Аԥсны

Зыԥхарра ҳацу апоет: арҿиареи ааӡареи еилазыгӡоз Гьаргь Гәыблиа изкны

1978-1984 шықәсақәа рзы ажурнал "Алашара" аредактор хадас иахагылаз, апоет-аҵарауаҩ Гьаргь Канстантин-иԥа Гәыблиа ирҿиареи инысымҩеи, иҩызцәа ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи иара изы ргәаанагарақәа.
Sputnik
"Сара саныҷкәыназ аахыс нҭыҵ-ааҭыҵ жәпаџьара аԥхьаҩцәа рҿаԥхьа ақәгылара сықәшәеит: Москва, Киев, Қарҭ, Одесса, Запорожие, Ужгород уҳәа. Ахырҽхәара заҭахузеи, урҭ ақәгыларақәа бжьааԥынтәымызт, аӡырҩцәа рыла ишьақәургылар ауан уи агыдра ахьынӡаҟаз. Поетк иаҳасабала сара еиҳа исышьашәалан аоратортәи атрибунатәи аинтонациа".
Гьаргь Гәыблиа
Ҳаԥхьаҩцәа, шәара ибзианы ишыжәдыруа еиԥш, ааигәа Аҟәа инарҭбааны иазгәаҭан алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал "Алашара" 70 шықәса ахыҵра. Уаҟа инарҭбаан иалацәажәан ажурнал знысыз аҭоурых, рыӡбахә рҳәеит уаҟа икьыԥхьыз иреиӷьӡаз ҳлитературатә баҟақәа, ароманқәа инадыркны, аповестқәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, ажәеинраалақәеи уҳәа алитература иаҵанакуа ажанрқәа зегьы. Аиубилеи аҿы иқәгылаз ҳашәҟәыҩҩцәа аиҳабацәа инадыркны, ҿыц аҩра иалагаз аҿар рҟынӡа зегьы еицазгәарҭеит ажурнал ароль ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы даара акыр шаҵанакуа иацтәи аҭоурых аҿы еиԥш, уаҵәы ҳлитература иаҵагылараны иҟоу аҿар рҟынӡа.
Аԥсны
"Алашара" агымзааит Аԥсынра!: ажурнал 70 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз
Имроуцәакәа, ажурнал "Алашара" 1978-1984 шықәсақәа рзы редактор хадас иахагылаз, апоет-аҵарауаҩ Гьаргь Канстантин-иԥа Гәыблиа ирҿиареи инысымҩеи, иара изы иҩызцәа ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи ргәаанагарақәа шәсырдырыр сҭахуп.
Саԥыҩланы исҳәоит, Гьаргь Гәыблиа редактор хадас ажурнал "Алашара" данамаз акыр иӡыригеит ажурнал. Сара ибзиан исгәалашәоит усҟан ҳара даара ҳқәыԥшқәан, аха аредакциахь ирлас-ырласны ҳнеиуан, уа иаҭаауан Москватәи ашәҟәыҩҩцәа асасцәа рацәаҩны. Сара ахаангьы исхашҭуам, ажурнал "Юность" аҟынтәи уи аредактор хада Урыстәыла зегьы даара ибзиан еицырдыруаз апоет-атрибун Андреи Дементиев иколлектив зегьы иман данааз. Убасҟан ажурнал "Алашара" ианырҵеит аурыс поетцәа рҩымҭақәа еиҭаганы ирацәаны, иара убасгьы "Юность" аҿы иркьыԥхьит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа.
Абраҟа инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Гьаргь Гәыблиа ажурнал данахагылаз егьырҭ ашықәсқәа зегьы раҵкыс ажурнал атираж шырацәаз, усҟан 1 278 цыра ыҟан, ари рекордуп ажурнал аҭоурых зегьы аҿы.
Апоет-аҵарауаҩ инысымҩа уананыԥшыло, еиҳаракгьы ҿыц амҩа даннықәлаз, данқәыԥшӡаз, иубоит шаҟа ибызшәеи иҭоурыхи ргьама икыз, уи ала дшааӡаз.
1 / 5
Гьаргь Гәыблиа
2 / 5

Агәҭаны Дырмит Гәлиа, армарахьтә арӷьарахь - Дырмит Гәлиа, Алықьса Џьонуа, Алықьса Лашәриа, Шамил Ԥлиа, Гьаргь Гәыблиа, Баграт Шьынқәба, Кәымф Ломиа, Иван Папасқьыр, Ҷиҷико Џьонуа, Нели Ҭарԥҳа.

