https://sputnik-abkhazia.info/20250915/agalan-iaamou-amymyi-ayasei-ur-rkhararei-1057529262.html
"Ҭагалан иаҳамҭоу": амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи урҭ рхәарҭареи
"Ҭагалан иаҳамҭоу": амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи урҭ рхәарҭареи
Sputnik Аҧсны
Ҭагалан ашәыр ҳазҭо амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи урҭ рхәарҭареи ирызкхоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал. 15.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-15T09:00+0300
2025-09-15T09:00+0300
2025-09-15T09:00+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/06/1031573881_0:232:3228:2048_1920x0_80_0_0_80dfcb648d531d2777f4ee881420ffe8.jpg
Аԥхын шынаскьаз удырратәы амра шәахәа аҿацара армаҷуеит, аҳауа ахьшәашәара аҵалоит, ашәаԥыџьаԥ иаархәо иалагоит даҽа ԥштәқәак. Абасала асас гәашәқәа аанартуеит ҭагалан.Ҭагалан иамоуп ахатә агьама, агәалаҟара. Ари ашықәс аамҭазы ишәуеит-иҟалоит ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу ашәырқәа жәпакы. Убарҭ рсиа иалоуп амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи.АмыҵмыџьАбжьаратә школ ахь раԥхьатәи ашьаҿақәа еихызгаз ахәыҷы аҵарадырра адунеи амаӡақәа изаазыртуа "Анбан" шәҟәы иагәылоуп абас еиԥш иҟоу ажәеинраала:"Иԥхеиԥхеиуеит амыҵмыџь,Икәеикәеиуеит уи арыц.Мрала иааӡо,мрала иҩычоу -Бзиа ишԥазбо амыҵмыџь!"Амыҵмыџь (даҽакала "аҵыҵмыџь" ҳәагьы азырҳәоит, урысшәала "гранат" ахьӡуп) рацәак зоура дуумхо ҵлажәлоуп. Ҭагаланаз згәы ҟаԥшьуаркалеиуа ашәыр аҿалоит.Амыҵмыџь лассы-лассы изфо ауаҩы ииммунитет арӷәӷәоит, агәи адақәеи рзы ибзиоуп. Ашьақәыӷәӷәара ҳаракы змоу ауаҩы амыҵмыџь ифалар, ма амыҵмыџь иалху ашәырӡ ижәлар, ишьақәыӷәӷәара аҭышәныртәалара иацхраауеит.Амыҵмыџьи жәлар рмедицинеиАҷыҷҳәасаАҷыҷҳәаса Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иуԥыло ҵлажәлоуп (урыс бызшәала "облепиха" ахьӡуп). Иаҿало ашәыр иҩеижьуаркалеиуеит. Агьама ихаа-хыҵәҵәаауп, иалоуп авитаминқәа Е, С, В, иалырхуа ахәша (азеҭ) хәышә дууп.Аҷыҷҳәаса шәырқәа ааҿырпны аӡыршы аӡаҭәаны, уахь ацхеи маҷк алимони ауҭар, ахҩа нахаршәны 5-10 минут иаанужьыр, иалҵуеит ауаҩы дзырԥхо, игәабзиара иазеиӷьу ачаи.Аҷыҷҳәасеи жәлар рмедицинеиАстатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".
https://sputnik-abkhazia.info/20250824/azhi-abatsi-azhynri-ashkharpai-aaa-ausura-iazeiu-ashyrei-zhlar-rmeditsinei-1057100110.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230806/akhra-zyro-akhyrbytsi-zhlar-rmeditsinei-1047322881.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/06/1031573881_497:0:3228:2048_1920x0_80_0_0_97236227ae50fa91c5f360416211dc07.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Ҭагалан иаҳамҭоу": амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи урҭ рхәарҭареи
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Ҭагалан ашәыр ҳазҭо амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи урҭ рхәарҭареи ирызкхоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал.
Аԥхын шынаскьаз удырратәы амра шәахәа аҿацара армаҷуеит, аҳауа ахьшәашәара аҵалоит, ашәаԥыџьаԥ иаархәо иалагоит даҽа ԥштәқәак. Абасала асас гәашәқәа аанартуеит ҭагалан.
