Аҳауахьчаратә мчқәа Урыстәыла арегионқәа рҿы уахыкала украинатәи адронқәа 95 карыжьит
10:00 24.08.2025 (ирҿыцуп: 10:02 24.08.2025)
© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая работа ПВО ЦВО на Покровском направлении в ДНР

© Sputnik / Евгений Биятов
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Аҳауахьчаратә мчқәа Урыстәыла арегионқәа рҿы уахыкала украинатәи аҧырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 95 карыжьит.
Ажәылара ҟалеит Брианск, Тверь, Калуга, Ориол, Тамбов, Новгород, Белгород, Ростов, Курск, Смоленск, Ленинградтәи аобластқәа, Ҟрым, Ҭаҭарсҭан ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.