Зхықәкы иахьӡаз аҵарауаҩ: Сергеи Зыхәба игәалашәара
© Foto / из семейного архива Зухба Сергеи Зухба
© Foto / из семейного архива Зухба
Анапаҵаҩра
Ҳарҵаҩ ду, Дырмит Гәлиеи Гьаргь Ӡиӡариеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауриат, академик Сергеи Лад-иԥа Зыхәба игәаларшәара иазкуп апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иҳадигало иахьатәи ианҵамҭа.
"Сара сабиԥара аҟынтә Сергеи Лад-иԥа Зыхәба иаҟара зхы аус адызулоз, имтәа-имыцәа аусура иаҿыз, зчымазара бааԥси зус ԥшьеи еилазыгӡоз аӡәгьы дсыздыруам. Уи данстудентызгьы цхыбжьонла асааҭ хԥа-ԥшьба рҿынӡа ашәҟәқәа дрыԥхьон, иҟан иккаӡа ианиршозгьы… Насгьы, дзыԥхьоз зегьы усҟан уаҩы даниԥырхагамхоз, ибжьы ҭыганы дрыԥхьон, соурыс бызшәа ԥнаҽуеит ҳәа. Ииашаҵәҟьан, иара иаҟара зхы аџьабаа азырбоз, аҵарадырраҿгьы, иара аԥсҭазаараҿгьы дыҟаҵәҟьамызт, данҩыҵшәаз инаркны хықәкы хадас ишьҭихыз зегьы дрыхьӡеит…"
Акритик Руслан Қапба.
Иахьа ҳаԥсуа доуҳатә культура зырбеиахьоу иреиӷьӡоу афольклорҭҵааҩцәеи алитературатә критикцәеи рыӡбахә анаҳҳәо, хымԥада ихьӡ мҳәакәа аҩсшьа амаӡам Сергеи Лад-иԥа Зыхәба.
Сергеи Лад-иԥа Зыхәбеи сареи ҳаибадырит аҵара санҭала 1980-тәи ашықәсақәа рзы Максим Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны. Усҟан ҳара астудентцәа даара ҳрызҿлымҳан алитература иазҟазаз агьама бзиа змаз арҵаҩцәа, избанзар, ҳара иааҩуаз аҩымҭа хәыҷқәа рнаҩсгьы, ҳзыԥхьоз алитературатә рҿиамҭақәа рзы ҳгәаанагарақәа ҳацеиҩызшоз арҵаҩцәа ҳрышьҭан. Насгьы, ҳара гәыԥҩык ҳзылгаз ақыҭа школқәа рҿы еиҿкааны иҳаман алитературатә кружок бзиақәа, уаҟа еилҳаргон ҿыц иҭыҵуаз ашәҟәқәа, урҭ зегьы рзы ҳхатә гәаанагарақәа ҳаман... Убри инаԥшьынгьы, ҳара ҳҭаацәа ҳрыман аредакциақәа рҿы ҳнеиуан, ԥыҭҩык ашәҟәыҩҩцәа ҳрабадырхьан, уимоу, ҳҩымҭақәа ркьыԥхьрагьы иалагақәахьан агазеҭқәеи ажурналқәеи. Убри иабзоураны, аинститутаҿ аус зуаз арҵаҩцәагьы акьыԥхьаҿ ҳахьӡқәа рбахьан, даргьы даара иҳазҿлымҳан...
