АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба аҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аҭыԥнҭыҵтәи аиԥылараҿы далацәажәеит Ажәытә ҳабла аинфраструктура аҭагылазаашьеи аиӷьтәреи рызҵаара.
Аҭыԥ аҿы иалацәажәеит амшцәгьа бааԥсқәа раан ахыбқәа аӡы ркылсра, аҵлақәа ркаҿара, амҩақәеи ашҭақәеи ррыцқьара, аҩныҩналарҭақәеи акоммуникациақәеи рҭагылазаашьа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
"Иааиуа амчыбжь инаркны анаплакы "Арҽеира" алагоит Наӡаӡе лымҩеи аҩнеихагылақәа иахьрыҵанакуа аҭыԥқәеи ррыцқьара, иара убас Ешбеи Наӡаӡеи рымҩақәа рҿы аҵлақәа ркаҿара. Арҭ апроблемақәа рыӡбараҿы Ажәытә ҳабла ацхыраара аҳҭалоит", — иҳәеит Ҭарба.
Иара убас, Ажәытә ҳаблеи Аҳабла ҿыци рыбжьара ишиашоу атранспорттә еимадара аиҿкаара иалацәажәеит.
Иара убасгьы Аҟәа ахадара Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҿы ахәмарҭатә ҭыԥқәа ҩба шьақәдыргылоит.