https://sputnik-abkhazia.info/20230927/zyma-iagylou-apoet-akademik-vladimir-zanaria-70-shysa-ikhyit-1048176950.html
Зҭәымҭа иҭагылоу апоет-академик: Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵит
Зҭәымҭа иҭагылоу апоет-академик: Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵит
Sputnik Аҧсны
Цәыббрамза 27 рзы апоет-академик Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵит. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иахьа иҳадигалоит апоет... 27.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-27T14:29+0300
2023-09-27T14:29+0300
2023-09-27T15:25+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102513/01/1025130145_0:0:1501:844_1920x0_80_0_0_fedca88b860ed5057dd6d6838fae14af.jpg
Владимир Занҭариеи сареи қәрала аа-шықәса рҟынӡа шҳабжьоугьы, зныкгьы исимырдырырц иара дышсеиҳабу, есымша ҳаиқәлацәоушәа, изакәызаалак "ҳәаак" ҳабжьамҵаӡакәа дсацәажәоит.Ус дыҟан аиҳабыра рҿы аҭыԥ дуқәа рҿы аус аниуазгьы, ус дыҟоуп иахьагьы. Иҟалап уи еиҳараӡакгьы изыхҟьо иара данҩыҵшәа инаркны ижәлар рыцәгьа-рыбзиа дахьалагылаз азы акәзар, ибзианы иахьидыруа азы акәзар аԥсуа иҵасқәа, иҟазшьақәа, избанзар, уаԥсуаны, егьа аҵара умазаргьы, егьа уҟәышзаргьы, егьа аҭыԥ ҳракқәа рҿы угылазаргьы, ужәлар уахьынӡашьҭырхуа уеиҳаны ухы убо уаналага, иаразнак улбааргоит!.. Убри азы, убри аганахь уазхәыцуазар, Владимир ижәлар бзиаӡаны идыруеит, рҟазшьеи рыԥсихалогиеи еиликаауеит, рдоуҳа дазааигәоуп, иахьа зқьҩык рыгәҭа днаургыларгьы, ишрацәажәатәу идыруеит, ахәыц еиҟәиршәоит.Ажәакала, амцхә ажәа шәзасыршьуеи, 70 шықәса зхыҵыз апоет-академики сареи гәата-бӷата ҳаицәажәар сҭахуп, ҳмыццакыкәа, хрыжь-хрыжь. Сара убри аҩыза ацәажәара мҩаԥызгахьеит ирацәаҩны ҳашәҟәыҩҩцәеи, ҳҵарауааи, ҳкультура ауысзуҩцәеи рҿы. Исгәалашәоит, шықәсқәак раԥхьа Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гәогәуеи сареи ҳаиҿцәара анҵәамҭаз исеиҳәа: "аҩыза, ажьаӷьарҩага скылухит иахьа!" Ус анакәха, Владимиргьы дзацәцом уи "алахьынҵа", избанзар, уи ииҳәаша рацәаны имоуп, насгьы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апроза дазхьаԥшуа далагеит, иҩхьеит ажәабжьқәа, аповестқәа, ароман, аԥсышәалагьы урысшәалагьы… Ибзиан идыруеит аԥсуа мацара акәымкәа, адунеитә литература… Ус анакәха, ацәажәатә рацәоуп, анцәа иҟынтә, ҳзацәажәогьы мап ҳцәикӡом, избанзар, ус аҟаҵара аиубилеитә традициақәа ирыҵаркӡом, иахьа игәы ҟьаҟьаӡа иааиртыроуп. - Владимир, уара зхәыҷра аамҭаз апоет Мушьни Миқаиа иҳәалон еиԥш, конфеҭ хыцәқәала иааӡаз ахәыҷқәа уреиԥшӡам, иухугеит аибарагьы, амамзааргьы, ахьҭагьы, аҭакаргьы… Аха уи уара еиҳагьы уарҵәит, уарӷәӷәеит, уаӡрыжәит. Иугәаламшәои Бернард Шоу иажәақәа: "Человек как кирпич, обжигаяась он твердеет…" Ус анакәха, иаҳгәалаҳаршәап ухәыҷра ашықәсқәа, Тамшьтәи шәыҩны шәашҭа ԥшӡа, уаҟа унапала иургылаз аԥацха хазына!.. Тамшьтәи ашкол хьтәы медалла уаналга Аҟәа Горки ихьӡ зхыз арҵаҩратә институт уҭалеит, уаҟа аҵара еицышәҵон абаҩхатәра бзиаӡа змаз ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариеи уареи… Ҳарзааҭгылап урҭ ашықәсқәа, цәгьала ихаазар акәхап урҭ амшқәа "рсаранџьқәа", уи ашьҭахь арра ухугама?– Ааи, Аҟәатәи арҵаҩратә институт сара Москватәи ауниверситетгьы исзаҩызан, Сорбонагьы, Кембриџьгьы исзырҩызан... Усҟан даара хшыҩла, дыррала иазыҟаҵаз, пату зқәыз аҵарауаа алекциақәа ирыҧхьон. Урҭ рыӡбахә сҳәоит савтобиографиатә роман ҿыц аҿы. Даури сареи ҳлекторцәа нагақәа рцәажәара лаф-зҩыдала ианаҳхырҷозгьы ыҟан... Усҟан иаагәаӷьхьан апародиатә хҿақәа “реигәыдҵара”, уи моу, дара ҳлекторцәагьы ҵәык нарылаҳҵар цәгьа иаабомызт. Уи атәы бзианы илдыруеит Светлана Қәарсаиаԥҳа. Сҵәылаҵарақәа ирыхҟьаны аԥышәара ҩынтә аҭира ансықәшәахьазгьы ыҟан. Светлана ҳекспромтқәа ҳзылҵәахуан. Аинститутаҿы акәзар ҟалап ҳлитературатә ҽазышәарақәа рдац-ԥашә ӷәӷәахартә алшара ахьҳауз. Аиашазын, хашҭра сызрықәым В.П. Анқәаб напхгара ззиуаз астудентцәа рлитературатә хеидкыла имҩаԥнагоз аиԥыларақәа. Уахь зныкымкәа имҩахыҵхьан- Б. Шьынқәба, А.Гогәуа,Ш. Инал-иԥа, М. Лашәриа, Гь. Гәыблиа, Н. Кәыҵниа, Н. Ҳашыг, В. Амаршьан, Р. Смыр, Г. Аламиа уҳәа аӡәырҩы. Еилҳаргахьан рышәҟәқәа. Иҟалон ҵхыбжьагәазынӡа ҳаидшыланы шәҟәык иагыу-иабзоу ҳаналацәажәоз. Алитературатә ԥсҭазаара ду аӡмыжь-еилыҽҽарақәа ҳарцәымшәартә агәаӷьра ҳазҭаз, романтикала иҭәу убарҭ ашықәсқәа роуп, сгәанала. Ааи, уи ашьҭахь арра исыԥхьеит. Иркутск азааигәара аргыларатә баталион аҿы сибратәи аӡынра, аҷыхь, асыҭәҳәа слымҳақәа ҿнарҳәацаауа, сҽасыршьцылеит уатәи арежим – џьбара. Ԥыҭҩык аԥсуаа ҳаицын. Аӡын иааулакь аказарма аҩнуҵҟа иаҳхаагон, ҭӡыгазеҭк ҭҳажьуашәа ҟаҵаны. Аха ааԥынра шааиз еиԥш “вперед, вперед, нахрен!.." ҳәа афицарцәа рыҩны ахьдыргылоз аҭыԥахь ҳдәықәырҵеит. Уаҟа ауасҭацәа ргәыԥ аиҳабыс сҟарҵеит, ауасҭара сылоуп ҳәа анрасҳәа, акәыз џьыршьан...