3 / 5

Баграт Шьынқәба, Гьаргь Гәыблиа, Иван Ҭарба, Нелли Тарԥҳа, Кәымф Ломиа, Шьалуа Ҵәыџьба, Шьалодиа Аџьынџьал.

4 / 5

Гьаргь Гәыблиа

5 / 5

Гьаргь Гәыблиа иусумҭақәа

Еиҳараӡакгьы, Аԥсны амилаҭ аполитика аилагара аҭыԥ анамаз, иҟашәҵо иашоуп ҳәа рхы рыҵаҵаны итәамызт Аԥсны аинтеллигенциа. Ақырҭуа школқәа ахьаԥшьыргахьаз, аԥсуа бызшәа аҵара есааира ианагхоз, аԥсуаа рҵеицәа мцар ада ԥсыхәа аныҟамыз аамҭазы, Дәрыԥшь, Лыхны, Ҟәланырхәа уҳәа ашколқәа рҿы инеины аиԥыларақәа мҩаԥыргон, ашкол хәыҷқәа атәым бызшәа иаҵаӷәӷәа игылаз рыблақәа ҭырхаха еиҿаԥшуан. Абар урҭ ашықәсқәа шигәалаиршәо иара апоет ихаҭа:
"Исгәалашәоит, 1953 шықәса нахыс, арахь ианааҳәуаз, аҵара, алфавит уҳәа анышьақәглоз, иаԥырхагаз, иаақәырҵәиааны аԥсахра иазыразымыз аӡәы-ҩыџьа ыҟан, аха аинтеллигенциа рҟнытә урҭ ирҿагылоз еиҳан, ажәларгьы ируамызт шьҭа ахаҭара акульт аҵас ала анхара. Усҟантәи аамҭазы аҿар иахьахәҭаз аҭыԥаҿы игылан. Саргьы студентк иаҳасабала исылшоз ҟасҵон, сҩызцәеи сареи ҳнапы ианырҵоз акаҿы ҳаиҵахомызт. Аиԥыларақәа рҿы ҳҭагылазаашьа атәы ҳҳәауан. Ҳрыԥхьон ажәеинраалақәа".
Гьаргь Гәыблиа раԥхьаӡатәи ишәҟәқәа "Сыԥхьарца", "Мҩамш" уҳәа ирыхцәажәаз Алықьса Лашәриа, Алықьса Џьениа, Кәымф Ломиа, Шоҭа Салаҟаиа, Сергеи Зыхәба, Хәыхәыҭ Бӷажәба, Руслан Қапба рҟынӡа азеиӷьашьарақәа, амҩақәҵарақәа ирҭаз, иара даараӡа ихәеит.
Апоет дызгәылсыз, акырӡа ауадаҩрақәа ахьиԥылаз иԥсҭазаараҿы аԥышәа дуӡӡа иоуз инарҩит ироманқәа: "Адгьыл аҳақ", "Лахьынҵала иузшоу", "Аҵыхәтәантәи ахысбжьы". Шаҟа аанагозеи уи ишәҟәы "Аԥсҭазаара ашьҭақәа" шаҟа уарҳәозеи уа иагәылоу ахаҿсахьақәа, асиужетқәа, аидеиақәа.
Зегь реиҳа узеигәырӷьаша, егьырҭ ҳашәҟәыҩҩцәа зегьы реиԥш, Гьаргь Гәыблиа ирҿиара зегьы ажурнал "Алашараҿы" аԥсҭазаара роуит, аԥсуа ԥхьаҩ раԥхьаӡа дахьырԥылаз уаҟа ауп, уаҟоуп алитературатә ԥсҭазаарахь раԥхьаӡатәи ршьаҿақәа ахьеихыргаз.
Уажәы, абраҟа иааҳгоит апоет-аҵарауаҩ Гьаргь Гәыблиа ирҿиара иахцәажәахьоу ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ҳҵарауааи рҟынтәи гәыԥҩык иаазыркьаҿу ргәаанагарақәа арҿиаҩы изы:
Зхықәкы иахьӡаз аҵарауаҩ: Сергеи Зыхәба игәалашәара
Шота Салаҟаиа:
Апоет-аҵарауаҩ Гьаргь Гәыблиа даныҷкәынӡаз инаркны ижәлар деицгәарҭеит, урҭ рхы-ргәаҿы инеиуаз ажәа иԥшааит, ргәырӷьареи ргәырҩеи иҽалаирхәит, идикылеит. Уи ибзиаӡаны идыруан ижәлар рҭоурых, ирхыргахьаз ргәаҟ-ҵәаҟрақәа, еиҳараӡакгьы ҩеижәижәибжьтәи ашықәс еиқәаҵәақәа.
