https://sputnik-abkhazia.info/20250811/gal-araion-ay-iaadyrtoit-ishakhou-eish-eiyrshou-apliazh-1056830692.html
Гал араион аҿы иаадыртоит ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж
Гал араион аҿы иаадыртоит ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Гал араион аҿы ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж аартра азгәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы... 11.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-11T11:30+0300
2025-08-11T11:30+0300
2025-08-11T12:50+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гал араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/11/1039642137_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_0137d3e01cbcaede94fed3e241539398.jpg
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Гал араион аҿы ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж аартра азгәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа. Иара иажәақәа рыла, ари аҩыза аплиаж араион аҿы иҟамижьҭеи 30 шықәса инареиҳаны иҵуеит. Убри аан, аҭыԥантәи ауааԥсыра амшын аҿы рҽыркәабоит, аха урҭ зегьы ишәарҭам аҭыԥқәа алкаан ирыздырӡом. Нанҳәа 3 рзы Гал араион аҿы ажәабатәи акласс аҵаҩы дӡааҟәрылеит. Арыцҳара иацлеит аҽа ԥсҭбарак, лаб иашьа дыԥсит. Амшын аԥшаҳәақәеи аплиажқәеи ргәаҭара, ишәарҭоу аҭыԥқәа ралкаара, агәҽанҵаратә дыргақәа рышьақәыргылара шхымԥадатәиу иалацәажәеит уаанӡа имҩаԥгаз аҭыԥантәи анаԥхгараҭаратә еилатәараҿы.
https://sputnik-abkhazia.info/20250805/gal-araion-ay-apliazhei-amshyn-aaraei-rgaaraa-magakhoit-1056697461.html
гал араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/11/1039642137_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_a26929b8aec5adfd1fbbaf0a42aa338b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гал араион
ажәабжьқәа, аԥсны, гал араион
Гал араион аҿы иаадыртоит ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж
11:30 11.08.2025 (ирҿыцуп: 12:50 11.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Гал араион аҿы ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоу аплиаж аартра азгәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Иара иажәақәа рыла, ари аҩыза аплиаж араион аҿы иҟамижьҭеи 30 шықәса инареиҳаны иҵуеит. Убри аан, аҭыԥантәи ауааԥсыра амшын аҿы рҽыркәабоит, аха урҭ зегьы ишәарҭам аҭыԥқәа алкаан ирыздырӡом.
"Араион анапхгара ҳаҳәеит аӡшыцә ҭаҳҵаарц, амшын аҭалара ахьалшо аҭыԥқәа ралхразы. Аплиаж ишахәҭоу еиԥш иазыҟаҵатәуп, ашәарҭадара ыҟамзарц азы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сабуа.
Нанҳәа 3 рзы Гал араион аҿы ажәабатәи акласс аҵаҩы дӡааҟәрылеит. Арыцҳара иацлеит аҽа ԥсҭбарак, лаб иашьа дыԥсит.
Амшын аԥшаҳәақәеи аплиажқәеи ргәаҭара, ишәарҭоу аҭыԥқәа ралкаара, агәҽанҵаратә дыргақәа рышьақәыргылара шхымԥадатәиу иалацәажәеит уаанӡа имҩаԥгаз аҭыԥантәи анаԥхгараҭаратә еилатәараҿы.