Антресольтә шьқаԥ ашәқәа арма-ӷьырма ианҿаҳҵа, шәыбзада акагь шәылам, шәарҭ кавказаа “ашашлыкьфацәа” ҳәа дҳаҵаҟьеит ҳапрораб хада... Уажәы ааигәа сеиҭарыхәаԥшуан уахь, Иркутскҟа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа исзырҩуаз асалам шәҟәқәа: Иван Ҭарба, Алықьса Гогәуа, Владимир Аҵнариа, Џьума Аҳәба, Мушьни Миқаиа, Денис Чачхалиа,Рауль Лашәриа уҳәа аӡәырҩы. Шаҟа иҟәандоузеи урҭ ражәақәа, шаҟа уаҩышәара, гәыбылрацқьа рыҵоузеи урҭ.– Владимир, иарбан культуратә хәшҭаароу раԥхьаӡа аусура уахьалагаз, насгьы, уара насыԥс иуоуит ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа аӷьараҳәа ианыҟаз урыхьӡартә, уимоу,апоезиатә еиԥылара дуқәа рҿы ажәеинраалақәа урыцаԥхьартә акырынтә алшара уоухьан, "иуқәыԥсахьан" анапеинҟьабжьқәа рацәаны.– Раԥхьаӡа аусура сахьалагаз Д. Гәлиа ихьӡ зхыу Тамшьтәи арҵаҩратә школ аҿы ауп. Араҟа алитературеи аҭоурыхи сырзаԥхьон. Аԥышәа ду змаз, аԥсуа литература ӷәӷәала иазҿлымҳаз арҵаҩцәа сахьрылагылаз- сгәы иазҳауан, мҵәыжәҩада сарԥыруан. Сгәы сыхьуеит, избанзар аҵара зсырҵоз ашколхәыҷқәа рахьтә аӡәырҩы, нас, 1992 шықәсазы, ақырҭуа агрессор данҳақәла, напышьашәала аӷа иҿагыланы ишеибашьуаз иҭахагәышьеит. Урҭ иржәша аӡыхь ахы ыҵнамхыцызт. Рыԥсы сакәыхшоуп, рызегь фырхацәоуп! Нас зда ҳамам ҳгазеҭ “Аԥсны ҟаԥшь” аҿы аусура салагеит. Агазеҭ иснаҭаз рацәоуп: аԥышәа, ажәа, аҳәоу артәашьа, аԥсҭазаара акәама-ҵама, ауаа рыԥсихологиа амаӡақәа...Агазеҭ амаакыра ӷәӷәа змоу цҳакы иаҩызоуп ашәҟәыҩҩи ауаа-хархьқәеи рыбжьара. Нас зегь ҳалақәа ҭраа ҳаззыԥшыз Аԥсуа телехәаԥшрахьы сиаргеит редакторс 1979 шықәсазы. Ателехәаԥшра, арадио рҭоурыхаҿы иҟоуп сара снапкымҭа, сара сроль. Еиҳаракгьы 1989 ш. азы редактор хадас Ш. Ԥлиа сивагыланы лацәааихьшь ҟамҵа аус зуан ақырҭцәа ҳазларгалаз аинформациатә еибашьраҿы, хьаҵрак ҟамҵа ҳаԥсуа жәлар ринтересқәа хьчауа. Аамҭакала Мушьни Лашәриа напхгара ззиуаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿгьы аус зуан консультантк иаҳасабала. Иашоуп, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа дуқәа срыцны аԥсуа қыҭақәа сырҭаартә, сажәеинраалақәа срыԥхьартә алшара соуит. Ҿыц алитература ду ашҟа амҩахәасҭа ылызхуа апоет изын уи насыԥ дууп. Даур Занҭариеи сареи ҳшыҷкәынцәаз СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳаларҵеит. Уи мариамызт. Аха ҟыбаҩ хәыҷык шҳалаз рбазар акәхап ҳаиҳабацәа, ҳныҳәа-ныԥхьаны амҩа ҳақәырҵеит... Дара аклассикцәа рыбжьы ахьуаҳауа, рышәшьыра уҽныҵакны агылара азин ахьурҭогьы акыр иаԥсоуп. Урҭқәа зыԥсоу иаҳа еилыскаауа салагеит ҷыдалагьы иахьа, зыда ԥсыхәа ҳамам, ҳҿы зырцәажәо ҳаԥсуа бырлаш-бызшәа ашәарҭа ианҭагылоу аамҭазын... Ма хашҭра ақәума амҩа ҳанықәыз ашәҟәыҩҩцәа еибырҳәоз алаф, урыԥҳақәа зрыцқьо, рыԥсы дзыршьо урҭ риумор џьашьахәы.– Уара Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы консультантс аус уухьан, аредакциақәа урыдҳәалан, уажәеинраалақәеи укритикатә статиақәеи еидызкылоз ушәҟәқәа ҭыҵхьан, ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" аиҿкааҩцәа уреиуан, уи ашьҭахь ауп 1989 шықәсазы Лыхнытәи Аԥсуа Жәлар реизара дуӡӡаҿы иҟаҵаз ааԥхьара уанаԥхьаз… Ҳара ҳабиԥара реиԥш, абиԥарақәа зегьы уи аҽны уалыркааит, ибзиаӡаны исгәалашәоит зегьы ухьӡ еимырҟьо ишырҳәоз, уаԥхьашьа, удикциа, уи иаҵаз агәаӷь, ахаҵара, агәымшәара.– Лыхнашҭа усҟан иҟалаз ахҭыс- аԥсуаа зегь доуҳала ҳаӡрыжәит, ҳахдырра арҿыхеит, ахақәиҭратә цәқәырԥа ду арҵысит. “Аидгылара” анапхгара сыгәра ганы Аԥсуаа Ҳманифест аԥхьара ахьсыдыргалаз- азныказын сшьара сықәнаҟьеит. Аха аҟамчԥҵаҵагьы сыҵнахит. Маҷк сшьамхқәа ааҟәарҟәарзаргьы, сымч ақәхеит, 35 нызқьҩык мшынҵас еилацәқәырԥо иахьеилагылаз, сзыԥхьоз атекст ӷәӷәа- ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа рхышыҩҵар иарҿиаз атекст - азнагашьа сақәшәеит. Сыбжьы аныҩбжьы, синтонациа сара схаҭа исаҳауан. Уи даара крызҵазкуа ҽԥышәагоуп. Уи ааԥхьара аус ауит, адеколонизациа ашҟа, Қарҭаа рхәура аҭыҵра ашҟа ҳамҩақәа аанартит...– Аибашьра аани, аибашьра ашьҭахьи Аԥсуа ателерадиоеилахәыра уеиҳабын, Аԥсны Ахада Владислав Григори-иԥа даара дуқәгәыӷуан, изааигәаӡаз рахь уишьон, избанзар, ҳажәлар хаҵарыла аибашьра ралгаразы уаҟа игалар акәын иреиӷьӡаз ҳаинтеллигенциа рыбжьы… Уимоу, сара ибзиаӡаны исгәалашәоит Москва уҭыхратә гәыԥ уманы уцаны СССР Жәлар рдепутатцәеи Урыстәылатәи ачынуаа дуқәеи ушрыҿцәажәаз, ҳажәлари ҳаԥсадгьыли рзы шаҟа ажәа ԥха дурҳәаз…– Иашоуп, Анатоли, Владислав ду ихыԥша зегьы иаҳнырит, Москва, Кремль иара ибзоурала алшара ҳаут ҳрыҿцәажәартә еиԥш аполитикцәа нагақәа, аӡәырҩы: В. Иванов, И. Калмыков, Г. Старовоитова, Л. Батынскаиа, О. Сулеименов, Ф. Бурлацки, С. Хаджиев, Н. Фиодоров, Ц. Нимбуев, В. Белов, В.Варенников, амитрополит Питирим уб. аӡәырҩы. Иахьагьы иргәалашәоит аӡәырҩы усҟантәи ҳрепортажқәа, ҳинтервиуқәа—уи аинформациатә цәқәырԥа ҿыцын аԥсуаа ҳзын...