© Foto / из семейного архива Зухба Сергеи Зыхәба
Сергеи Зыхәба
© Foto / из семейного архива Зухба
Убасҟан, сара иаразнак игәасҭеит Сергеи Лад-иԥа алитература даара ибзианы издыруаз, насгьы агьама ҳракгьы змаз ҳарҵаҩцәа дышреиуаз. Уи иҽрылаирхәуан ҳаинститутаҿы имҩаԥысуаз алитературатә еиԥыларақәа зегьы, ашәҟәқәа реилыргара, рыхцәажәара, уимоу инапы иҵижьуан уаҟа еиҿкааны иҳамаз аҭӡыгазеҭ "Ашәаԥшьи", анапылаҩыратә-литературатә журнал "Арҩаши". Ажәакала, ҳаинститутаҿ ҳара дҳазкашәеит, егьырҭ ҳарҵаҩ бзиақәа Владимир Анқәаби, Борис Гәыргәлиеи, Анатоли Зыхәбеи ирывагыланы афольклор анаҩсгьы, алитература даара иазҿлымҳаз, ибзиаӡангьы издыруаз арҵаҩ ду. Абасоуп ишалагаз Сергеи Лад-иԥеи сареи ҳаибадырра.
Ахаан исхашҭуам раԥхьаӡатәи сажәеинраалақәа иреиуаз руак купльетк иара даасԥылацыԥхьаӡа ҿырҳәала ишиҳәоз:
Иаарту аԥенџьырқәа,
Ссирӡак дгәаҭан,
Ишанхаз аблақәа,
Ракәушәа иԥшуеит!
"Хымԥада, ари аҩыза ацәаҳәақәа зҩыз, иҵегь абзиақәа имоуп!" - иҳәалон сҟәаҟәа инапы нықәкны аҽыгә-ҽыгәҳәа дыччо.
Уи нахыс, ҳара ҳҩыџьагь иҳазгәамҭаӡакәа, ҳаиқәлацәоушәа ҳаиҩызцәахеит. Ибзиан исгәалашәоит, ҳара афилологиатә факультет аҩбатәи акурсаҿ ҳтәан, аԥхын аԥсшьара ҳаноурышьҭуаз, Сергеи Лад-иԥа напынҵас иҳаиҭеит, азеиԥштә тетрад дуқәа акака рҭәны ақыҭақәа рахь ҳахьцо афольклортә материалқәа анҵаны иааҳгарц. Ус иагьыҟаҳҵеит ҳкурсаҿ итәаз зегьы, имаҷымкәа афольклор еизаагеит ҳарҵаҩ изы!
Сара иахьагьы ибзиаӡаны ҿырҳәала исгәалашәоит урҭ рҟынтәи санду (саб иан) Олиа Дочиаԥҳа илҳәоны ианысҵаз ажәытә аԥсуаа арахәҭиаа цәыӡ анроулак ирҳәоз аҭәҳәеи, ахәыҷқәа алаԥш анырклак ирҳәоз аҭәҳәеи. Арахә анылахалак ирҳәоз аҿы, раԥхьа амаркатыл аашьҭыхны цахала аҿы ҿарҳәон, нас абарҭ ажәақәа хынтә иҳәаны, амаркатыл ахәыҷқәа рнапқәа ахьзымнаӡоз џьара иаҳракны иқәырҵон:
Аиҭаратә гәара иҭакуп,
Еихатә ҵәымӷла еибаркуп,
Нан лкалҭ иҵакуп,
Шьашәы ирысасуп,
Чшәу, чшәу, чшәу!..
Ахәыҷқәа алаԥш анырклак, ( уи саргьы ирлас -ырласны аҳәара ансықәшәало ыҟоуп) шамаха еиԥшу атекст џьаргьы исԥымлаӡацт, Лад-иԥа даара игәаԥхон, усҟан астудентцәагьы ирацәаҩны ихҩылааны иргартә иҟаиҵеит.
Иахәа-хәахәа,
Лаԥшь-ҵәаԥшь…
Ӡбаара, ӡыхьрышша!
Аҳаша аҳаша ҿоуп,
Аҵәаша аҵәаша ҿоуп!..
Зырхәытәыз илаԥш ихазы ицәгьахеит,
Чшәшәу, чшәшәу, чшәшәу!..
