https://sputnik-abkhazia.info/20250817/zbakhatra-aigyro-apoet-iyit-abzag-aalba-iazheinraalaa-reizga-1056934925.html
Збаҩхатәра ҳаигәырӷьо апоет: иҭыҵит Абзагә Аҟалӷьба иажәеинраалақәа реизга
Збаҩхатәра ҳаигәырӷьо апоет: иҭыҵит Абзагә Аҟалӷьба иажәеинраалақәа реизга
Sputnik Аҧсны
Ааигәа "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы" иҭыҵит апоет қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба иажәеинраалақәа еидызкыло ахԥатәи ишәҟә ҿыц "Аԥсыԥашәа". 17.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-17T09:00+0300
2025-08-17T09:00+0300
2025-08-17T09:00+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/0f/1056937154_0:276:576:600_1920x0_80_0_0_d9f4233f7a2d1612fbf55cdbcc2e76b1.jpg
Амра аҵкысБӷьыцк аҿы иҭыбхыз амра сарыԥхон…Абзагә АҟалӷьбаАҵыхәтәантәи ашақәсқәа рзы ҳлитература иаҵагылаз аҿар даарылукааратәы дыҟоуп апоет қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба. Уи ирҿиара данналага инаркны ашәҟәыҩҩцәа рылаԥш хаақәа ихын. Избанзар, урҭ ирбеит ииашаҵәҟьаны абаҩхатәра бзиа змаз арҿиаҩы ҳлитература ашҭа дышҭалаз, аҿыц аԥшаара дшашьҭоу.Ааигәаӡа "Аԥҳәыншәҟәҭыжьырҭаҿы" иҭыҵит апоет қәыԥш иажәеинраала ҿыцқәа еидызкыло ахԥатәи ишәҟәы. Ииашаҵәҟьан, уи ибаҩхатәра иазҿлымҳау зегьы араҟа ибзианы ирбоит апоет заҟа иҽирҭбааз, иҽирҵаулаз, апоезиа иашаҵәҟьа дшагәыланахалаз.иҭынчуп аҵаа аҩныҵҟа ашьац,ахьшәашәараҿы згәы зыԥшьацзгәы мыхьшәашәац дымбылӡацтзгәы мбылыц аӡәгьы дмиӡацуаха аҵх аҩны амза ҩнаҷҷоитԥшада аҩнхыбқәа ҭынч иччоитсгәы сҽагәылаҳәа сазыԥшуп асыабылреи ахьшәашәеи рыԥхаԥсынас сышьҭа иаблырц асырҳәыаԥсҭазаара ҿыц ахь сгәы аарҳәыАпоет қәыԥш аԥсабара есымша ҿыцбарах даҽа поетк излаимбац ала ибоит, уи илаԥш наӡоит даҽаӡәы илаԥш ахьымнаӡац, ишьапқәа ықәиргылоит даҽаӡәы ишьапқәа ахьықәимыргылац. Уи идыруеит ажәа аԥсы ахьҭоу, агәы аԥхарра ахьацу, шамахаӡак аӡәы ииҳәахьоу атемақәа иҽырцәихьчоит, иԥшаауеит, дашьҭоуп иҿыцу иара итәы, ихоуп иара ҽаӡәы иламҩашьо ибжьы:машәыршәа асы ӡыҭитамра рбаӷьушәа ҿнаҭитамреи ааԥынреи рыбжьараиҳәаахеит сыгага лашарааҵх сызхымҵуа шәхымсхеитамзагьы ибылгьо мышәҳәысхеитаҭынчра аццышә бзахеитҽааԥынрак сгәы аԥсахеитаҵар рыбжьы сыԥсхеитАбзагә абзиабара иазку илирикатә жәеинраалақәа амыцхә рҽаадыртӡом, имаӡоуп, урҭ иныҟәырго аԥшӡара лаԥш ахьзымнаӡо иҵәахуп, уи ахьыҟоу быжь-саԥаҭк ҿоуп, уа унаӡарц азы быжь-ӡиаск урроуп.