– Владимир, уара Аԥсны Аиҳабыра рҿы аҭыԥ дуқәа аанукылон, зны Акультура аминистрс уҟан, зны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс, зны Аԥсны Ахада ицҳаражәҳәаҩыс. Уахьгылазаалакгьы, ҳдоуҳатә культура уазҿлымҳан, цҳас уҳабжьан аиҳабыреи ҳареи!.. Ахаан исхашҭуам ҳжурнал "Алашара" "амҵәыжәҩақәа" анҿдырҟәҟәаауаз ушырҿагылоз, убжьы аӷьеиҳәа ишургаз, министрцәақәак урҭ зықәгылаз рдацқәа ахьынтәаауаз шыргәалауршәаз!.. Уареи сареи бзиа иаабо Асовет шәҟәыҩҩы ду Чингиз Аитматов џьара иҳәахьан: “Любовь и поэзия погибают от соприкосновения с властью“ ҳәа. Аха уи уара иуԥырхагамхаӡеит, уацәцеит, иҟалап, убаҩхатәра уеиқәнархазаргьы, аиҳабырарҿы аус анууазгьы, иара акәкәыҳәа иуцрыхозар акәхарын… Уи Баграт дугьы ихигахьан, Аԥсны Иреиҳаӡоу Апрезидиум Ахантәаҩыс даныҟаз, ҵҩа змамыз аизарақәа дырцәыбналаны арҿиара иҽанеиҭоз ыҟан… Мамзар дхәаҽуан.– Ачынуаҩра, ҳәарас иаҭахыузеи, ашәҟәыҩҩы- ажьақца аиха шафо еиԥш, даара доуҳала дыҵнашәаауеит... Аха сара снапы ианыз амаҵурақәа рҿы исылшоз ҟасҵон амилаҭтә интеллигенциеи аиҳабыреи реимадара бжьамӡырц азын. Еснагь џьара акала срыҵгәон ҳҟазацәа иқәдыргылоз азҵаарақәа, хьаас исыман аҳәынҭқарратә бызшәа, лассы-лассы еизызгон аҳәынҭқарратә бызшәазын акомиссиа ҳҵарауаа злахәыз аилатәара ҷыдақәа. Амала абиурократиатә система иаҽхьну ауаа абызшәеи адоуҳатә хәарҭарақәеи рышҟа рхьарԥшра даара иуадаҩуп. Рыцҳарас иҟалаз, урҭ маҷк хыхьынтәи, акьан иқәтәаны ҳажәлар рыпроблемақәа ирыхәаԥшуа, аҟьыҵәыра иламгылац уаауп. Аха зегь акоуп иқәԥалатәуп, ҵаҟа илбаагалатәуп зхашәах зымбо амаҵурауаа. Уаҳа ԥсыхәа ыҟам. Ажурналқәа “Алашара”, “Амцабз”, “Аҟәа-Сухум”- ҳлитературеи ҳҭоурыхи ирҿахәҳәагақәоуп. Урҭ ҽырхықәымҵарыла ирызныҟәо- имилаҭ знысыз амҩа издырам, длашәуп, дҿаҳадагәоуп.Убри аҟнытә саргьы сацәыԥхашьомызт урҭқәа ззеилымкаауа реилыркаара. Акультура аминистрс саныҟаз уахгьы-ҽынгьы сзышьҭақәаз иреиуан Нхыҵтәи ҳашьцәеи, ҳадиаспорақәеи ҳареи культурала ҳаиҿцаарақәа, ҳаигәныҩрақәа рымҽхак арҭбаара. Ирацәан ацәыргақәҵақәа, афестивальқәа. Хылаԥшыда инымхеит Фазиль Искандер, Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа, Џьума Аҳәба, Алықьса Џьениа, Таиф Аџьба, Марина Ешба, Валери Гамгиа уҳәа ирыдҳәалаз ахәылԥазқәа, агәалашәарақәа. Ҳалаԥш рхын Хьыбла Гьарзмааԥҳа, Алиса Гыцԥҳа. Аԥсуа театр анишақәа рҿы иқәыргылахеит В.Г. Арӡынба иаԥшьгарала М. Зыхәба, А.Агрба, Л. Касаланӡиа, Шә. Ԥачалиа рбаҟақәа. Урҭқәа зегьы сџьабаа ахьрыду – маҷк сгәы аҟажоит.– Владимир, уара есымша ҳлитератураҿы аҿар улаԥш рхуп, урҭ реизҳара уеигәырӷьоит, уагьацхраауеит… Нас дара рҟынтә иалукаауада иахьа?! Иуҳәар ҟалоит, иахьа ҳара иҳамоуп ҳәа даара узеигәырӷьаша алитература бзиа… Аха, сара сгәаанагара ала, уи иҵегь еилыршәшәатәуп, уаҵәы игыло ҳҿар ирызнагалатәуп иреиӷьӡоу алхны. Шәҟәыҩҩк, поетк, иааиҩхьоу зегьы том рацәала иҭыжьны ҳаԥхьаҩцәа рыҭара сақәшаҳаҭым. Уи иаҳҳәап ддуӡӡазар акы иамусуп, аха ибжьаратәу ашәҟәыҩҩы, уи аҩыза "иаршьцылара" ҳлитература зегьы иазеицәоуп, ҳаԥхьаҩцәагьы ацәгьеи абзиеи рзеилмырго иаанхоит. Хара ҳазцои, макьана Гәлиеи Шьынқәбеи рышәҟәқәа иааизакны ишахәҭоу иҭаҳмыжьӡацт, урҭ "рхыԥара" аӡәгьы иҳанаижьӡом мышкызны ҳдоуҳатә культура иӷәӷәаны згәы азыбылуа аҿар анеиҵагылалак…-Анцәа имчала, алитературатә традициа еиԥымҟьеит, ҳдоуҳатә-сахьаркыратә дунеиаҿы маҷ-маҷ рҭыԥ ааныркылоит: - Д. Габалыиа, А. Чхамалиа, А. Ҷыҭанаа, А. Жьиԥҳа, Шь. Бганԥҳа, А. Аҟалӷьба, Д. Габниаԥҳа, И. Гыцба, А. Гәынба,Н. Џьынџьалԥҳа, С. Ҳаџьымԥҳа, Е. Ҭодуаԥҳа, И. Кәыҵниаԥҳа, Џь. Инџьгьиа, Ҳ. Џьыкырба, В. Хәырхәмалԥҳа. Сгәанала, иаҳа ихьысҳауп апроза ажанр, адраматургиа. Иҟоуп аҿар ирықәҿиаз, ирықәымҿиаз, аха аус злоу аҿар рбызшәа агәыбылра, уи агьама-ҧшқарах рқьышә иқәкыуп. Абаҩхатәра шрылоу ҩашьом. Ргәы ахыршәатәым. Амузыкаҿы дыссирха Барас Кәыџба дышцәырҵыз еиԥш , ҳмилаҭтә литератураҿгьы ус зажәа-зҳәоу хатәраны ицәырҵуа ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа шыҟало азы гәыҩбарак сымам. Ирацәажәалатәуп, ргәы азырхаҵалатәуп. Хаҭала, Анатоли, уара редактор хадак иаҳасабала алитератураҿ ицәырҵуа аҿар улаԥш рхыуп. Ажурнал ахь амҩа рзаауртуеит. Уи шьарда зҵазкуа усуп.- Ҳлитератураҿы адраматургиеи акритикеи даара ихьысҳахеит… Ҳтеатр аԥсуа песазы "иҿажәкуеит", ҳакритика Владимир Аҵнариа "иҟамчы" гәхьаанагоит. Акырынтә иҟалахьеит урҭ ажанрқәа ахьҳамам азы, ҳара ажурнал "Алашараҿы" дара ирзыԥҵәоу апремиақәа егьырҭ ажанрқәа ианраҳҭо…– Адраматургиеи, акритикеи, асахьаркыратә очерки,ахәыҷтәы литературеи рызҵаара – ҷыдала излацәажәатәу, акультура аминистррагьы, ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаарақәагь зхаҵгылаша проблемоуп. Уи ахала ахы азҿыхӡом, иацхраатәуп. Анс акәу, арс акәу стол гьежьқәакгьы зызктәу хырхарҭақәоуп. Иҳалшо ҟаҳҵароуп ҳаргьы.