Убасҟан "Сзеиԥш тетрад" ду афольклортә материалқәа рыла ирҭәны акыр шықәса иҵәахны иман сырҵаҩ бзиа Сергеи Лад-иԥа. Нас, урҭ дара еиҳа иахьрықәнагоз еидикылоз афольклортә материалқәа ахьаниҵоз еихша-еихшаны ианиҵеит, зегьы икьыԥхьит, убри ашьҭахь, иара иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа руак азы, имч рацәак ишымхозгьы, сара аус ахьызуа ажурнал "Алашара" аредакциаҿы иман дхалеит, абри аҩыза ажәақәагьы ацҵаны: "Арҭ аматериалқәа уникалтәқәоуп, иумырӡын, мышкызны иҵегь иҭызҵааша рзы ихәшәхоит!"
Абраҟа исгәаласыршәар сҭахуп аҵарауаҩ дуи сареи ҳаизыҟазаашьа иадҳәалоу даҽакгьы. 2010 шықәса рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиазы санықәдыргылоз, аҭел дысзасит иара ихала, абарҭ ажәақәагьы иҳәеит: "Анатоли, избоит ушәҟәы ахцәажәара цоит, азин суҭозар, саргьы ажәа-ԥхақәак узыскыр сҭахуп."
© Foto / из семейного архива Зухба Сергеи Зыхәба
Сергеи Зыхәба
© Foto / из семейного архива Зухба
"Шәара шәеиԥш иҟоу, сара згәаанагара даара пату ақәысҵо, усеиԥш аниҭахха, сара сзы иныҳәоуп!" - сҳәеит саҿамхаӡакәа!
Уи акәхеит, мызкы аҩнуҵҟала, агазеҭ "Аԥсны" ианиҵеит академик Сергеи Зыхәба инеиҵыху астатиа сара исызкны, абра иаазгоит уи ацыԥҵәаха:
"Аизга "Амшхәашьқәа цеит…" иахуҳәаша, узырхәыцша рацәоуп, ацәажәатә рацәаны иунаҭоит. Сынтәа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьаразы ари аизга автор дахьықәдыргылаз, аԥсаҭеи аџьыкаци ҳәа иаҳҳәозар, ииашоуп, иақәнагоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳәарас иаҭахузеи, егьырҭ иқәгылақәоугьы аӡә даԥсам сҳәом. Сыззааирц исҭаху, ари аҳаҭыр ду зқәу, аҭакԥхықәра зцу аҳамҭа аиуразы, иқәгылақәоу раԥхьа игылақәоу дреиуоуп Анатоли Лагәлаа. Ара сналас-ҩаласны исҳәақәаз зегьы ааизрыкәкәаны, хьаҳәа-ԥаҳәада алкаа иҟасҵарц исҭаху акоуп: абаҩхатәра бзиа змоу апоет нага Анатоли Лагәлаа дыззықәгылоу Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Ахәынҭқарратә премиа ианашьара хымԥада даԥсоуп." Агазеҭ "Аԥсны" №79. 16. 10. 2010ш. Ақ. Маиҟәаԥ.
Уажәы, абра иаазгар сҭахуп аҵарауаҩ ду, афольклорист, акритик Сергеи Лад-иԥа Зыхәба шәышәыра змам инысымҩа. Уи рдыруазар рыхәҭоуп, уаҵәы игыло ҳҿар, избанзар, иара иԥсы зегьы ақәҵаны иус ԥшьа даҿын, ахьыбҿар рҭоурыхи, рҵаси-рқьабзи, раԥсуареи рдырырц азы, урҭ дара рышьҭахь иааиуа аҿаргьы ирыларааӡарц:
© Foto / из семейного архива Зухба Сергеи Зыхәба
Сергеи Зыхәба
© Foto / из семейного архива Зухба
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Адыгатәи (Ачерқьестә) Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла, ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи (2003) Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла Сергеи Лад-иԥа Зыхәба диит Очамчыра арион Гәыԥ ақыҭан.
