https://sputnik-abkhazia.info/20251021/aa-aala-ay-asikhologtsei-adefektologtsei-razara-aizyrarazy-akursa-khatsyrkkheit-1058447335.html
Аҟәа ақалақь аҿы аԥсихологцәеи адефектологцәеи рҟазара аизырҳаразы акурсқәа хацыркхеит
Аҟәа ақалақь аҿы аԥсихологцәеи адефектологцәеи рҟазара аизырҳаразы акурсқәа хацыркхеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы аԥсихологцәеи адефектологцәеи рҟазара аизырҳаразы акурсқәа хацыркхеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҵарадырра аминистрра. 21.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-21T10:51+0300
2025-10-21T10:51+0300
2025-10-21T10:51+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/15/1058446295_0:75:800:525_1920x0_80_0_0_189e924474694a76224b55a51179be09.jpg
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы аԥсихологцәеи адефектологцәеи рҟазара аизырҳаразы акурсқәа хацыркхеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҵарадырра аминистрра. Апрограмма иалахәуп 40-ҩык аспециалистцәа — ашколқәеи, ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәеи, Аҟәатәи иҷыдоу аҵарадырратә школи рҟынтәи аԥсихологцәа. Акурс атема - "Аҵаратә усбарҭақәа рҿы агәабзиаратә ԥкра змоу ауаа рзы аԥсихологиатәи апедагогикатәи ацхыраара". Арҵара мҩаԥыргоит Армавиртәи аҳәынҭқарратә педагогикатә университет аҟынтәи иԥхьагылоу аспециалистцәа. Апрограмма амчыбжь анҵәамҭанӡа имҩаԥысуеит, аԥышәарақәа рхыркәшара ашьҭахь, алахәылацәа рҟазара ишацырҵаз азы адипломқәа рыҭахоит. Арҵара мҩаԥысуеит Урыстәылеи Аԥсни аҵарадырра аминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/15/1058446295_0:0:800:600_1920x0_80_0_0_07a60f2383f6e9ca20770361200714ac.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы аԥсихологцәеи адефектологцәеи рҟазара аизырҳаразы акурсқәа хацыркхеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҵарадырра аминистрра.
Апрограмма иалахәуп 40-ҩык аспециалистцәа — ашколқәеи, ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәеи, Аҟәатәи иҷыдоу аҵарадырратә школи рҟынтәи аԥсихологцәа.
Акурс атема - "Аҵаратә усбарҭақәа рҿы агәабзиаратә ԥкра змоу ауаа рзы аԥсихологиатәи апедагогикатәи ацхыраара".
Арҵара мҩаԥыргоит Армавиртәи аҳәынҭқарратә педагогикатә университет аҟынтәи иԥхьагылоу аспециалистцәа.
Апрограмма амчыбжь анҵәамҭанӡа имҩаԥысуеит, аԥышәарақәа рхыркәшара ашьҭахь, алахәылацәа рҟазара ишацырҵаз азы адипломқәа рыҭахоит.
Арҵара мҩаԥысуеит Урыстәылеи Аԥсни аҵарадырра аминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.