Аԥсны

Аҟәа ақалақь аҿы аԥсихологцәеи адефектологцәеи рҟазара аизырҳаразы акурсқәа хацыркхеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы аԥсихологцәеи адефектологцәеи рҟазара аизырҳаразы акурсқәа хацыркхеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҵарадырра аминистрра.
Апрограмма иалахәуп 40-ҩык аспециалистцәа — ашколқәеи, ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәеи, Аҟәатәи иҷыдоу аҵарадырратә школи рҟынтәи аԥсихологцәа.
Акурс атема - "Аҵаратә усбарҭақәа рҿы агәабзиаратә ԥкра змоу ауаа рзы аԥсихологиатәи апедагогикатәи ацхыраара".
Арҵара мҩаԥыргоит Армавиртәи аҳәынҭқарратә педагогикатә университет аҟынтәи иԥхьагылоу аспециалистцәа.
Апрограмма амчыбжь анҵәамҭанӡа имҩаԥысуеит, аԥышәарақәа рхыркәшара ашьҭахь, алахәылацәа рҟазара ишацырҵаз азы адипломқәа рыҭахоит.
Арҵара мҩаԥысуеит Урыстәылеи Аԥсни аҵарадырра аминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.