АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рыдкыларазы ргәаҭара мҩаԥган.
Аилахәыра аусзуҩцәа иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥысуеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба инапынҵала, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭаҿы. Уаанӡа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Амиграциатә маҵзуреи, Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭқарратә инспекциеи русзуҩцәа агәаҭарақәа иахрыжьит.
Агәаҭара Аҳәынҭеилакы ахыбраҿы еиҿкаан, уи аҩнуҵҟатәи ашәарҭадара аҟәшеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра АРАУА (УКОН) ахаҭарнакцәеи рхылаԥшрала имҩаԥысит.
Аусбарҭа аппарат хадеи, аҳазалхратә ҭыԥқәа "Аҟәеи" "Акцизтәи" русзуҩцәа ргәаҭарақәа мҩаԥган.
Агәаҭарақәа раан амаҭәашьар зыдкыло аарԥшхар, урҭ русурахь ахынҳәра азин рымамкәа рмаҵура иалцахоит.