Аҵара иҵон Гәыԥтәи аа-шықәсатәи ашкол аҟны, ашьҭахь, шықәсык Тҟәарчалтәи абжьаратәи ашкол дҭан, 1954 шықәсазы далгеит Ԥақәашьтәи абжьаратәи ашкол. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша далгеит. Иара убас Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ш. Русҭавели ихьӡ зху ақырҭуа литература аҭоурых аинститут аспирантура афольклористика азаанаҭ ала. Араҟа иагьихьчеит акандидаттә диссертациа "Аԥсуа жәлар рлакә" ахьӡны. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьа – Аԥсуаҭҵаара аинститут) аҟны аус иуан аԥхьа аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбыс, анаҩс- аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс. 1975 ш. сентиабр инаркны аамҭакала аус иуан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт арҵаҩы еиҳабыс, 1980 шықәсазы ажьырныҳәамза нахыс – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцентс. 1999 шықәса хәажәкырамзазы А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Адунеитә литература аинститут аҟны ихьчеит адоктортә диссертациа имонографиа "Илакәтәым аԥсуа проза атипологиа" ала, уи Маиҟәаԥ иҭыҵхьан 1995 шықәсазы. 2004 шықәса инаркны аамҭакала (аиқәшаҳаҭрала) Маиҟәаԥ, агуманитартә ҭҵаарақәа Адыгатәи ареспубликатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабын, акраамҭа игәамбзиара иахҟьаны уа дыҟан (Аҟәа иахәҭаз амедицинатә маруга ыҟамызт). 2012 шықәсазы ауп Аԥсныҟа ахынҳәра анилша.
© Foto / из семейного архива Зухба Сергеи Зыхәба
Сергеи Зыхәба
© Foto / из семейного архива Зухба
Сергеи Зыхәба авторс дрыман аԥсуа мифологиеи, жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭеи, аԥсуа-адыга фольклортә еимадарақәеи ирызку ашәҟәқәеи шәкыла астатиақәеи. Жәаба рҟынӡа афольклортә текстқәа рышәҟәқәа ҭижьит. Дырдыруеит иара убас литератураҭҵааҩны, критикны. Иҭижьит аизгақәа жәпакы, ашәҟәқәа, жәабала астатиақәа. Урҭ аԥсуа-аурыс, аԥсуа-адыга, аԥсуа-ақырҭуа литературатә еимадарақәа, амилаҭтә литература апроблемақәа ирызкуп, насгьы Д. Гәлиа, С. Ҷанба, М. Лакрба, Ӡ. Дарсалиа, Б. Шьынқәба, А. Гогәуа, А. Џьениа, К. Ломиа, В. Аҵнариа, М. Лашәриа, Ш. Ҷкадуа, К. Герхелиа, И. Ҭарба, П. Бебиа, Н. Ҳашыг, Н. Ҭарба, В Амаршьан, Б. Ҭыжәба, Ш. Инал-иԥа, Ш. Салаҟаиа, Р. Қапба рырҿиамҭақәа. Авторс дрымоуп иара убас афоризмқәа рацәаны, ажәабжьқәа жәпакы. Урҭ рнылеит ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", агазеҭ "Аҧсны ҟаԥшь".
Сергеи Зыхәба ирҿиаратә ҭынхаҿы аҭыԥ маҷымкәа иааныркылоит ипублицистикатә усумҭақәа (астатиақәа, аочеркқәа, аинтервиуқәа), дара кьыԥхьын ажурнал "Алашара", агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", аизгақәа уҳәа рҟны. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) иалахәызи, аҵарауааи, аетнографиа азҵаарақәеи, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи (1919-1921), Аԥсни уи акәша-мыкәшеи имҩаԥысуаз ҳаамҭазтәи аҭоурыхтәи аполитикатәи процессқәеи, ақырҭуа-аԥсуа еимаки, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи (1992-1993), аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны аекономикатәи, адоуҳатәи, акультуратәи ԥсҭазаареи, аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора, еиҳаракгьы Ҭырқәтәылаа рлахьынҵеи уҳәа.
