https://sputnik-abkhazia.info/20250917/azhyt-abla-ainfrastruktura-ialatsazheit-aala-akhadara-1057596011.html
Ажәытә ҳабла аинфраструктура иалацәажәеит ақалақь ахадараҿ
Ажәытә ҳабла аинфраструктура иалацәажәеит ақалақь ахадараҿ
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба аҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аҭыԥнҭыҵтәи аиԥылараҿы далацәажәеит Ажәытә ҳабла... 17.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-17T10:15+0300
2025-09-17T10:15+0300
2025-09-17T10:55+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/11/1057594834_0:63:1200:738_1920x0_80_0_0_8a2c249f6a59138265e2ffc3959d5560.jpg
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба аҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аҭыԥнҭыҵтәи аиԥылараҿы далацәажәеит Ажәытә ҳабла аинфраструктура аҭагылазаашьеи аиӷьтәреи рызҵаара. Аҭыԥ аҿы иалацәажәеит амшцәгьа бааԥсқәа раан ахыбқәа аӡы ркылсра, аҵлақәа ркаҿара, амҩақәеи ашҭақәеи ррыцқьара, аҩныҩналарҭақәеи акоммуникациақәеи рҭагылазаашьа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара. Иара убас, Ажәытә ҳаблеи Аҳабла ҿыци рыбжьара ишиашоу атранспорттә еимадара аиҿкаара иалацәажәеит. Иара убасгьы Аҟәа ахадара Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҿы ахәмарҭатә ҭыԥқәа ҩба шьақәдыргылоит.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/11/1057594834_67:0:1134:800_1920x0_80_0_0_1c3f79bbfc88a253337c0c04c003d073.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Ажәытә ҳабла аинфраструктура иалацәажәеит ақалақь ахадараҿ
10:15 17.09.2025 (ирҿыцуп: 10:55 17.09.2025) АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба аҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аҭыԥнҭыҵтәи аиԥылараҿы далацәажәеит Ажәытә ҳабла аинфраструктура аҭагылазаашьеи аиӷьтәреи рызҵаара.
Аҭыԥ аҿы иалацәажәеит амшцәгьа бааԥсқәа раан ахыбқәа аӡы ркылсра, аҵлақәа ркаҿара, амҩақәеи ашҭақәеи ррыцқьара, аҩныҩналарҭақәеи акоммуникациақәеи рҭагылазаашьа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
"Иааиуа амчыбжь инаркны анаплакы "Арҽеира" алагоит Наӡаӡе лымҩеи аҩнеихагылақәа иахьрыҵанакуа аҭыԥқәеи ррыцқьара, иара убас Ешбеи Наӡаӡеи рымҩақәа рҿы аҵлақәа ркаҿара. Арҭ апроблемақәа рыӡбараҿы Ажәытә ҳабла ацхыраара аҳҭалоит", — иҳәеит Ҭарба.
Иара убас, Ажәытә ҳаблеи Аҳабла ҿыци рыбжьара ишиашоу атранспорттә еимадара аиҿкаара иалацәажәеит.
Иара убасгьы Аҟәа ахадара Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҿы ахәмарҭатә ҭыԥқәа ҩба шьақәдыргылоит.