АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Аҳауахьчаратә мчқәа Урыстәыла арегионқәа рҿы уахыкала украинатәи аҧырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 95 карыжьит.
Ажәылара ҟалеит Брианск, Тверь, Калуга, Ориол, Тамбов, Новгород, Белгород, Ростов, Курск, Смоленск, Ленинградтәи аобластқәа, Ҟрым, Ҭаҭарсҭан ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.