Апоет абзиабара даналацәажәо ажәа-бжак ала иҳәар ҟалоит ииҳәарц ииҭаху, уара уахьӡаны еилукаароуп убри ажәа аҵакы, ахы ахьхоу, агәы иҭаку:Иахьа ҭагалан -Тәым ашәоупСлымҳа иҭамскәаИмҩасуаБаԥхьа сыԥсыАхәԥса шәоуп.Жәа ҳәаӡамызтБгәы иасуаИахьатәи ҭагалан -Тәым ажәоупАдгьыл иаласуеит ахҿақәаАқәаршҩы ахыбИаҭыӡшәоупАбжьы иалаӡыпСшьаҿақәаАпоезиа шаҟа иаартны ацәаныррақәа цәырнамго, шаҟа маӡа аҵоу аҟара, убриаҟара еиҭа азыхынҳәра, еиҭа уи аԥхарра агәылалара уҭаххоит. Насгьы, Абзагә аханатә аахысгьы, иажәеинраалақәа шамахак зегьы рцәаныррақәа нагӡаны иаадыртӡом, урҭ лаԥшымҭак ала иудырдырыр ауеит дара ргәы зызхьаауа, мамзаргьы игәыкыҵәыкуа иззыԥшу. Апоет-ҿа ипоезиа бзианы издыруа иазгәарҭахьеит уи раԥхьатәи иажәеинраалақәа рҿы ишьҭихыз ашьхеи, аҳауа цқьеи, акәараҷҷақәа рышьҭыбжьи, арҩашқәа ршыкьыбжьи, ашьха каԥ-каԥ абжьыхааи ишрыцу, "ишыргәылаҵәаху" иара имҩашьахуа ихатәы бжьы, ихатәы стиль:Шәымҭакоуп анасыԥ ӡаӡазтәуа,Илазгаҩазго аԥсыԥ ҭамырхакәа,Шәымҭакоуп ашәахәац ӡаӡазтәуа,Аԥҭа еиқәарақәарҿ инмырхакәа…Аӡыхьқәа шәымҭакоуп ирҩашхарц,Ишеилашуа иӡыхьхарц иааҳәны…Сабиԥарагь ҳхақәиҭра баашхарц,Саргьы уи сназкашәоит схаҳәны.Абзагә Аҟалӷьба ишәҟә ҿыц "Аԥсыԥашәа" агәра ҳнаргоит ҳаԥсуа поезиаҿы макьана ишыҟоу амч ҿыцқәа, абаҩхатәра ҵаулақәа, иахьатәи аамҭа инагәылсны иҵегь ҳара ҳхьазрыԥшуа, агәыӷра ҳазҭо, қәра дуӡӡак, традициа дуӡӡак змам ҳаԥсуа литература, егьырҭ шәышықәсала ақәра дуқәа змоу адунеитә литература ишавагылоу, ишаҵамхо, амш лашарахь ҳашхьанарԥшуа, иҵхәраан иааиуа уи аӡыхь шыцқьоу, знык агьама збаз акыраамҭа ишихамышҭуа.Уаха амзаҿа аблақәа хҩаны,Аԥсҭҳәа ирылнашьуеит ахҳәа.Иааԥсаз аԥша исыдҳалеит иуаҩны…Агәаӷь згәылҵәрааз абҳәа,Шышкамск нықәгылап хаҳәушәа…Избагәышьоит адунеи аарҳәушәа,Аҵх ықәлеит ацҳа амаакыра кны,Абыргхара змоу лахьынҵаны…Аԥсҭазаара лашаран иаркны,Салоуп алашьцара сышәҵаны.Идаҳныҳәалап апоет ишәҟә ҿыц, ари иааироуп аԥсуа поезиа знапы алаку аҿар рымацара ракәымкәа, зегьы ҳзы, избанзар, зхатәы бжьы змоу, збаҩхатәра ҵаулоу ҳпоет қәыԥш агәра диргеит иаԥхьаҩцәа, агәра ҳиргеит зегьы, Дырмит Ду икаиԥсаз ажәла аҳәыҵәыҳәа аара ишаҿу.
