АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы Ксениа Тараканова хә-сахьак Аԥсны Амилаҭтә галереиа ҳамҭас иалҭеит.
Раԥхьатәи х-усумҭак мызқәак раԥхьа ҳамҭас иалҭахьан, ааигәа аҽа ҩба аалгеит.
"Схәыҷаахыс Аԥсны бзиа избоит. Лассы-лассы сҭаацәеи сареи арахь ԥсшьара ҳаауан. Анаҩс, сахьаҭыхҩык лаҳасаб ала апленерқәа схы рыласырхәуа салагеит", — лҳәеит асахьаҭыхҩы.
Асахьақәа ҳамҭас агалереиа аҭаразы аӡбара лыдылкылеит агалереиа амца анакы ашьҭахь. Ксениа раԥхьаӡатәи сахьаҭыхҩуп, зусумҭақәа ҳамҭас агалереиа иазҭаз.
Агалереиа адиректор Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, иахьазы Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа 60 рҟынӡа асахьақәа ҳамҭас агалереиа иарҭахьеит.
Ксениа Тараканова диит Воронеж. 1987 - 1991 шықәсқәа рзы Воронежтәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы аҵара лҵон.
700 инареиҳаны асахьақәа ҭылххьеит. Аҟаза лусумҭақәа Kardasidis Art агалереиа (Афины, Бырзентәыла), Аҟазара аӡыргара афонд (Москва) назлоу адунеи зегьы аҿы хаҭалатәии акорпоративтәии коллекциақәа, урыстәылатәи анаплакҩцәеи акультуратә усзуҩцәеи рколекциақәа, адипломатиатә миссиақәа рҿы иҟоуп.