https://sputnik-abkhazia.info/20250818/rusdram-afond-ashana-akademia-akhyrma-ainkliuzivt-spektakl-eitsydyrgyloit-1056994825.html
РУСДРАМ, афонд "Ашана", академиа "Ахәырма" аинклиузивтә спектакль еицықәдыргылоит
РУСДРАМ, афонд "Ашана", академиа "Ахәырма" аинклиузивтә спектакль еицықәдыргылоит
Sputnik Аҧсны
"Аҟазара ҳәаа змам" апроект афонд "Ашанеи" РУСДРАМ-и инарыгӡоит. Аинформациатә дгылара анаҭоит Sputnik Аԥсны амаҵзура. Авторс дамоуп Анна Савилова. 18.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-18T22:56+0300
2025-08-18T22:56+0300
2025-08-18T23:48+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/12/1056993101_0:0:1281:720_1920x0_80_0_0_6122d9f33c48b9db2076544794f8538b.png
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. "Ҳәаа змам аҟазара" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ, афонд "Ашана", академиа "Ахәырма" аинклиузивтә спектакль еицықәдыргылоит. Уи алыршахеит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд апроект "Амузыка ҳаиднакылоит: Урыстәылеи Аԥсни рсоциалтә еицәажәара" иҟанаҵаз адгылара абзоурала. РУСДРАМ актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа иажәақәа рыла, аԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа рацәоуп, ахәыҷқәа раԥхьатәи аиԥылараан иаадырԥшит аҟазареи раԥхьаҟатәи абаҩхатәратә лшарақәеи. "Аспектакль ҳалацәажәахьан ҩышықәса раԥхьагьы. Уажәы ҳартист ҿарацәа рҟазшьақәа ҳасаб рзуны, асценариа маҷк ҳархиароуп. Уи азы хымз-ԥшьымз раҟара аамҭа аҭаххоит", — иҳәеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/12/1056993101_137:0:1097:720_1920x0_80_0_0_038e816a51c23f00c3820d3d333ca057.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
РУСДРАМ, афонд "Ашана", академиа "Ахәырма" аинклиузивтә спектакль еицықәдыргылоит
22:56 18.08.2025 (ирҿыцуп: 23:48 18.08.2025) "Аҟазара ҳәаа змам" апроект афонд "Ашанеи" РУСДРАМ-и инарыгӡоит. Аинформациатә дгылара анаҭоит Sputnik Аԥсны амаҵзура. Авторс дамоуп Анна Савилова.
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. "Ҳәаа змам аҟазара" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ, афонд "Ашана", академиа "Ахәырма" аинклиузивтә спектакль еицықәдыргылоит.
"Иахьа атеатр актиорцәеи, амузыкатә академиа аҟәшақәеи, згәабзиара ԥкыу ахәыҷқәеи еибадырит, аспектакль аҽазыҟаҵарагьы иалагеит", — ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит "Ахурма" анапхгаҩы Инна Гришьенко.
Уи алыршахеит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд апроект "Амузыка ҳаиднакылоит: Урыстәылеи Аԥсни рсоциалтә еицәажәара" иҟанаҵаз адгылара абзоурала.
РУСДРАМ актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа иажәақәа рыла, аԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа рацәоуп, ахәыҷқәа раԥхьатәи аиԥылараан иаадырԥшит аҟазареи раԥхьаҟатәи абаҩхатәратә лшарақәеи.
"Аспектакль ҳалацәажәахьан ҩышықәса раԥхьагьы. Уажәы ҳартист ҿарацәа рҟазшьақәа ҳасаб рзуны, асценариа маҷк ҳархиароуп. Уи азы хымз-ԥшьымз раҟара аамҭа аҭаххоит", — иҳәеит иара.