https://sputnik-abkhazia.info/20250809/aama-bzia-akhya-rzy-iyit-zaira-aiyka-lazheinraalaa-reizga--1056730497.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210124/literatura-uati-amsh-Abzag-Aalba-ipoezia-azy-azha-1031589355.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241109/ashatskyra-iaylaz-ar-aliteratortsa-aratsa-rymaa-eidyzkylo-ash-yts-iazkny--1052788308.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/0f/1056937154_0:222:576:654_1920x0_80_0_0_024df853902e75325bc6bf612211dd0a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Збаҩхатәра ҳаигәырӷьо апоет: иҭыҵит Абзагә Аҟалӷьба иажәеинраалақәа реизга
Ааигәа "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы" иҭыҵит апоет қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба иажәеинраалақәа еидызкыло ахԥатәи ишәҟә ҿыц "Аԥсыԥашәа".
Бӷьыцк аҿы иҭыбхыз амра сарыԥхон…
Аҵыхәтәантәи ашақәсқәа рзы ҳлитература иаҵагылаз аҿар даарылукааратәы дыҟоуп апоет қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба. Уи ирҿиара данналага инаркны ашәҟәыҩҩцәа рылаԥш хаақәа ихын. Избанзар, урҭ ирбеит ииашаҵәҟьаны абаҩхатәра бзиа змаз арҿиаҩы ҳлитература ашҭа дышҭалаз, аҿыц аԥшаара дшашьҭоу.
Ааигәаӡа "Аԥҳәыншәҟәҭыжьырҭаҿы" иҭыҵит апоет қәыԥш иажәеинраала ҿыцқәа еидызкыло ахԥатәи ишәҟәы. Ииашаҵәҟьан, уи ибаҩхатәра иазҿлымҳау зегьы араҟа ибзианы ирбоит апоет заҟа иҽирҭбааз, иҽирҵаулаз, апоезиа иашаҵәҟьа дшагәыланахалаз.
иҭынчуп аҵаа аҩныҵҟа ашьац,
ахьшәашәараҿы згәы зыԥшьац
згәы мыхьшәашәац дымбылӡацт
згәы мбылыц аӡәгьы дмиӡац
уаха аҵх аҩны амза ҩнаҷҷоит
ԥшада аҩнхыбқәа ҭынч иччоит
сгәы сҽагәылаҳәа сазыԥшуп асы
абылреи ахьшәашәеи рыԥхаԥсы
нас сышьҭа иаблырц асырҳәы
аԥсҭазаара ҿыц ахь сгәы аарҳәы
Апоет қәыԥш аԥсабара есымша ҿыцбарах даҽа поетк излаимбац ала ибоит, уи илаԥш наӡоит даҽаӡәы илаԥш ахьымнаӡац, ишьапқәа ықәиргылоит даҽаӡәы ишьапқәа ахьықәимыргылац. Уи идыруеит ажәа аԥсы ахьҭоу, агәы аԥхарра ахьацу, шамахаӡак аӡәы ииҳәахьоу атемақәа иҽырцәихьчоит, иԥшаауеит, дашьҭоуп иҿыцу иара итәы, ихоуп иара ҽаӡәы иламҩашьо ибжьы:
амзагьы ибылгьо мышәҳәысхеит
Абзагә абзиабара иазку илирикатә жәеинраалақәа амыцхә рҽаадыртӡом, имаӡоуп, урҭ иныҟәырго аԥшӡара лаԥш ахьзымнаӡо иҵәахуп, уи ахьыҟоу быжь-саԥаҭк ҿоуп, уа унаӡарц азы быжь-ӡиаск урроуп.
