АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Непал аҳҭнықалақь Катманду иҟоу Сингх Дурбар ихан шьаҭанкыла иблит.
Ахан дыргылеит 1903 шықәсазы, 1700 инареиҳаны ауадақәа аман. Ахыбраҿы иҟан ихадоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аԥыза-министр икабинетгьы уахь иналаҵаны. Аҿагылара ҟазҵоз иароуп амца здыркыз ҳәа рҳәеит аҭыԥантәи АИХқәа.
Непал аилаҩеиласрақәа рыҟалара асоциалтә ҳақәа русура аанкылара иадҳәалоуп. Аԥыза-министр ԥхьатәара дцеит, иареи атәыла ахадеи аруаа атәыла иалыргеит. Аҿагылара ҟазҵоз еиуеиԥшым административтә хыбрақәеи ачынуаа рхатәыҩнқәеи рыблит, абахҭақәа ирықәлеит, Афинансқәа рминистри, Адәныҟатәи аусқәа рминистри, атәыла уаанӡатәи аԥыза-министри ирықәлеит.
Ақәгылара иалахәыз алаҳәара ҟарҵеит Непал рнапаҵаҟа ишыҟоу, аиҳабыра ҿыц ашьақәыргылареи алхрақәа рымҩаԥгареи рзы адҵа ҟарҵеит.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа абжьгара рырҭеит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа, аамҭала Непал аҭаара рҽацәхьаркырц.