Ҳаԥсуа доуҳатә культура, ҳлитература арҿиара азы аҭыԥ бзиақәа рыхьӡ анаҳҳәо, зегь раԥхьаӡа иҳаргылоит ҳашәҟәыҩҩцәа аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса рыҩнуҵҟа иахьрыԥсшьарҭоу, иагьахьырусурҭоу Пицундатәи аԥсшьарҭа "Литфонд". Араҟа аԥсуа-ақырҭуа еибашьра иалагаанӡа даара ирацәаҩны иаахьан Асовет Еидгыла ареспубликақәа ирыҵаркуаз ашәҟәыҩҩцәа, мызла рыԥсгьы ршьон, иреиӷьӡаз рырҿиамҭақәагьы абраҟа иаԥырҵон.
Иара убасгьы, араҟа иаԥырҵон иреиӷьӡаз рышәҟәқәа, ашәҟәыҩҩцәа дара-дара еибадыруан, еиҩызцәахон, досу рҩымҭақәа еиуеиԥшым абызшәақәа рахь еиҭаргон, арҿиаратә еимадара бзиақәа рыбжьарҵон.
Араҟа иааиԥмырҟьаӡакәа есышықәса ҩынҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа зыԥсгьы зшьоз, аусгьы зуаз ҳашәҟәыҩҩцәа иреиуоуп: Алықьса Гогәуа, Гьаргь Гәыблиа, Алықьса Џьениа, Џьума Аҳәба, Таиф Аџьба, Никәала Кәыҵниа, Платон Бебиа, Нели Ҭарба, Витали Амаршьан, Рушьбеи Смыр, Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Даур Занҭариа, Инна Аҳашԥҳа, Вахтанг Аԥҳазоу, Анатоли Лагәлаа, Даур Наҷҟьебиа, Николаи Патулиди, Надежда Венедиктова уҳәа убас ирацәаҩны.
Владимир Занҭариа ишәҟә ҿыц аӡыргара
© Foto / Анатолий Лагулаа
Аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ирцәоуп ааха зауз аԥсшьарҭа ҭыԥқәа, аха Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, усҟан аԥсшьарҭа ҩны аиҳабыс иҟаз амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аветеран Ԥилиа В. К. рыбзоурала "Литфонд" кьыс амоуӡакәа еиқәхеит, аҩнуҵҟа иҩназ аҩнымаҭәа маҷ-саҷк бжьаӡзаргьы, хәы-змаӡамыз абиблиотека уаҩ далакьысыртә иҟарымҵеит.
Аибашьра ашьҭахь ари аԥсшьарҭа ҩны еиҭах аусура иалагеит, уи рылшара ду адуп, иуҳәар ауеит еиқәдырхеит, аҳәынҭқарраҟынтә ацхыраарагьы аиуратә иҟарҵеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иахагылаз ҳашәҟәыҩҩцәа: Баграт Шьынқәбеи, Иван Ҭарбеи, Алықьса Гогәуеи, Мушьни Лашәриеи, Борис Гәыргәлиеи, Никәала Кәыҵниеи, Терент Ҷаниеи, Геннади Аламиеи, Анзор Мықәбеи.
Абраҟа ҳазааҭгылап маҷк уи аԥсшьарҭа ҩны аҭоурыхгьы. Пицунда ақалақь курорт қалақьк аҳасабала иргыланы аусура иалагеит 1968 шықәсазы. Арҿиаратә ҩны "Литфонд" акәзар, уи жәашықәса рышьҭахь ауп аусура ианалага, 1978 шықәсазы.
Уи апроект аҟаҵареи аргылареи Аԥсны ахадара напанаркит иреиӷьӡаз, иахьыԥшӡарҭаз аҭыԥ ссир алхны.
Ари аҿиарҭа-ԥсшьарҭатә ҩны ссир андыргыла, аартраан арахь иааит адунеи зыхьӡ бзиаӡаны иадыруаз ашәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа: Роберт Рождественски, Белла Ахмадулина, аишьцәа Ваинераа, Генрих Боровик, Фазиль Искандер, иара убасгьы еицырдыруа кубатәи апоет Елисео Диего.
Ашьҭахь иҵегь ашықәсқәа анца, арахь аԥсшьареи арҿиаратә усуреи реилагӡаразы иаауа иалагеит абарҭ реиԥш иҟоу адунеи зыхьӡ адыруа ашәҟәыҩҩцәа: Андреи Битов, Виктор Шкловски, Анатоли Парпара, Евгени Реин, Олег Чухонцев, Андреи Битов, Алла Латинина, Булат Окуджава, Алла Марченко, Татиана Бек, Владимир Лакшин уҳәа ирацәаҩӡаны.
Ашәҟәы "Акультуратә ҭыԥԥшӡа Пицундатәи "Алитфонд" аӡыргара иалахәын аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аинтеллигенциа, астудентцәа, аԥхьаҩцәа. Уи мҩаԥигон Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аҵарауаҩ Арда Ашәба. Ари ашәҟәы даара џьабаа адбаланы еиқәиршәеит апоет-академик Владимир Занҭариа. Иазгәаҭатәуп, иара убасгьы ашәҟәы атекст ахы инаркны аҵыхәанӡа урысшәала ишҩу, ишыԥшаау "Литфонд" иадҳәалоу здаҟам ашәҟәбӷьыцқәа, ашәҟәыҩҩцәа рфотоқәа, рнапҩымҭақәа, рлафқәа, Аԥсни аԥсуа жәлари рзы ирҩхьоу, ирҳәахьоу даара аинтерес зцу афактқәа.
Араҟа ибзианы иаарыԥшуп Пицундатәи акурорт аҭоурых, уи анаԥҵаз ашықәсқәа ирыҵаркуа ашәҟәбӷьыцқәа, агәалашәарақәа, асасцәа дуқәа рыдныҳәаларақәа, ргәаанагарақәа.
Ибзианы иазааҭгылоуп аԥсшьарҭа ҩны "Литфонд" раԥхьаӡатәи адиректор Г. Багатуриа инаиркны уи еиҳабацәас еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иамаз З. Агрба, Ш. Ԥлиа, Д. Ԥлиа, иахьатәи аԥсшьарҭа ҩны аиҳабы А. Аҩӡба рџьабаа.
Ашәҟәы сахьаркырала ибзианы еиқәыршәоуп, аестетикатә гьама аҵоуп, атекст еилыхха, иласӡа аԥхьареи агәынкылареи маншәалоуп.
Ари ашәҟәы ссир аӡыргараҿы ахцәажәаразы ажәа иаҳәаны иқәгылеит: Уасил Аҩӡба, Вахтанг Аԥҳазоу, Виачеслав Бигәаа, Лариса Шебзухова, Геннади Аламиа, Гәында Сақаниаԥҳа, Инал Гыцба, Анатоли Аҩӡба.
Ахыркәшаратә ажәа ҳәаны еизаз иҭабуп идуӡӡаны ҳәа реиҳәеит ашәҟәы автор, апоет-академик Владимир Константин-иԥа Занҭариа.
Ҳаҭыр зқәу ҳаԥхьаҩцәа, хымԥада иԥшааны шәаԥхьа абри ашәҟәы, уи адунеи зыхьӡ бзианы иадыруа ашәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа рыӡбахә убриаҟара гәыкала ишәанаҳәоит, шәымҭақәак рзы урҭ шәырзааигәаны шәрацәажәазшәа насыԥ змоу шәакәны шәааҟанаҵоит.
Сыжәлар
Акыр шықәса шҵхьоугьы, исымоуп азҵаара,
Нас уззацәымцеи ахҵәара, ахыԥсаара?!
Ари адгьыл ианыз рҟынтә иҟәышу ҳәа уԥхьаӡан,
Нхыҵи-аахыҵи зегь реиҳа ухьӡгьы наӡан…
Улахьынҵа уззацәымцеи, узаԥылеи ахҵәара,
Даҽа мҩак зузымԥшааи, уанацәыбнал ахәура?!
Зегь абзеира рзууан, урыцхраан инурхон,
Аха агәаҟра уанақәшәа, ухалаҵәҟьа уаанхон…
Уԥхьарца ҳәацәонеи, арыцҳара узыԥшын,
Ашьхақәа узырҿамлеи, изуҭахыз амшын?..
Уашьцәа еиҿагылеит, иибаша ҳаӷоу,
Згәы ҵрыблааз рыԥсадгьыл акыкахш рзеицәахоу?!
Ах, шаҟа игәыҭшьаагаз уара угәынқьыбжьы,
Ахацәа ӷьеиҩқәагь аҟырҿҳәа ианарыцҳауан ржьы…
Згәыӷра удызҳәалоз, рыбла ҭаа иԥшуан,
Уи икынхалаз чуанҵас, баша ирыцәбылуан…
Шаҟа хкы срызхәыцри, аха сыхшыҩ ҿаҳәоуп,
Сыжәлар, уара умаҷра, гәнаҳа дук иазҳәоуп…
Анатоли Лагәлаа, Литфонд, цәыббрамза 3 2025 ш.