– Владимир, ушсырааԥсаз збоит, аха аҽыжәла бзиа аныҟәашәа аныргәаԥхалак ауп анапеинҟьабжьқәагьы анаиуа!.. Исгәалашәоит, шықәсқәак раԥхьа Гогәуеи сареи аиҿцәажәара ду мҩаԥаагеит "Спутник Аԥсны" аҟны, аҵыхәтәан иажәа убас ихиркәшеит;- "абри уара иахьа ажьаӷьарҩага скылухит!" ҳәа. Уажәы уаргьы маҷк усыргәамҵит аха, рыӡбахә уҳәар сҭахуп аҵыхәтәантәи ажәа-шықәсазы ҳлитература иаланагалаз, уара даара узеигәырӷьаз апоезиаҿгьы апрозаҿгьы шәҟәқәак. Избанзар, уареи сареи иахьатәи ҳаицәажәара "Спутник Аԥсны” анаҩсгьы, ԥыҭрак ашьҭахь, ҳлитературатә журнал "Алашарагьы" ианаҳҵоит, уаҟа уара упрофесионалтә гәаанагара иазыԥшу аԥхьаҩцәа даара ирацәаҩуп…– Иҟоуп аԥҵамҭа хатәрақәа. Аҭоурыхи алитературеи рзын аҵакы ӷәӷәоуп Б. Шьынқәба имшынҵақәа хаз шәҟәны рҭыҵра. Иаҳҳәозар, иалкааны иазгәаҭатәуп А. Гогәуа аибашьра иазкыу иажәабжьқәа, иповестқәа. Адоуҳахылҵшьҭра иазкыу М. Лашәриа ипоема. Аепикатә жанр ханарҭәааит Рушьбеи Смыр ипоема “Семра”. Даур Наҷҟьебиа ипроза апсихологизм иаҳа-иаҳа аҽарҵаулоит. Иаҳҳәозар, ажәабжь “Аҵеиџь” аибашьра адрама ахамышҭыхә иҭанаргылаз ауаа рлахьынҵа инарҵауланы уазнархәыцуеит. Хҭыск иаҩызахеит Анзор Мықәба ипроза ҭырқәшәала иахьҭыҵыз, Даур Занҭариа иажәабжь “Енџьы-Ҳаным” ԥшь-бызшәак рыла адунеи ахьабаз. Г. Аламиа Нарҭаа ртемала иаԥиҵаз ахәыҷтәы поема афилософиатә ҵаҵӷәы улаҧш иҵамшәарц залшом. Гәында Сақаниа лпоезиа ҩ-томкны аҭыҵра-хҭыс ҟаимаҭуп. Ллирика ҩнуҵҟала аҽарбеиоит Гәында Кәыҵниаԥҳа. Анатоли, уара уажәеинраалақәа рҿы избоит рацәак ҳалаҧш иҵамшәо аԥсҭазааратә ниуансқәа бла-ҿыцла рҭаԥшыхәра ушашьҭоу, насгьы иалкаатәу фактуп аибашьра атема иазкыу ушәҟәы “Ануаа рхәы” аҭыҵра. Инна Аҳашԥҳа, Енвер Ажьиба, Дмитри Габалыиа, Заира Ҭҳаиҵыхә рлирикаҿы иҟоуп агәҭыха, ахьаа, аимгаимцаратә цәалашәарақәа, аха аус злоу урҭ асахьаркыратә цәа рыҟәнуп. Рсахьаркыратә ԥшаарақәа лабҿаба иубартә иҟоуп -Ҳаири Қәҭарбеи, Октаи Чкотуеи. Тәамҩахә ҟамҵа рыԥшаарақәа рымҩахәасҭа ишаныц иануп Вахтанг Аԥҳазоуи Сергеи Агындиеи. Хҭыск иаҩызахеит Инал Гыцба Б. Шьынқәба ипоетика иазкны иихьчаз акандидаттә диссертациа. Улаԥш иҵамшәарц залшом В. Бигәаа илитературадырратә статиа хатәрақәа, насгьы уи хаз шәҟәны иҭижьыз ажурнал “Алашара” абиблиографиатә еишьҭагыланҵа. Уи енциклопедиатә жәарк иаҳзаҩызахеит. Аӡбахә саҳауеит ҳџьынџьуаҩ Беқир Ашәба ишәҟәы ҿыцк.– Уажәшьҭа ҳаиасып алитературатә "мшын ҵаулахь". Аурыс шәҟәыҩҩы ду Андреи Битов џьара иҩхьеит: "Великие книги не сложны, а недоступны" ҳәа! Рыӡбахә уҳәар сҭахуп аԥсуа романқәа аламҵакәа, адунеиаҿ узыԥхьахьоу милаҭла еиуеиԥшым ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рҟынтә иалукааз ароманқәа жәаба. Издыруада ҳаԥхьаҩцәа ԥыҭҩыки уареи гьамала шәеиқәшәозар?!– Ф. Достоевски - “Аишьцәа Карамазоваа”, Л. Толстои - “Анна Каренина”, Г. Флобер- "Мадам Бовари", Г. Мопассан - "Аԥсҭазаара", У. Фолкнер- “Ахан”, Д. Селинджер- “ Ачарҭаҿы- атыша ахықәан”, Ф. Мориак- “Абзиабара ацәҳәыра”, А. Камиу - "Аҿкы", Кобо Абе - "Атәым хаҿы", Ф. Искандер - “Сандра - Чагьамтәи”.– Уажәшьҭа инеиҵыхыз гәыкалатәи ҳаиҿцәажәара ахыркәшарахь ҳаиасып… Аха ус уаҳзышьҭӡом, ухынҩеижәижәаба шықәса иаԥугало арҿиамҭа ҿыцқәа рыхьӡқәа ҳаумҳәакәа!.. Урҭ, ҳара иахьеи-уахеи аинтернет иҭоу, ажурналқәеи агазеҭқәеи зауа иаабоит, ҳрыԥхьоит, аха аамҭала уанӡа знапы "мнаӡо", зҟынӡа имнеиц урҭ рзыԥшааразы мҩақҵагак раҳҭар ҳҭахуп.– Хара имгакәа иҭыҵраны иҟоуп аԥсышәала споезиеи сыпрозеи реизга ( Иалкаау). Аҭыжьра иазырхиахоит савтобиографиатә роман “ Иацтәи ашҟа ицәыҵраау аҩнашә” (Дверь, приоткрытая во вчера...” Акьыԥхь иазрхиоуп сусумҭа “Аԥсуа фразеологизмқәа –дунеихәаԥшратә философиатә хыҵхырҭак аҳасабала”. Снапы алакыуп даҽа жәабжьк. Сажәеинраала ҿыцқәа, аинтернет аҿы ркьыԥхьра саҿуп. Хазы иҟоу шәҟәны иҭужьыртә иҟоуп.– Иҭабуп Владимир Константин-иԥа, иахьа узԥыло уирамш удысныҳәалоит, даара уаҩ деигәырӷьаратә иҟоуп уи Аҟәа агара Цәыббра 27 амш ныҳәа иахьақәшәаз! Ус анакәха, ҳарҭ зегьы ҩ-ныҳәак еицазгәаҳҭоит, ҩ-ныҳәаҿак ҭыркәамҷаан иаажәуеит!.. Амала иудыруаз, уиубилеи аҿы снапы ҭацәны сшымнеиуа, пародиа бзиак "атәыҩа" ианкны иузназгоит. Ԥсра-ӡра ақәымзааит Аԥсуа Иажәа, иара амаҵ зуа ҳҩызцәа зегьы Алԥха рымазааит!– Иҭабуп, Анатоли! “Спутник Аԥсни” “Алашареи” рҿы абас инарҭбааны сахьцәыруго – сгәы иазнарҳауеит. Ашәҟәыҩҩы игәы ԥшқоуп. Амаҷоуп ииҭахыу- арҿиаратә гәазыҳәара ду изцәырҵырц азын.
https://sputnik-abkhazia.info/20230927/zanaria-eieieit-ishysa-dshyrzyou-aty-1048269332.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211211/tamakh-zmam-apoet-aaraua-vladimir-zanaria-itsazhara-1036609844.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221016/ashy-aaularei-amkhaki-anybaau-vladimir-zanaria-iriama-ayrgara-iazkny-1042080350.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102513/01/1025130145_39:0:1372:1000_1920x0_80_0_0_7fbcf47313a7152314dcd6aa3186ddb8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Владимир Занҭариеи сареи қәрала аа-шықәса рҟынӡа шҳабжьоугьы, зныкгьы исимырдырырц иара дышсеиҳабу, есымша ҳаиқәлацәоушәа, изакәызаалак "ҳәаак" ҳабжьамҵаӡакәа дсацәажәоит.