Ихәыҷрашықәсқәагьы даара иуадаҩын, аҟыба-ӡыба ирацәаны иацын, аха игәы камыжькәа ԥхьаҟа дцон, аҵара бзианы иҵон, изҳауан. Уи даныҩеидас, ашәҟәыҩҩра аус аҿы еиԥш, арҵаҩра аус аҿгьы аџьабаа ибеит, ажәлар рҵеира аҵара дирҵон ҳаԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы. Иахьа ҳредакциақәеи ҳашколқәеи рҿы, ашәҟәыҩҩцәа, ажурналистцәа, рҵаҩцәас иҟоу рҟынтәи абжаҩык иара иааӡамҭаҟәоуп, рҵаҩыс дрыман.
Ари акырӡа аанагоит ажәлар миалаҭк раҳасабала рышьақәгылараҿы.
Сергеи Зыхәба:
Сара исҳәар сылшоит, аӡәыр ԥсыцқьала адунеи дықәзар, уи Гьаргь Гәыблиа иоуп ҳәа. Иҟалап ахаан аӡәы хықәкыла иара идыруаны игәы нимырхацзар, акритика ззиуаз ашәҟәыҩҩцәагьы убриаҟара дреиҷаҳауан, дреигӡон, ргәы цәиҟьар ҳәа дшәон, дара рыгхақәа иибоз рзы иара аҭамзаара шьҭеиҵарц иҭахушәа.
Гьаргь Гәыблиа инарҵауланы аҵара змаз уаҩын, уи иҭҵааратә усумҭақәа зегьы хаҭәаан, ҿыгҳарылагьы, ҵакылагьы. Даара уаҩ деигәырӷьаратәы иҟоуп, апоет-гәлымҵәах Иуа Коӷониа џьаргьы акьыԥхь зымбацыз иажәеинраалақәа иара иԥшааны "Алашараҿы" зегьраԥхьаӡа иахьикьыԥхьыз.
Хәыхәыт Бӷажәба:
Гьаргь Гәыблиа уажәшьҭа акрааҵуеит апоезиеи апрозеи, аҩ-жанрк еицааигоижьҭеи изеиԥшны. Ашәҟәыҩҩы аԥсҭазаара ирацәаны аганқәа зегьы рыла дагәылаԥшхьеит, ибахьеит ацәгьагьы абзиагьы, ихигахьеит ауадаҩрақәа рацәаны, убарҭ зегьы иҩымҭақәа рахь ииаигеит, алитературатә ԥсҭазаара риҭеит... Сара агәра згоит, апоет иреиӷьу иажәеинраалақәа ҳлитератураҿы ԥсра-ӡра рықәымкәа ишаанхо...
Кәымф Ломиа:
Апоет Гьаргь Гәыблиа ҳаԥхьаҩцәа деицгәарҭахьеит абаҩхатәра бзиа змоу рҿиаҩны. Уи импыҵыҵхьеит ажәеинраала бзиақәа, апоемақәа, ароманқәа. Редакторк иаҳасабалагьы даара иџьабаа дууп, ажурнал"Алашара" иара редактор хадак иаҳасабала данахагыла, иуҳәар ауеит, ҿыӷәӷәала абзеира агнахь ала аиҭакра дуқәа аныԥшит ҳәа. Ҳара, Ашәҟәыҩҩцәа реигыла ахадараҿы аус зуа зегьы агәра аагоит, ҳжурнал заҵә "Алашара" амҩа иаша ишану.
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны
Руслан Қапба:
Гьаргь Гәыблиа иҟазшьаҷыдоуп ирҿиаратә тематика амҽхак арҭбаара, аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа рцәыргара. Апоет иажәеинраалақәа рфилософиатә хшҩҵак аханатә иҵаулоуп, хара унадрыԥшуеит, удырхәыцуеит, абзиа уазааигәартәуеит, ахәахәа уаҿадыргылоит, уграждантә позициа ҳараркуеит. Аепикатә ҩымҭақәа рҿы ҳәарада, уи еиҳагьы аҽҟьарҭеи, аҳәатәи имоуп, уаҟа инеиҵыхны еиуеиԥшым алитературатә хаҿсахьақәа аԥиҵоит, ргәеисыбжь аԥсҭазаара иақәшәо…
Ҳара, иахьа ажурнал "Алашара" аҿы аус зегьы реиԥш, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рхәышҭаарақәа ирзааигәоу ҳаинтеллигенциа зегьы, иԥхаӡа дыргәалашәоит ҳарҵаҩ ду, ҳредактор, ҳпоет, ҳҵарауаҩ - Гьаргь Канстантин-иԥа Гәыблиа.