Аԥхын шынаскьаз удырратәы амра шәахәа аҿацара армаҷуеит, аҳауа ахьшәашәара аҵалоит, ашәаԥыџьаԥ иаархәо иалагоит даҽа ԥштәқәак. Абасала асас гәашәқәа аанартуеит ҭагалан.
Ҭагалан иамоуп ахатә агьама, агәалаҟара. Ари ашықәс аамҭазы ишәуеит-иҟалоит ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу ашәырқәа жәпакы. Убарҭ рсиа иалоуп амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи.
Амыҵмыџь
Абжьаратә школ ахь раԥхьатәи ашьаҿақәа еихызгаз ахәыҷы аҵарадырра адунеи амаӡақәа изаазыртуа "Анбан" шәҟәы иагәылоуп абас еиԥш иҟоу ажәеинраала:
"Иԥхеиԥхеиуеит амыҵмыџь,
Икәеикәеиуеит уи арыц.
Мрала иааӡо,
мрала иҩычоу -
Бзиа ишԥазбо амыҵмыџь!"
Амыҵмыџь (даҽакала "аҵыҵмыџь" ҳәагьы азырҳәоит, урысшәала "гранат" ахьӡуп) рацәак зоура дуумхо ҵлажәлоуп. Ҭагаланаз згәы ҟаԥшьуаркалеиуа ашәыр аҿалоит.
Амыҵмыџь лассы-лассы изфо ауаҩы ииммунитет арӷәӷәоит, агәи адақәеи рзы ибзиоуп. Ашьақәыӷәӷәара ҳаракы змоу ауаҩы амыҵмыџь ифалар, ма амыҵмыџь иалху ашәырӡ ижәлар, ишьақәыӷәӷәара аҭышәныртәалара иацхраауеит.
Амыҵмыџьи жәлар рмедицинеи
Амыҵмыџь алымҳахьаа ахәышәтәуеит. Амыҵмыџь амахә ааԥҟаны, амца азааигәара ирԥханы, иалоу аӡы алырхуеит. Ахьаа змаз алымҳа мышк 2-3 цәыкәбар ҭарҭәоит. Убас ҟарҵалоит ахьаа еиқәтәаанӡа.
Ацәама зауз ауаҩы ихәышәтәразы иҟарҵо аԥсуахәшә шьақәгылоуп абас: амыҵмыџьҵла ацәа акрыфага мҳаҵә аҟара ҵәыцак аӡы хьшәашәа наҵаҭәаны жәабаҟа минуҭ ҭынч-ҭынч еиларштәуп. Ианыхьшәашәалак ашьҭахь иаараӡаны сааҭк аҩныҵҟа ҿамҩа-ҿамҩа ижәтәуп (шьыжьхьа уфаанӡа).
Амгәахасра ахәышәтәразы (азгә. "расстроиство желудка"). Амыҵмыџьҵла ацәама-жьыма ыргәӡаны акрыфага мҳаҵә азна, ҩ-ҵәыцак азна аӡыршы наҵаҭәаны, ахҩа лахаршәны 10 минутқ еилауршуеит. Иалҵыз ахәшә мышк ахь хынтә цәыцабжак-цәыцабжак ужәлоит.
Аҷыҷҳәаса
Аҷыҷҳәаса Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иуԥыло ҵлажәлоуп (урыс бызшәала "облепиха" ахьӡуп). Иаҿало ашәыр иҩеижьуаркалеиуеит. Агьама ихаа-хыҵәҵәаауп, иалоуп авитаминқәа Е, С, В, иалырхуа ахәша (азеҭ) хәышә дууп.
Аҷыҷҳәаса шәырқәа ааҿырпны аӡыршы аӡаҭәаны, уахь ацхеи маҷк алимони ауҭар, ахҩа нахаршәны 5-10 минут иаанужьыр, иалҵуеит ауаҩы дзырԥхо, игәабзиара иазеиӷьу ачаи.
Аҷыҷҳәасеи жәлар рмедицинеи
Аҷыҷҳәаса ахәша ацәа чымазарақәеи ахәра ҭыԥқәеи рырӷьаразы имаҭәахуп. Акасыш иаларчачаны ахәрақәа алаҿарҳәоит.
Аҷыҷҳәаса амахәқәеи ашәырқәеи аӡы рыҵаҭәаны еиладыршуан, иаҵыҵуаз аӡы рыхцәы иалдыршон, ахцәкаԥсара ааннакылоит, иарӷәӷәоит ҳәа.
Аҷыҷҳәаса хәша ахәда абжьы агара иахәшәуп. Ацәара ԥшь-сааҭк шагу аҷыҷҳәаса хәша цәыкәбарқәак уԥынҵа иҭоуҭәоит. Ус ҩба-хԥа мчыбжьы иҟауҵароуп еиԥмырҟьаӡакәа, зынӡа ухәда абжьы агара иаҟәыҵырц. Аԥсыԥ лагаҩагара акырӡа иацхраауеит. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".