Ус дыҟан аиҳабыра рҿы аҭыԥ дуқәа рҿы аус аниуазгьы, ус дыҟоуп иахьагьы. Иҟалап уи еиҳараӡакгьы изыхҟьо иара данҩыҵшәа инаркны ижәлар рыцәгьа-рыбзиа дахьалагылаз азы акәзар, ибзианы иахьидыруа азы акәзар аԥсуа иҵасқәа, иҟазшьақәа, избанзар, уаԥсуаны, егьа аҵара умазаргьы, егьа уҟәышзаргьы, егьа аҭыԥ ҳракқәа рҿы угылазаргьы, ужәлар уахьынӡашьҭырхуа уеиҳаны ухы убо уаналага, иаразнак улбааргоит!.. Убри азы, убри аганахь уазхәыцуазар, Владимир ижәлар бзиаӡаны идыруеит, рҟазшьеи рыԥсихалогиеи еиликаауеит, рдоуҳа дазааигәоуп, иахьа зқьҩык рыгәҭа днаургыларгьы, ишрацәажәатәу идыруеит, ахәыц еиҟәиршәоит.
Ажәакала, амцхә ажәа шәзасыршьуеи, 70 шықәса зхыҵыз апоет-академики сареи гәата-бӷата ҳаицәажәар сҭахуп, ҳмыццакыкәа, хрыжь-хрыжь. Сара убри аҩыза ацәажәара мҩаԥызгахьеит ирацәаҩны ҳашәҟәыҩҩцәеи, ҳҵарауааи, ҳкультура ауысзуҩцәеи рҿы. Исгәалашәоит, шықәсқәак раԥхьа Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гәогәуеи сареи ҳаиҿцәара анҵәамҭаз исеиҳәа: "аҩыза, ажьаӷьарҩага скылухит иахьа!" Ус анакәха, Владимиргьы дзацәцом уи "алахьынҵа", избанзар, уи ииҳәаша рацәаны имоуп, насгьы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апроза дазхьаԥшуа далагеит, иҩхьеит ажәабжьқәа, аповестқәа, ароман, аԥсышәалагьы урысшәалагьы… Ибзиан идыруеит аԥсуа мацара акәымкәа, адунеитә литература… Ус анакәха, ацәажәатә рацәоуп, анцәа иҟынтә, ҳзацәажәогьы мап ҳцәикӡом, избанзар, ус аҟаҵара аиубилеитә традициақәа ирыҵаркӡом, иахьа игәы ҟьаҟьаӡа иааиртыроуп.
- Владимир, уара зхәыҷра аамҭаз апоет Мушьни Миқаиа иҳәалон еиԥш, конфеҭ хыцәқәала иааӡаз ахәыҷқәа уреиԥшӡам, иухугеит аибарагьы, амамзааргьы, ахьҭагьы, аҭакаргьы… Аха уи уара еиҳагьы уарҵәит, уарӷәӷәеит, уаӡрыжәит. Иугәаламшәои Бернард Шоу иажәақәа: "Человек как кирпич, обжигаяась он твердеет…" Ус анакәха, иаҳгәалаҳаршәап ухәыҷра ашықәсқәа, Тамшьтәи шәыҩны шәашҭа ԥшӡа, уаҟа унапала иургылаз аԥацха хазына!.. Тамшьтәи ашкол хьтәы медалла уаналга Аҟәа Горки ихьӡ зхыз арҵаҩратә институт уҭалеит, уаҟа аҵара еицышәҵон абаҩхатәра бзиаӡа змаз ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариеи уареи… Ҳарзааҭгылап урҭ ашықәсқәа, цәгьала ихаазар акәхап урҭ амшқәа "рсаранџьқәа", уи ашьҭахь арра ухугама?
– Ааи, Аҟәатәи арҵаҩратә институт сара Москватәи ауниверситетгьы исзаҩызан, Сорбонагьы, Кембриџьгьы исзырҩызан... Усҟан даара хшыҩла, дыррала иазыҟаҵаз, пату зқәыз аҵарауаа алекциақәа ирыҧхьон. Урҭ рыӡбахә сҳәоит савтобиографиатә роман ҿыц аҿы. Даури сареи ҳлекторцәа нагақәа рцәажәара лаф-зҩыдала ианаҳхырҷозгьы ыҟан... Усҟан иаагәаӷьхьан апародиатә хҿақәа “реигәыдҵара”, уи моу, дара ҳлекторцәагьы ҵәык нарылаҳҵар цәгьа иаабомызт. Уи атәы бзианы илдыруеит Светлана Қәарсаиаԥҳа. Сҵәылаҵарақәа ирыхҟьаны аԥышәара ҩынтә аҭира ансықәшәахьазгьы ыҟан. Светлана ҳекспромтқәа ҳзылҵәахуан. Аинститутаҿы акәзар ҟалап ҳлитературатә ҽазышәарақәа рдац-ԥашә ӷәӷәахартә алшара ахьҳауз. Аиашазын, хашҭра сызрықәым В.П. Анқәаб напхгара ззиуаз астудентцәа рлитературатә хеидкыла имҩаԥнагоз аиԥыларақәа. Уахь зныкымкәа имҩахыҵхьан- Б. Шьынқәба, А.Гогәуа,Ш. Инал-иԥа, М. Лашәриа, Гь. Гәыблиа, Н. Кәыҵниа, Н. Ҳашыг, В. Амаршьан, Р. Смыр, Г. Аламиа уҳәа аӡәырҩы. Еилҳаргахьан рышәҟәқәа. Иҟалон ҵхыбжьагәазынӡа ҳаидшыланы шәҟәык иагыу-иабзоу ҳаналацәажәоз. Алитературатә ԥсҭазаара ду аӡмыжь-еилыҽҽарақәа ҳарцәымшәартә агәаӷьра ҳазҭаз, романтикала иҭәу убарҭ ашықәсқәа роуп, сгәанала. Ааи, уи ашьҭахь арра исыԥхьеит. Иркутск азааигәара аргыларатә баталион аҿы сибратәи аӡынра, аҷыхь, асыҭәҳәа слымҳақәа ҿнарҳәацаауа, сҽасыршьцылеит уатәи арежим – џьбара. Ԥыҭҩык аԥсуаа ҳаицын. Аӡын иааулакь аказарма аҩнуҵҟа иаҳхаагон, ҭӡыгазеҭк ҭҳажьуашәа ҟаҵаны. Аха ааԥынра шааиз еиԥш “вперед, вперед, нахрен!.." ҳәа афицарцәа рыҩны ахьдыргылоз аҭыԥахь ҳдәықәырҵеит. Уаҟа ауасҭацәа ргәыԥ аиҳабыс сҟарҵеит, ауасҭара сылоуп ҳәа анрасҳәа, акәыз џьыршьан...Антресольтә шьқаԥ ашәқәа арма-ӷьырма ианҿаҳҵа, шәыбзада акагь шәылам, шәарҭ кавказаа “ашашлыкьфацәа” ҳәа дҳаҵаҟьеит ҳапрораб хада... Уажәы ааигәа сеиҭарыхәаԥшуан уахь, Иркутскҟа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа исзырҩуаз асалам шәҟәқәа: Иван Ҭарба, Алықьса Гогәуа, Владимир Аҵнариа, Џьума Аҳәба, Мушьни Миқаиа, Денис Чачхалиа,Рауль Лашәриа уҳәа аӡәырҩы. Шаҟа иҟәандоузеи урҭ ражәақәа, шаҟа уаҩышәара, гәыбылрацқьа рыҵоузеи урҭ.