Ҭагалан иамоуп ахатә агьама, агәалаҟара. Ари ашықәс аамҭазы ишәуеит-иҟалоит ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу ашәырқәа жәпакы. Убарҭ рсиа иалоуп амыҵмыџьи аҷыҷҳәасеи.
Абжьаратә школ ахь раԥхьатәи ашьаҿақәа еихызгаз ахәыҷы аҵарадырра адунеи амаӡақәа изаазыртуа "Анбан" шәҟәы иагәылоуп абас еиԥш иҟоу ажәеинраала:
Амыҵмыџь (даҽакала "аҵыҵмыџь" ҳәагьы азырҳәоит, урысшәала "гранат" ахьӡуп) рацәак зоура дуумхо ҵлажәлоуп. Ҭагаланаз згәы ҟаԥшьуаркалеиуа ашәыр аҿалоит.
Амыҵмыџь лассы-лассы изфо ауаҩы ииммунитет арӷәӷәоит, агәи адақәеи рзы ибзиоуп. Ашьақәыӷәӷәара ҳаракы змоу ауаҩы амыҵмыџь ифалар, ма амыҵмыџь иалху ашәырӡ ижәлар, ишьақәыӷәӷәара аҭышәныртәалара иацхраауеит.
Амыҵмыџьи жәлар рмедицинеи
Амыҵмыџь алымҳахьаа ахәышәтәуеит. Амыҵмыџь амахә ааԥҟаны, амца азааигәара ирԥханы, иалоу аӡы алырхуеит. Ахьаа змаз алымҳа мышк 2-3 цәыкәбар ҭарҭәоит. Убас ҟарҵалоит ахьаа еиқәтәаанӡа.
Ацәама зауз ауаҩы ихәышәтәразы иҟарҵо аԥсуахәшә шьақәгылоуп абас: амыҵмыџьҵла ацәа акрыфага мҳаҵә аҟара ҵәыцак аӡы хьшәашәа наҵаҭәаны жәабаҟа минуҭ ҭынч-ҭынч еиларштәуп. Ианыхьшәашәалак ашьҭахь иаараӡаны сааҭк аҩныҵҟа ҿамҩа-ҿамҩа ижәтәуп (шьыжьхьа уфаанӡа).
Амгәахасра ахәышәтәразы (азгә. "расстроиство желудка"). Амыҵмыџьҵла ацәама-жьыма ыргәӡаны акрыфага мҳаҵә азна, ҩ-ҵәыцак азна аӡыршы наҵаҭәаны, ахҩа лахаршәны 10 минутқ еилауршуеит. Иалҵыз ахәшә мышк ахь хынтә цәыцабжак-цәыцабжак ужәлоит.
Аҷыҷҳәаса Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иуԥыло ҵлажәлоуп (урыс бызшәала "облепиха" ахьӡуп). Иаҿало ашәыр иҩеижьуаркалеиуеит. Агьама ихаа-хыҵәҵәаауп, иалоуп авитаминқәа Е, С, В, иалырхуа ахәша (азеҭ) хәышә дууп.
Аҷыҷҳәаса шәырқәа ааҿырпны аӡыршы аӡаҭәаны, уахь ацхеи маҷк алимони ауҭар, ахҩа нахаршәны 5-10 минут иаанужьыр, иалҵуеит ауаҩы дзырԥхо, игәабзиара иазеиӷьу ачаи.
Аҷыҷҳәасеи жәлар рмедицинеи
Аҷыҷҳәаса ахәша ацәа чымазарақәеи ахәра ҭыԥқәеи рырӷьаразы имаҭәахуп. Акасыш иаларчачаны ахәрақәа алаҿарҳәоит.
Аҷыҷҳәаса амахәқәеи ашәырқәеи аӡы рыҵаҭәаны еиладыршуан, иаҵыҵуаз аӡы рыхцәы иалдыршон, ахцәкаԥсара ааннакылоит, иарӷәӷәоит ҳәа.
Аҷыҷҳәаса хәша ахәда абжьы агара иахәшәуп. Ацәара ԥшь-сааҭк шагу аҷыҷҳәаса хәша цәыкәбарқәак уԥынҵа иҭоуҭәоит. Ус ҩба-хԥа мчыбжьы иҟауҵароуп еиԥмырҟьаӡакәа, зынӡа ухәда абжьы агара иаҟәыҵырц. Аԥсыԥ лагаҩагара акырӡа иацхраауеит. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".