https://sputnik-abkhazia.info/20250918/asny-aazalkhrat-eilaky-auszutsa-zzin-yam-amaashara-rydkylarazy-rgaara-magan--1057633238.html
Аԥсны аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рыдкыларазы ргәаҭара мҩаԥган
Аԥсны аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рыдкыларазы ргәаҭара мҩаԥган
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рыдкыларазы ргәаҭара мҩаԥган. 18.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-18T16:07+0300
2025-09-18T16:07+0300
2025-09-18T16:07+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102281/86/1022818609_0:389:2950:2048_1920x0_80_0_0_dedb8e6f9b27567e262ba728441e3946.jpg
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рыдкыларазы ргәаҭара мҩаԥган.Аилахәыра аусзуҩцәа иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥысуеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба инапынҵала, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭаҿы. Уаанӡа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Амиграциатә маҵзуреи, Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭқарратә инспекциеи русзуҩцәа агәаҭарақәа иахрыжьит. Агәаҭара Аҳәынҭеилакы ахыбраҿы еиҿкаан, уи аҩнуҵҟатәи ашәарҭадара аҟәшеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра АРАУА (УКОН) ахаҭарнакцәеи рхылаԥшрала имҩаԥысит. Аусбарҭа аппарат хадеи, аҳазалхратә ҭыԥқәа "Аҟәеи" "Акцизтәи" русзуҩцәа ргәаҭарақәа мҩаԥган. Агәаҭарақәа раан амаҭәашьар зыдкыло аарԥшхар, урҭ русурахь ахынҳәра азин рымамкәа рмаҵура иалцахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102281/86/1022818609_219:0:2950:2048_1920x0_80_0_0_fae4615e7dbbadfa5cf4f561cf24294e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рыдкыларазы ргәаҭара мҩаԥган
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рыдкыларазы ргәаҭара мҩаԥган.
Аилахәыра аусзуҩцәа иаалырҟьаны ргәаҭара мҩаԥысуеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба инапынҵала, абри атәы
аанацҳауеит аусбарҭаҿы. Уаанӡа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Амиграциатә маҵзуреи, Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭқарратә инспекциеи русзуҩцәа агәаҭарақәа иахрыжьит.
Агәаҭара Аҳәынҭеилакы ахыбраҿы еиҿкаан, уи аҩнуҵҟатәи ашәарҭадара аҟәшеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра АРАУА (УКОН) ахаҭарнакцәеи рхылаԥшрала имҩаԥысит.
Аусбарҭа аппарат хадеи, аҳазалхратә ҭыԥқәа "Аҟәеи" "Акцизтәи" русзуҩцәа ргәаҭарақәа мҩаԥган.
Агәаҭарақәа раан амаҭәашьар зыдкыло аарԥшхар, урҭ русурахь ахынҳәра азин рымамкәа рмаҵура иалцахоит.