцқәа рзы лшараны аҟалара мацара акәымкәа, проекттә школны аҟаҵароуп, уи алахәхара ала аиҿкаарақәеи аԥшьгамҭақәа аазырԥшуа ауааи апроектҟаҵараҿи агранттә еицлабрақәа рылахәхарази аԥышәа роурц, апроектқәа рынагӡаразы аԥышәа роурц", — лҳәеит Михаилова.
Афонд ахарџь ала Аԥсны асоциалтә ҵакы змоу аԥшьгамҭақәа рынагӡаразы иазыԥҵәоу аԥарақәа зегьы еизакны 115 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит, азыҳәақәа рыдыркылоит цәыббра 30 рҟынӡа.