АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. "Ҳәаа змам аҟазара" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ, афонд "Ашана", академиа "Ахәырма" аинклиузивтә спектакль еицықәдыргылоит.
"Иахьа атеатр актиорцәеи, амузыкатә академиа аҟәшақәеи, згәабзиара ԥкыу ахәыҷқәеи еибадырит, аспектакль аҽазыҟаҵарагьы иалагеит", — ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит "Ахурма" анапхгаҩы Инна Гришьенко.
Уи алыршахеит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд апроект "Амузыка ҳаиднакылоит: Урыстәылеи Аԥсни рсоциалтә еицәажәара" иҟанаҵаз адгылара абзоурала.
РУСДРАМ актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа иажәақәа рыла, аԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа рацәоуп, ахәыҷқәа раԥхьатәи аиԥылараан иаадырԥшит аҟазареи раԥхьаҟатәи абаҩхатәратә лшарақәеи.
"Аспектакль ҳалацәажәахьан ҩышықәса раԥхьагьы. Уажәы ҳартист ҿарацәа рҟазшьақәа ҳасаб рзуны, асценариа маҷк ҳархиароуп. Уи азы хымз-ԥшьымз раҟара аамҭа аҭаххоит", — иҳәеит иара.