Ари ашәҟәы иагәылалеит иналукааша ҳаԥсуа прозаикцәа ражәабжьқәа иреиӷьӡоу аурысшәахь еиҭаганы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҩажәижәҩык авторцәа. Урҭ иреиуоуп: Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Миха Лакрба, Иван Папасқьыр, Мушьни Аҳашба, Гьаргь Гәлиа, Қьаазым Агәмаа, Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Алықьса Гогәуа, Никәала Ҳашыг, Шьалодиа Аџьынџьал, Платон Бебиа, Алықьса Џьениа, Џьума Аҳәба, Терент Ҷаниа, Витали Амаршьан, Витали Шариа, Сергеи Чакветаӡе, Владимир Басариа, Заур Быҭәба, Владимир Делба, Анзор Мықәба, Даур Занҭариа, Даур Наҷҟьебиа, Анатоли Лагәлаа, Игор Хәарцкиа.
Абраҟа иазгәаҭатәуп ашәҟәы иану авторцәа еиуеиԥшым абиԥарақәа ишрыҵаркуа, раԥхьаӡатәи ашәҟәыҩҩы иажәабжь инаркны иахьа иҭышәынтәалахьоу апрозаикцәа рҟынӡа. Насгьы ара иҟоуп аԥсуаа урысшәала иҩуаз, иаҳҳәап, Гьаргь Гәлиеи Фазиль Искандери.
Урҭ рырҿиамҭақәа зегьы ирныԥшуеит ҳаԥсадгьыли ҳажәлари ирхыргахьоу, амҳаџьыррақәа, ахҵәара-ахыԥсаара, еиуеиԥшым аибашьрақәа, 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа, иара убасгьы аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ашьҭахь ицәгьаӡаз аамҭа хьанҭақәа раан ҳажәлар акгьы рҽаҵамырхакәа аамҭа бзиа ишаԥылаз.
Ари аӡыргара ҟазшьа змаз аиԥылара бзиа аадыртит инеимда-ааимдо иагьымҩаԥыргон Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоуи. Урҭ иаазыркьаҿны иалацәажәеит ҳаԥсуа литература знысыз ихьанҭаз аҭоурых, иагьазааҭгылеит иахьатәи аизҳа -еизыӷьарақәа, уаҵәтәи аԥеиԥш.
Вахтанг Аԥҳазоу иара убасгьы иазгәеиҭеит, иара ашәҟәы аиқәыршәаҩык иаҳасабала акыр аҩымҭақәа шеилиҟәшәаз, еиӷьу-еицәоу ҳасаб рзуны, адунеитә литературахь ацәыргара иаԥсаз акгьы аанмыжькәа ишалихыз. Иҳәеит, ҳлитературҿы ибзиаӡоу ажәабжьқәа иҵегь шыҟоу, аха урҭ макьана аԥсшәахь ишеиҭагам. Дазааҭгылеит иара убасгьы, ари ашәҟәы ахьаауртуа ишану ҳлитература аҭоурых бзиаӡаны изныԥшуа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа истатиа "Аԥсуа жәабжь аҭоурых аҟнытә".
Уи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегь рыхьӡала идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шизицҳауаз реиҳәеит Жәларбжьаратәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа реидгыла "Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла жәларбжьаратәи аилазаара" ахантәаҩы Иури Коноплианников абри еиԥш зҿыгҳара дуу ашәҟәы аҭыжьра дахьадгылаз азы.
Аиԥылараҿы инарҭбааны дықәгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа иалоу, Москва инхо, урысшәала иҩуа, зыԥсҭазаареи зхәыҷреи абжеиҳарак зегьы Аԥсны изхызгаз Владимир Делба.
Иара дазааҭгылан еиҭеиҳәеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәа аурысшәахь еиҭаганы Урыстәыла иҭымҵижьҭеи шьҭа ҩынҩажәа шықәса иреиҳаны ишҵуа, ари ашәҟәы ишаанартыз амҩа ҿыц, уажәшьҭа аурыс литературахь аиҭагара аус азы шьаҿа бзиак шыҟаҵоу, насгьы уи аус ааҭгылара ҟамҵакәа ишацҵалатәу.
Ашәҟәы аӡыргараҿы адныҳәаларақәа рыла иқәгылеит: Урыстәылеи Аԥсни русеицуразы Россотрудничество аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Татиана Степанова, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, апоет-академик Владимир Занҭариа, Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аиҳабы, ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа, Аԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аиҳабы Гунда Сақаниаԥҳа, ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба, Аԥсны Афырхаҵа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аԥсуа бызшәа афонд аиҳабы Леуан Миқаа, ажурналист Владимир Никонов, актиор қәыԥш Саид Камкиа, апоет-аиҭагаҩ- Аслан Занҭариа.
Иқәгылоз зегьы инаҵшьны иазгәарҭон, иахьа иҭыҵны рнапы иакыз ашәҟәы аӡәк еиԥш зегьы шеигәырӷьаз, избанзар, ҳаԥсуа жәлар рҭоурых, ртрадициақәа, рҟазшьақәа, рыпсихологиа, рхәыцшьа, ргәырӷьара-ргәырҩа, зегьы асаркьеиԥш икаххаа ишаныԥшуа. Насгьы, иахьа иааубаратәы ҽаԥара иԥаз аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьа арыӷәӷәараҿы, акультуреи алитературеи рҿы асеиԥш иҟоу ахҭысқәа даара акыр рыҵаркуеит. Иҭабуп ҳәа рарҳәеит ари аҩыза аус ԥшьа иахаҵгылаз, иазааԥсаз, амҩа азҭаз зегьы.