– Владимир, иарбан культуратә хәшҭаароу раԥхьаӡа аусура уахьалагаз, насгьы, уара насыԥс иуоуит ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа аӷьараҳәа ианыҟаз урыхьӡартә, уимоу,апоезиатә еиԥылара дуқәа рҿы ажәеинраалақәа урыцаԥхьартә акырынтә алшара уоухьан, "иуқәыԥсахьан" анапеинҟьабжьқәа рацәаны.
– Раԥхьаӡа аусура сахьалагаз Д. Гәлиа ихьӡ зхыу Тамшьтәи арҵаҩратә школ аҿы ауп. Араҟа алитературеи аҭоурыхи сырзаԥхьон. Аԥышәа ду змаз, аԥсуа литература ӷәӷәала иазҿлымҳаз арҵаҩцәа сахьрылагылаз- сгәы иазҳауан, мҵәыжәҩада сарԥыруан. Сгәы сыхьуеит, избанзар аҵара зсырҵоз ашколхәыҷқәа рахьтә аӡәырҩы, нас, 1992 шықәсазы, ақырҭуа агрессор данҳақәла, напышьашәала аӷа иҿагыланы ишеибашьуаз иҭахагәышьеит. Урҭ иржәша аӡыхь ахы ыҵнамхыцызт. Рыԥсы сакәыхшоуп, рызегь фырхацәоуп! Нас зда ҳамам ҳгазеҭ “Аԥсны ҟаԥшь” аҿы аусура салагеит. Агазеҭ иснаҭаз рацәоуп: аԥышәа, ажәа, аҳәоу артәашьа, аԥсҭазаара акәама-ҵама, ауаа рыԥсихологиа амаӡақәа...Агазеҭ амаакыра ӷәӷәа змоу цҳакы иаҩызоуп ашәҟәыҩҩи ауаа-хархьқәеи рыбжьара. Нас зегь ҳалақәа ҭраа ҳаззыԥшыз Аԥсуа телехәаԥшрахьы сиаргеит редакторс 1979 шықәсазы. Ателехәаԥшра, арадио рҭоурыхаҿы иҟоуп сара снапкымҭа, сара сроль. Еиҳаракгьы 1989 ш. азы редактор хадас Ш. Ԥлиа сивагыланы лацәааихьшь ҟамҵа аус зуан ақырҭцәа ҳазларгалаз аинформациатә еибашьраҿы, хьаҵрак ҟамҵа ҳаԥсуа жәлар ринтересқәа хьчауа. Аамҭакала Мушьни Лашәриа напхгара ззиуаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿгьы аус зуан консультантк иаҳасабала. Иашоуп, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа дуқәа срыцны аԥсуа қыҭақәа сырҭаартә, сажәеинраалақәа срыԥхьартә алшара соуит. Ҿыц алитература ду ашҟа амҩахәасҭа ылызхуа апоет изын уи насыԥ дууп. Даур Занҭариеи сареи ҳшыҷкәынцәаз СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳаларҵеит. Уи мариамызт. Аха ҟыбаҩ хәыҷык шҳалаз рбазар акәхап ҳаиҳабацәа, ҳныҳәа-ныԥхьаны амҩа ҳақәырҵеит... Дара аклассикцәа рыбжьы ахьуаҳауа, рышәшьыра уҽныҵакны агылара азин ахьурҭогьы акыр иаԥсоуп. Урҭқәа зыԥсоу иаҳа еилыскаауа салагеит ҷыдалагьы иахьа, зыда ԥсыхәа ҳамам, ҳҿы зырцәажәо ҳаԥсуа бырлаш-бызшәа ашәарҭа ианҭагылоу аамҭазын... Ма хашҭра ақәума амҩа ҳанықәыз ашәҟәыҩҩцәа еибырҳәоз алаф, урыԥҳақәа зрыцқьо, рыԥсы дзыршьо урҭ риумор џьашьахәы.
– Уара Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы консультантс аус уухьан, аредакциақәа урыдҳәалан, уажәеинраалақәеи укритикатә статиақәеи еидызкылоз ушәҟәқәа ҭыҵхьан, ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" аиҿкааҩцәа уреиуан, уи ашьҭахь ауп 1989 шықәсазы Лыхнытәи Аԥсуа Жәлар реизара дуӡӡаҿы иҟаҵаз ааԥхьара уанаԥхьаз… Ҳара ҳабиԥара реиԥш, абиԥарақәа зегьы уи аҽны уалыркааит, ибзиаӡаны исгәалашәоит зегьы ухьӡ еимырҟьо ишырҳәоз, уаԥхьашьа, удикциа, уи иаҵаз агәаӷь, ахаҵара, агәымшәара.
– Лыхнашҭа усҟан иҟалаз ахҭыс- аԥсуаа зегь доуҳала ҳаӡрыжәит, ҳахдырра арҿыхеит, ахақәиҭратә цәқәырԥа ду арҵысит. “Аидгылара” анапхгара сыгәра ганы Аԥсуаа Ҳманифест аԥхьара ахьсыдыргалаз- азныказын сшьара сықәнаҟьеит. Аха аҟамчԥҵаҵагьы сыҵнахит. Маҷк сшьамхқәа ааҟәарҟәарзаргьы, сымч ақәхеит, 35 нызқьҩык мшынҵас еилацәқәырԥо иахьеилагылаз, сзыԥхьоз атекст ӷәӷәа- ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа рхышыҩҵар иарҿиаз атекст - азнагашьа сақәшәеит. Сыбжьы аныҩбжьы, синтонациа сара схаҭа исаҳауан. Уи даара крызҵазкуа ҽԥышәагоуп. Уи ааԥхьара аус ауит, адеколонизациа ашҟа, Қарҭаа рхәура аҭыҵра ашҟа ҳамҩақәа аанартит...
– Аибашьра аани, аибашьра ашьҭахьи Аԥсуа ателерадиоеилахәыра уеиҳабын, Аԥсны Ахада Владислав Григори-иԥа даара дуқәгәыӷуан, изааигәаӡаз рахь уишьон, избанзар, ҳажәлар хаҵарыла аибашьра ралгаразы уаҟа игалар акәын иреиӷьӡаз ҳаинтеллигенциа рыбжьы… Уимоу, сара ибзиаӡаны исгәалашәоит Москва уҭыхратә гәыԥ уманы уцаны СССР Жәлар рдепутатцәеи Урыстәылатәи ачынуаа дуқәеи ушрыҿцәажәаз, ҳажәлари ҳаԥсадгьыли рзы шаҟа ажәа ԥха дурҳәаз…
– Иашоуп, Анатоли, Владислав ду ихыԥша зегьы иаҳнырит, Москва, Кремль иара ибзоурала алшара ҳаут ҳрыҿцәажәартә еиԥш аполитикцәа нагақәа, аӡәырҩы: В. Иванов, И. Калмыков, Г. Старовоитова, Л. Батынскаиа, О. Сулеименов, Ф. Бурлацки, С. Хаджиев, Н. Фиодоров, Ц. Нимбуев, В. Белов, В.Варенников, амитрополит Питирим уб. аӡәырҩы. Иахьагьы иргәалашәоит аӡәырҩы усҟантәи ҳрепортажқәа, ҳинтервиуқәа—уи аинформациатә цәқәырԥа ҿыцын аԥсуаа ҳзын...
– Владимир, уара Аԥсны Аиҳабыра рҿы аҭыԥ дуқәа аанукылон, зны Акультура аминистрс уҟан, зны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс, зны Аԥсны Ахада ицҳаражәҳәаҩыс. Уахьгылазаалакгьы, ҳдоуҳатә культура уазҿлымҳан, цҳас уҳабжьан аиҳабыреи ҳареи!.. Ахаан исхашҭуам ҳжурнал "Алашара" "амҵәыжәҩақәа" анҿдырҟәҟәаауаз ушырҿагылоз, убжьы аӷьеиҳәа ишургаз, министрцәақәак урҭ зықәгылаз рдацқәа ахьынтәаауаз шыргәалауршәаз!.. Уареи сареи бзиа иаабо Асовет шәҟәыҩҩы ду Чингиз Аитматов џьара иҳәахьан: “Любовь и поэзия погибают от соприкосновения с властью“ ҳәа. Аха уи уара иуԥырхагамхаӡеит, уацәцеит, иҟалап, убаҩхатәра уеиқәнархазаргьы, аиҳабырарҿы аус анууазгьы, иара акәкәыҳәа иуцрыхозар акәхарын… Уи Баграт дугьы ихигахьан, Аԥсны Иреиҳаӡоу Апрезидиум Ахантәаҩыс даныҟаз, ҵҩа змамыз аизарақәа дырцәыбналаны арҿиара иҽанеиҭоз ыҟан… Мамзар дхәаҽуан.
– Ачынуаҩра, ҳәарас иаҭахыузеи, ашәҟәыҩҩы- ажьақца аиха шафо еиԥш, даара доуҳала дыҵнашәаауеит... Аха сара снапы ианыз амаҵурақәа рҿы исылшоз ҟасҵон амилаҭтә интеллигенциеи аиҳабыреи реимадара бжьамӡырц азын. Еснагь џьара акала срыҵгәон ҳҟазацәа иқәдыргылоз азҵаарақәа, хьаас исыман аҳәынҭқарратә бызшәа, лассы-лассы еизызгон аҳәынҭқарратә бызшәазын акомиссиа ҳҵарауаа злахәыз аилатәара ҷыдақәа. Амала абиурократиатә система иаҽхьну ауаа абызшәеи адоуҳатә хәарҭарақәеи рышҟа рхьарԥшра даара иуадаҩуп. Рыцҳарас иҟалаз, урҭ маҷк хыхьынтәи, акьан иқәтәаны ҳажәлар рыпроблемақәа ирыхәаԥшуа, аҟьыҵәыра иламгылац уаауп. Аха зегь акоуп иқәԥалатәуп, ҵаҟа илбаагалатәуп зхашәах зымбо амаҵурауаа. Уаҳа ԥсыхәа ыҟам. Ажурналқәа “Алашара”, “Амцабз”, “Аҟәа-Сухум”- ҳлитературеи ҳҭоурыхи ирҿахәҳәагақәоуп. Урҭ ҽырхықәымҵарыла ирызныҟәо- имилаҭ знысыз амҩа издырам, длашәуп, дҿаҳадагәоуп.Убри аҟнытә саргьы сацәыԥхашьомызт урҭқәа ззеилымкаауа реилыркаара. Акультура аминистрс саныҟаз уахгьы-ҽынгьы сзышьҭақәаз иреиуан Нхыҵтәи ҳашьцәеи, ҳадиаспорақәеи ҳареи культурала ҳаиҿцаарақәа, ҳаигәныҩрақәа рымҽхак арҭбаара. Ирацәан ацәыргақәҵақәа, афестивальқәа. Хылаԥшыда инымхеит Фазиль Искандер, Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа, Џьума Аҳәба, Алықьса Џьениа, Таиф Аџьба, Марина Ешба, Валери Гамгиа уҳәа ирыдҳәалаз ахәылԥазқәа, агәалашәарақәа. Ҳалаԥш рхын Хьыбла Гьарзмааԥҳа, Алиса Гыцԥҳа. Аԥсуа театр анишақәа рҿы иқәыргылахеит В.Г. Арӡынба иаԥшьгарала М. Зыхәба, А.Агрба, Л. Касаланӡиа, Шә. Ԥачалиа рбаҟақәа. Урҭқәа зегьы сџьабаа ахьрыду – маҷк сгәы аҟажоит.
– Владимир, уара есымша ҳлитератураҿы аҿар улаԥш рхуп, урҭ реизҳара уеигәырӷьоит, уагьацхраауеит… Нас дара рҟынтә иалукаауада иахьа?! Иуҳәар ҟалоит, иахьа ҳара иҳамоуп ҳәа даара узеигәырӷьаша алитература бзиа… Аха, сара сгәаанагара ала, уи иҵегь еилыршәшәатәуп, уаҵәы игыло ҳҿар ирызнагалатәуп иреиӷьӡоу алхны. Шәҟәыҩҩк, поетк, иааиҩхьоу зегьы том рацәала иҭыжьны ҳаԥхьаҩцәа рыҭара сақәшаҳаҭым. Уи иаҳҳәап ддуӡӡазар акы иамусуп, аха ибжьаратәу ашәҟәыҩҩы, уи аҩыза "иаршьцылара" ҳлитература зегьы иазеицәоуп, ҳаԥхьаҩцәагьы ацәгьеи абзиеи рзеилмырго иаанхоит. Хара ҳазцои, макьана Гәлиеи Шьынқәбеи рышәҟәқәа иааизакны ишахәҭоу иҭаҳмыжьӡацт, урҭ "рхыԥара" аӡәгьы иҳанаижьӡом мышкызны ҳдоуҳатә культура иӷәӷәаны згәы азыбылуа аҿар анеиҵагылалак…
-Анцәа имчала, алитературатә традициа еиԥымҟьеит, ҳдоуҳатә-сахьаркыратә дунеиаҿы маҷ-маҷ рҭыԥ ааныркылоит: - Д. Габалыиа, А. Чхамалиа, А. Ҷыҭанаа, А. Жьиԥҳа, Шь. Бганԥҳа, А. Аҟалӷьба, Д. Габниаԥҳа, И. Гыцба, А. Гәынба,Н. Џьынџьалԥҳа, С. Ҳаџьымԥҳа, Е. Ҭодуаԥҳа, И. Кәыҵниаԥҳа, Џь. Инџьгьиа, Ҳ. Џьыкырба, В. Хәырхәмалԥҳа. Сгәанала, иаҳа ихьысҳауп апроза ажанр, адраматургиа. Иҟоуп аҿар ирықәҿиаз, ирықәымҿиаз, аха аус злоу аҿар рбызшәа агәыбылра, уи агьама-ҧшқарах рқьышә иқәкыуп. Абаҩхатәра шрылоу ҩашьом. Ргәы ахыршәатәым. Амузыкаҿы дыссирха Барас Кәыџба дышцәырҵыз еиԥш , ҳмилаҭтә литератураҿгьы ус зажәа-зҳәоу хатәраны ицәырҵуа ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа шыҟало азы гәыҩбарак сымам. Ирацәажәалатәуп, ргәы азырхаҵалатәуп. Хаҭала, Анатоли, уара редактор хадак иаҳасабала алитератураҿ ицәырҵуа аҿар улаԥш рхыуп. Ажурнал ахь амҩа рзаауртуеит. Уи шьарда зҵазкуа усуп.
- Ҳлитератураҿы адраматургиеи акритикеи даара ихьысҳахеит… Ҳтеатр аԥсуа песазы "иҿажәкуеит", ҳакритика Владимир Аҵнариа "иҟамчы" гәхьаанагоит. Акырынтә иҟалахьеит урҭ ажанрқәа ахьҳамам азы, ҳара ажурнал "Алашараҿы" дара ирзыԥҵәоу апремиақәа егьырҭ ажанрқәа ианраҳҭо…
– Адраматургиеи, акритикеи, асахьаркыратә очерки,ахәыҷтәы литературеи рызҵаара – ҷыдала излацәажәатәу, акультура аминистррагьы, ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаарақәагь зхаҵгылаша проблемоуп. Уи ахала ахы азҿыхӡом, иацхраатәуп. Анс акәу, арс акәу стол гьежьқәакгьы зызктәу хырхарҭақәоуп. Иҳалшо ҟаҳҵароуп ҳаргьы.