Апоет абзиабара даналацәажәо ажәа-бжак ала иҳәар ҟалоит ииҳәарц ииҭаху, уара уахьӡаны еилукаароуп убри ажәа аҵакы, ахы ахьхоу, агәы иҭаку:

24 Ажьырныҳәа 2021, 09:28
Апоезиа шаҟа иаартны ацәаныррақәа цәырнамго, шаҟа маӡа аҵоу аҟара, убриаҟара еиҭа азыхынҳәра, еиҭа уи аԥхарра агәылалара уҭаххоит. Насгьы, Абзагә аханатә аахысгьы, иажәеинраалақәа шамахак зегьы рцәаныррақәа нагӡаны иаадыртӡом, урҭ лаԥшымҭак ала иудырдырыр ауеит дара ргәы зызхьаауа, мамзаргьы игәыкыҵәыкуа иззыԥшу. Апоет-ҿа ипоезиа бзианы издыруа иазгәарҭахьеит уи раԥхьатәи иажәеинраалақәа рҿы ишьҭихыз ашьхеи, аҳауа цқьеи, акәараҷҷақәа рышьҭыбжьи, арҩашқәа ршыкьыбжьи, ашьха каԥ-каԥ абжьыхааи ишрыцу, "ишыргәылаҵәаху" иара имҩашьахуа ихатәы бжьы, ихатәы стиль:
Шәымҭакоуп анасыԥ ӡаӡазтәуа,
Илазгаҩазго аԥсыԥ ҭамырхакәа,
Шәымҭакоуп ашәахәац ӡаӡазтәуа,
Аԥҭа еиқәарақәарҿ инмырхакәа…
Аӡыхьқәа шәымҭакоуп ирҩашхарц,
Ишеилашуа иӡыхьхарц иааҳәны…
Сабиԥарагь ҳхақәиҭра баашхарц,
Саргьы уи сназкашәоит схаҳәны.
Абзагә Аҟалӷьба ишәҟә ҿыц "Аԥсыԥашәа" агәра ҳнаргоит ҳаԥсуа поезиаҿы макьана ишыҟоу амч ҿыцқәа, абаҩхатәра ҵаулақәа, иахьатәи аамҭа инагәылсны иҵегь ҳара ҳхьазрыԥшуа, агәыӷра ҳазҭо, қәра дуӡӡак, традициа дуӡӡак змам ҳаԥсуа литература, егьырҭ шәышықәсала ақәра дуқәа змоу адунеитә литература ишавагылоу, ишаҵамхо, амш лашарахь ҳашхьанарԥшуа, иҵхәраан иааиуа уи аӡыхь шыцқьоу, знык агьама збаз акыраамҭа ишихамышҭуа.
Уаха амзаҿа аблақәа хҩаны,
Аԥсҭҳәа ирылнашьуеит ахҳәа.
Иааԥсаз аԥша исыдҳалеит иуаҩны…
Агәаӷь згәылҵәрааз абҳәа,
Шышкамск нықәгылап хаҳәушәа…
Избагәышьоит адунеи аарҳәушәа,
Аҵх ықәлеит ацҳа амаакыра кны,
Абыргхара змоу лахьынҵаны…
Аԥсҭазаара лашаран иаркны,
Салоуп алашьцара сышәҵаны.
Идаҳныҳәалап апоет ишәҟә ҿыц, ари иааироуп аԥсуа поезиа знапы алаку аҿар рымацара ракәымкәа, зегьы ҳзы, избанзар, зхатәы бжьы змоу, збаҩхатәра ҵаулоу ҳпоет қәыԥш агәра диргеит иаԥхьаҩцәа, агәра ҳиргеит зегьы, Дырмит Ду икаиԥсаз ажәла аҳәыҵәыҳәа аара ишаҿу.