© Foto / из семейного архива Зухба Мушьни Лашәриа, Арда Ашәба, Сергеи Зыхәба
Мушьни Лашәриа, Арда Ашәба, Сергеи Зыхәба
© Foto / из семейного архива Зухба
Аԥсшәахь еиҭеигеит Ҳ. К. Андерсен илакәқәа рышәҟәы "Алакәқәа" (Ш. Р. Аҟәсбеи иареи, Аҟәа, 1961), аизга "Аӡиасқәа анеилало амшын рылҵуеит. Адыгақәа ражәаԥҟақәеи ражәеинраалақәеи" (Н. Чуиаковаи иареи, Аҟәа, 1994).
Сергеи Зыхәба иҭыжьымҭақәеи иҭҵаамҭақәеи: Абхазская народная сказка. Тбилиси, 1970; Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. Еиҳау аҵараиурҭақәа рзы арҵага шәҟәы. Аҟәа, 1981; Абхазское устное народное творчество. Тбилиси, 1988, қырҭшәала); Типология абхазской несказочной прозы. Маикоп, 1995; Мифология абхазо-адыгских народов. Майкоп, 2007; Аԥсуа мифологиа. Аҭҵаарақәа. Аҟәа, 2012; Избранные труды: в 2 томах. Сухум, 2014; Афольклортә текстқәа реизга: Аԥсуа фольклор аматериалқәа. (Академик Н. И. Марр иархив аҟнытә). Аҟәа, 1967; Анҷакәынҷа. Алакә. Аҟәа, 1967; Қәаса иқьаса. Алакәқәа. Аҟәа, 1969; Аԥсуаа ҿырҳәалатәи ражәабжьқәеи рашәақәеи. Аҟәа, 1970 (А. А. Аншбеи, Ш. Хь. Салаҟаиеи, иареи еилахәны); Аԥсуа лакәқәа. Қарҭ, 1976; Аԥсуа жәлар рҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа. Аҟәа, 1978; Амра аанызкылаз аԥҳәызба. Алакәқәа. Аҟәа, 1983; Басиаҭи егьырҭи. Аԥсуа лафқәа. Аҟәа, 1991; Аԥсуа лакәқәа. Аҟәа, 1997; Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. 12-томкны. Аԥсуа лакәқәа. 4-тәи атом. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 2005; Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа. 12 томкны. Аԥсуа лакәқәа. 4-тәи атом. Аҩбатәи ашәҟәы. Аҟәа, 2005; Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12-томкны. Аԥсуа лакәқәа. 5-тәи атом. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 2007; Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12-томкны. 5-тәи атом. Аҩбатәи ашәҟәы. Аҟәа, 2010; Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12-томкны. Аԥсуа лакәқәа. 6-тәи атом. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 2011; Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12-томкны. Аҧсуа лакәқәа. 6-тәи атом. Аҩбатәи ашәҟәы. Аҟәа, 2013; урысшәала: Абхазские анекдоты. Гагра, 1994; ҭырқәшәала: Аҧсуа лакәқәа. Аҟәа, 1997; алитература иазку ашәҟәқәа: Аҿиара амҩала. Алитературатә-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1975; Ахаҳә еиҩсамхарц. Алитературатә-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1984; Ажәа сахьарк аԥшааразы. Алитературатә-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1987; Дырмит ду иакәымзар… (Д. Гәлиа диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкны). Аҟәа, 2004; Ахәшҭаара амца мыцәарц. Алитературатә-критикатә статиақәа, аҭҵаарақәа, арецензиақәа, апублицистика. Аҟәа, 2006; Баграт Шьынқәба иԥсҭазаареи ирҿиамҭеи. Аҟәа, 2009; урысшәала: На сквозняке времен. Литературно-критические, политические, статьи, рецензии, публицистика. Сухум, 2006; қырҭшәала: Аԥсуа-ақырҭуа литературатә еимадарақәа. Қарҭ, 1980.