– Владимир, ушсырааԥсаз збоит, аха аҽыжәла бзиа аныҟәашәа аныргәаԥхалак ауп анапеинҟьабжьқәагьы анаиуа!.. Исгәалашәоит, шықәсқәак раԥхьа Гогәуеи сареи аиҿцәажәара ду мҩаԥаагеит "Спутник Аԥсны" аҟны, аҵыхәтәан иажәа убас ихиркәшеит;- "абри уара иахьа ажьаӷьарҩага скылухит!" ҳәа. Уажәы уаргьы маҷк усыргәамҵит аха, рыӡбахә уҳәар сҭахуп аҵыхәтәантәи ажәа-шықәсазы ҳлитература иаланагалаз, уара даара узеигәырӷьаз апоезиаҿгьы апрозаҿгьы шәҟәқәак. Избанзар, уареи сареи иахьатәи ҳаицәажәара "Спутник Аԥсны” анаҩсгьы, ԥыҭрак ашьҭахь, ҳлитературатә журнал "Алашарагьы" ианаҳҵоит, уаҟа уара упрофесионалтә гәаанагара иазыԥшу аԥхьаҩцәа даара ирацәаҩуп…
– Иҟоуп аԥҵамҭа хатәрақәа. Аҭоурыхи алитературеи рзын аҵакы ӷәӷәоуп Б. Шьынқәба имшынҵақәа хаз шәҟәны рҭыҵра. Иаҳҳәозар, иалкааны иазгәаҭатәуп А. Гогәуа аибашьра иазкыу иажәабжьқәа, иповестқәа. Адоуҳахылҵшьҭра иазкыу М. Лашәриа ипоема. Аепикатә жанр ханарҭәааит Рушьбеи Смыр ипоема “Семра”. Даур Наҷҟьебиа ипроза апсихологизм иаҳа-иаҳа аҽарҵаулоит. Иаҳҳәозар, ажәабжь “Аҵеиџь” аибашьра адрама ахамышҭыхә иҭанаргылаз ауаа рлахьынҵа инарҵауланы уазнархәыцуеит. Хҭыск иаҩызахеит Анзор Мықәба ипроза ҭырқәшәала иахьҭыҵыз, Даур Занҭариа иажәабжь “Енџьы-Ҳаным” ԥшь-бызшәак рыла адунеи ахьабаз. Г. Аламиа Нарҭаа ртемала иаԥиҵаз ахәыҷтәы поема афилософиатә ҵаҵӷәы улаҧш иҵамшәарц залшом. Гәында Сақаниа лпоезиа ҩ-томкны аҭыҵра-хҭыс ҟаимаҭуп. Ллирика ҩнуҵҟала аҽарбеиоит Гәында Кәыҵниаԥҳа. Анатоли, уара уажәеинраалақәа рҿы избоит рацәак ҳалаҧш иҵамшәо аԥсҭазааратә ниуансқәа бла-ҿыцла рҭаԥшыхәра ушашьҭоу, насгьы иалкаатәу фактуп аибашьра атема иазкыу ушәҟәы “Ануаа рхәы” аҭыҵра. Инна Аҳашԥҳа, Енвер Ажьиба, Дмитри Габалыиа, Заира Ҭҳаиҵыхә рлирикаҿы иҟоуп агәҭыха, ахьаа, аимгаимцаратә цәалашәарақәа, аха аус злоу урҭ асахьаркыратә цәа рыҟәнуп. Рсахьаркыратә ԥшаарақәа лабҿаба иубартә иҟоуп -Ҳаири Қәҭарбеи, Октаи Чкотуеи. Тәамҩахә ҟамҵа рыԥшаарақәа рымҩахәасҭа ишаныц иануп Вахтанг Аԥҳазоуи Сергеи Агындиеи. Хҭыск иаҩызахеит Инал Гыцба Б. Шьынқәба ипоетика иазкны иихьчаз акандидаттә диссертациа. Улаԥш иҵамшәарц залшом В. Бигәаа илитературадырратә статиа хатәрақәа, насгьы уи хаз шәҟәны иҭижьыз ажурнал “Алашара” абиблиографиатә еишьҭагыланҵа. Уи енциклопедиатә жәарк иаҳзаҩызахеит. Аӡбахә саҳауеит ҳџьынџьуаҩ Беқир Ашәба ишәҟәы ҿыцк.
– Уажәшьҭа ҳаиасып алитературатә "мшын ҵаулахь". Аурыс шәҟәыҩҩы ду Андреи Битов џьара иҩхьеит: "Великие книги не сложны, а недоступны" ҳәа! Рыӡбахә уҳәар сҭахуп аԥсуа романқәа аламҵакәа, адунеиаҿ узыԥхьахьоу милаҭла еиуеиԥшым ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рҟынтә иалукааз ароманқәа жәаба. Издыруада ҳаԥхьаҩцәа ԥыҭҩыки уареи гьамала шәеиқәшәозар?!
– Ф. Достоевски - “Аишьцәа Карамазоваа”, Л. Толстои - “Анна Каренина”, Г. Флобер- "Мадам Бовари", Г. Мопассан - "Аԥсҭазаара", У. Фолкнер- “Ахан”, Д. Селинджер- “ Ачарҭаҿы- атыша ахықәан”, Ф. Мориак- “Абзиабара ацәҳәыра”, А. Камиу - "Аҿкы", Кобо Абе - "Атәым хаҿы", Ф. Искандер - “Сандра - Чагьамтәи”.
– Уажәшьҭа инеиҵыхыз гәыкалатәи ҳаиҿцәажәара ахыркәшарахь ҳаиасып… Аха ус уаҳзышьҭӡом, ухынҩеижәижәаба шықәса иаԥугало арҿиамҭа ҿыцқәа рыхьӡқәа ҳаумҳәакәа!.. Урҭ, ҳара иахьеи-уахеи аинтернет иҭоу, ажурналқәеи агазеҭқәеи зауа иаабоит, ҳрыԥхьоит, аха аамҭала уанӡа знапы "мнаӡо", зҟынӡа имнеиц урҭ рзыԥшааразы мҩақҵагак раҳҭар ҳҭахуп.
– Хара имгакәа иҭыҵраны иҟоуп аԥсышәала споезиеи сыпрозеи реизга ( Иалкаау). Аҭыжьра иазырхиахоит савтобиографиатә роман “ Иацтәи ашҟа ицәыҵраау аҩнашә” (Дверь, приоткрытая во вчера...” Акьыԥхь иазрхиоуп сусумҭа “Аԥсуа фразеологизмқәа –дунеихәаԥшратә философиатә хыҵхырҭак аҳасабала”. Снапы алакыуп даҽа жәабжьк. Сажәеинраала ҿыцқәа, аинтернет аҿы ркьыԥхьра саҿуп. Хазы иҟоу шәҟәны иҭужьыртә иҟоуп.
– Иҭабуп Владимир Константин-иԥа, иахьа узԥыло уирамш удысныҳәалоит, даара уаҩ деигәырӷьаратә иҟоуп уи Аҟәа агара Цәыббра 27 амш ныҳәа иахьақәшәаз! Ус анакәха, ҳарҭ зегьы ҩ-ныҳәак еицазгәаҳҭоит, ҩ-ныҳәаҿак ҭыркәамҷаан иаажәуеит!.. Амала иудыруаз, уиубилеи аҿы снапы ҭацәны сшымнеиуа, пародиа бзиак "атәыҩа" ианкны иузназгоит. Ԥсра-ӡра ақәымзааит Аԥсуа Иажәа, иара амаҵ зуа ҳҩызцәа зегьы Алԥха рымазааит!
– Иҭабуп, Анатоли! “Спутник Аԥсни” “Алашареи” рҿы абас инарҭбааны сахьцәыруго – сгәы иазнарҳауеит. Ашәҟәыҩҩы игәы ԥшқоуп. Амаҷоуп ииҭахыу- арҿиаратә гәазыҳәара ду изцәырҵырц азын.