Аԥсны

Гал араион аҿы иаадыртоит ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Гал араион аҿы ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж аартра азгәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иара иажәақәа рыла, ари аҩыза аплиаж араион аҿы иҟамижьҭеи 30 шықәса инареиҳаны иҵуеит. Убри аан, аҭыԥантәи ауааԥсыра амшын аҿы рҽыркәабоит, аха урҭ зегьы ишәарҭам аҭыԥқәа алкаан ирыздырӡом.
"Араион анапхгара ҳаҳәеит аӡшыцә ҭаҳҵаарц, амшын аҭалара ахьалшо аҭыԥқәа ралхразы. Аплиаж ишахәҭоу еиԥш иазыҟаҵатәуп, ашәарҭадара ыҟамзарц азы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сабуа.
Нанҳәа 3 рзы Гал араион аҿы ажәабатәи акласс аҵаҩы дӡааҟәрылеит. Арыцҳара иацлеит аҽа ԥсҭбарак, лаб иашьа дыԥсит.
Амшын аԥшаҳәақәеи аплиажқәеи ргәаҭара, ишәарҭоу аҭыԥқәа ралкаара, агәҽанҵаратә дыргақәа рышьақәыргылара шхымԥадатәиу иалацәажәеит уаанӡа имҩаԥгаз аҭыԥантәи анаԥхгараҭаратә еилатәараҿы.
Аԥсны
Гал араион аҿы аплиажқәеи амшын аҟәарақәеи ргәаҭарақәа мҩаԥгахоит