Урыстәыла

Трамп: Путин Украина аиҿагылара аанкылара иҽазишәоит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Дональд Трамп Владимир Путин Украина аиҿагылара аанкылара иҽазишәоит ҳәа иҳәеит Владимир Зеленскии иԥылараан.
Америка ахада иажәақәа рыла, Украинатәи аиҿагылара аанкылахоит, уи аганқәеи адунеи зегьи ирҭахуп, аха макьаназы уи аамҭа аҳәара залшом.
Иахьа Вашингтон Трампи Зеленскии реиԥылара мҩаԥысуеит. Уи рхы аладырхәырц ргәы ишҭоу рҳәеит европатәи анапхгаҩцәагьы.
Уаанӡа, нанҳәа 15 рзы, Алиска Анкориџь ақалақь аҿы иҟоу Елмендорф-Ричардсон арратә базаҿы имҩаԥысит Урыстәылеи Америкеи рхадацәа Владимир Путини Дональд Трампи реиҿцәажәарақәа.
Урыстәыла
Путини Трампи реиҿцәажәарақәа х-сааҭк инарзынаԥшуа ицон: ихадоу