https://sputnik-abkhazia.info/20251010/gal-aala-ay-ikaaz-alaa-irykhany-nak-rkhyba-aakha-rouit--1058190984.html
Гал ақалақь аҿы икаҳаз аҵлақәа ирыхҟьаны ҩнқәак рхыбқәа ааха роуит
Гал ақалақь аҿы икаҳаз аҵлақәа ирыхҟьаны ҩнқәак рхыбқәа ааха роуит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Гал ақалақь аҿы икаҳаз аҵлақәа ирыхҟьаны ҩнқәак рхыбқәа ааха роуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақалақь анхамҩатә усбарҭа анапхгаҩы... 10.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-10T14:00+0300
2025-10-10T14:00+0300
2025-10-10T14:44+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гал араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/1d/1052421337_0:4:638:362_1920x0_80_0_0_b698c95b4a6efd3868a5ea9733583846.jpg
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Гал ақалақь аҿы икаҳаз аҵлақәа ирыхҟьаны ҩнқәак рхыбқәа ааха роуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақалақь анхамҩатә усбарҭа анапхгаҩы Гиа Кәакәасқьыр.Ӡыӡбахә ҳәоу ԥшь-хатәыҩныки, 2-тәи ашколи, ақьафурҭеи рхыбқәа ироуз ааха ауп. Аԥша ӷәӷәа иасыз Самырзаҟанаа рымҩа, Аҭынчреиҿкааҩцәа рымҩа, Королиов имҩа рҿы аҵлақәа канажьит. Урҭ ықәыргахьеит, амашьынақәа рныҟәара еиҭашьақәыргылоуп. Уи адагьы афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит. Уажәы Гал ахәҭак аҿы алашара роухьеит, ҩ-сааҭк рыла аусура хыркәшахоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20251010/amshtsga-iakhany-gal-akhak-lasharada-iaankheit-1058178195.html
гал араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/1d/1052421337_74:0:563:367_1920x0_80_0_0_28200b8557794fd33301e8bbccd673c5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гал араион
ажәабжьқәа, аԥсны, гал араион
Гал ақалақь аҿы икаҳаз аҵлақәа ирыхҟьаны ҩнқәак рхыбқәа ааха роуит
14:00 10.10.2025 (ирҿыцуп: 14:44 10.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Гал ақалақь аҿы икаҳаз аҵлақәа ирыхҟьаны ҩнқәак рхыбқәа ааха роуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақалақь анхамҩатә усбарҭа анапхгаҩы Гиа Кәакәасқьыр.
Ӡыӡбахә ҳәоу ԥшь-хатәыҩныки, 2-тәи ашколи, ақьафурҭеи рхыбқәа ироуз ааха ауп.
"Араион ахада ахыбқәа рызҵаара ирццакны иӡбазарц анапынҵа ҟаиҵеит. Ақьафурҭа х-ҵлак ақәҳаит. Акоммуналтә маҵзурақәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аусура иаҿуп иахаахыс", — иҳәеит иара.
Аԥша ӷәӷәа иасыз Самырзаҟанаа рымҩа, Аҭынчреиҿкааҩцәа рымҩа, Королиов имҩа рҿы аҵлақәа канажьит. Урҭ ықәыргахьеит, амашьынақәа рныҟәара еиҭашьақәыргылоуп. Уи адагьы афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит. Уажәы Гал ахәҭак аҿы алашара роухьеит, ҩ-сааҭк рыла аусура хыркәшахоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп.