https://sputnik-abkhazia.info/20250909/nepal-anyala-katmandu-iou-singkh-durbar-ikhan-shaankyla-iblit-1057410982.html
Непал аҳҭнықалақь Катманду иҟоу Сингх Дурбар ихан шьаҭанкыла иблит
Непал аҳҭнықалақь Катманду иҟоу Сингх Дурбар ихан шьаҭанкыла иблит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Непал аҳҭнықалақь Катманду иҟоу Сингх Дурбар ихан шьаҭанкыла иблит. 09.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-09T20:29+0300
2025-09-09T20:29+0300
2025-09-09T20:29+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102282/91/1022829171_0:243:2592:1701_1920x0_80_0_0_f68a3afb6c3d185a3490c9678a4cfe1a.jpg
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Непал аҳҭнықалақь Катманду иҟоу Сингх Дурбар ихан шьаҭанкыла иблит.Ахан дыргылеит 1903 шықәсазы, 1700 инареиҳаны ауадақәа аман. Ахыбраҿы иҟан ихадоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аԥыза-министр икабинетгьы уахь иналаҵаны. Аҿагылара ҟазҵоз иароуп амца здыркыз ҳәа рҳәеит аҭыԥантәи АИХқәа. Непал аилаҩеиласрақәа рыҟалара асоциалтә ҳақәа русура аанкылара иадҳәалоуп. Аԥыза-министр ԥхьатәара дцеит, иареи атәыла ахадеи аруаа атәыла иалыргеит. Аҿагылара ҟазҵоз еиуеиԥшым административтә хыбрақәеи ачынуаа рхатәыҩнқәеи рыблит, абахҭақәа ирықәлеит, Афинансқәа рминистри, Адәныҟатәи аусқәа рминистри, атәыла уаанӡатәи аԥыза-министри ирықәлеит. Ақәгылара иалахәыз алаҳәара ҟарҵеит Непал рнапаҵаҟа ишыҟоу, аиҳабыра ҿыц ашьақәыргылареи алхрақәа рымҩаԥгареи рзы адҵа ҟарҵеит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа абжьгара рырҭеит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа, аамҭала Непал аҭаара рҽацәхьаркырц.
https://sputnik-abkhazia.info/20250909/nepal-ayza-ministr-imaura-aanizhit-asotsialt-aa-rzinamara-iakhany-agylaraa-rzy-1057405257.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102282/91/1022829171_0:0:2592:1944_1920x0_80_0_0_9918cca8a4c1cbad719983587770a641.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Непал аҳҭнықалақь Катманду иҟоу Сингх Дурбар ихан шьаҭанкыла иблит
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Непал аҳҭнықалақь Катманду иҟоу Сингх Дурбар ихан шьаҭанкыла иблит.
Ахан дыргылеит 1903 шықәсазы, 1700 инареиҳаны ауадақәа аман. Ахыбраҿы иҟан ихадоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аԥыза-министр икабинетгьы уахь иналаҵаны. Аҿагылара ҟазҵоз иароуп амца здыркыз ҳәа рҳәеит аҭыԥантәи АИХқәа.
Непал аилаҩеиласрақәа рыҟалара асоциалтә ҳақәа русура аанкылара иадҳәалоуп. Аԥыза-министр ԥхьатәара дцеит, иареи атәыла ахадеи аруаа атәыла иалыргеит. Аҿагылара ҟазҵоз еиуеиԥшым административтә хыбрақәеи ачынуаа рхатәыҩнқәеи рыблит, абахҭақәа ирықәлеит, Афинансқәа рминистри, Адәныҟатәи аусқәа рминистри, атәыла уаанӡатәи аԥыза-министри ирықәлеит.
Ақәгылара иалахәыз алаҳәара ҟарҵеит Непал рнапаҵаҟа ишыҟоу, аиҳабыра ҿыц ашьақәыргылареи алхрақәа рымҩаԥгареи рзы адҵа ҟарҵеит.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа абжьгара рырҭеит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа, аамҭала Непал аҭаара рҽацәхьаркырц.