Сергеи Зыхәба ихаан даара иуадаҩын Аҟәа ашьапаларгылара, ақырҭқәа иаркы иаркы ирцә ҳәа ианыҟаз аамҭаз акәын. Аха иара аҭаацәара даналала, иҭаххеит ишьапгьы уаҩҵас икырц. Уи ииулакгьы абга аҟарҟы икылхны иԥшааит иахьа Турбаза араион ҳәа иахьашьҭоу ҭыԥ ҳракырак аҿы аҩны ахьҭаургылаша адгьыл. Иара иҩыза гәакьа акритик, алитератураҭҵааҩ Руслан Қапба иажәақәа рыла, аҩны зегьы азхара аблокқәа Тҟарчалынтәи иԥҟаны дәыӷбала Кьалашәырынӡа иааигеит, нас асамасвал машьынақәа ирықәҵаны инхарҭа ҭыԥахь ихаигалеит. Иџьаушьаша убригь акәӡам, иџьаушьаша, ҩ-еихагылак иҟаз аҩны инапала иргылеит, иҩызцәа мышкы ҩымш ицымхраазар, уаҳа ицхраауаз аӡәгьы димаӡамкәа…
Абраҟа иазгәасҭар сҭахуп даҽакгьы. Аибашьра ашьҭахь, шықәсқәак ааҵхьан еиԥш, Сергеи Лад-иԥа ачымазара бааԥсы изцәырҵит, мчыбжьык хынтә ишьа зегьы иԥсахлар акәын, убри азы ҩба-ҩба сааҭ кәарма илеиуа ахәшә даҵаианы ихигалар акәын. Аха усҟан уи аҩыза ачымазара ахәшәтәразы Аԥсны амедицина алшара ыҟамызт азы, Маиҟәаԥ дцар акәхеит, ԥшьышықәса дуӡӡа убра иҽихәшәтәуан, ҵараиурҭак аҿгьы аус иуан, аҿар алекциақәа дрызрыԥхьон. Усҟан иҭҵаарадырратә усумҭақәа рыбжеиҳарак кәарма илеиуа ахәшә даҵаианы иҩуан.
Ашьҭахь Аԥсны амедицина иаиуит убри аҩыза алшара, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа иҽагьихәшәтәуан, гәаҟрыла иҭҵаарадырратәи икритикатәи усумҭақәа "икапельница" даҵаианы иаԥиҵон… Шәара шәазхәыц, шаҟа бзиа иубар акәуи уус, убриаҟара џьамыӷәа ухганы, аԥсра абла ес-шәымҭа уҭаԥшуа, арахь арҿиамҭақәагьы аԥуҵо…
Аҵарауаҩ иҩыза гәакьа акритик Руслан Қапба Сергеи Лад-иԥа изку истатиақәа аҩбагьы -"Аԥсадгьыл ԥсыс иахоуи", "Аамҭа деиҷаҳауани" рҿы даара ибзиан иааирыԥшуеит аҵарауаҩ иԥсҭазаара, ирҿиаратә гәаҳәара, уи шаҟа ихы аус адиулоз дызқәылаз амҩа ихы шьҭыхны данысырц, шаҟа аџьабаа ибаз ижәлар ирыхәогьы акы ҟаиҵарц, аҳәара ус иааинырсланы статиа хәыҷык аҿы ицәгьоуп.
© Foto / из семейного архива Зухба Аҵарауаҩ иҩыза гәакьа акритик Руслан Қапбеи иареи
Аҵарауаҩ иҩыза гәакьа акритик Руслан Қапбеи иареи
© Foto / из семейного архива Зухба
Ааи, академик Сергеи Лад-иԥа Зыхәба иахьа иреиӷьӡоу ҳҵарауаа рахь дыԥхьӡоуп, иџьабаагьы ахә шьоуп иԥсеиԥш бзиа иибоз иԥсадгьыл аҿы иаҳракны. Ахаангьы иӡуам аҵарауаҩ иџьабаа ҳҿар аҵарадыррахь рхы ханаҵы, уаҵәтәи амш иазхәыцуа, зыԥсадгьыл бзиа избо ауаа ҳаманаҵы…