АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Гал ақалақь аҿы икаҳаз аҵлақәа ирыхҟьаны ҩнқәак рхыбқәа ааха роуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақалақь анхамҩатә усбарҭа анапхгаҩы Гиа Кәакәасқьыр.
Ӡыӡбахә ҳәоу ԥшь-хатәыҩныки, 2-тәи ашколи, ақьафурҭеи рхыбқәа ироуз ааха ауп.
"Араион ахада ахыбқәа рызҵаара ирццакны иӡбазарц анапынҵа ҟаиҵеит. Ақьафурҭа х-ҵлак ақәҳаит. Акоммуналтә маҵзурақәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аусура иаҿуп иахаахыс", — иҳәеит иара.
Аԥша ӷәӷәа иасыз Самырзаҟанаа рымҩа, Аҭынчреиҿкааҩцәа рымҩа, Королиов имҩа рҿы аҵлақәа канажьит. Урҭ ықәыргахьеит, амашьынақәа рныҟәара еиҭашьақәыргылоуп. Уи адагьы афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит. Уажәы Гал ахәҭак аҿы алашара роухьеит, ҩ-сааҭк рыла аусура хыркәшахоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп.