Урыстәыла

Аҳәынҭума иаднакылеит Асовет жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш азы азакәан

Азакәан апроект Аҳәынҭқарратә Думахь инаргеит абҵарамзазы, ажәалагала ҟарҵеит мшаԥы 19 асовет жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара иамшны иҟаҵазарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан анацистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи имҩаԥыргоз Асовет жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш азы азакәан аднакылеит. Абри атәы аанацҳауеит азакәанԥҵаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Адепутатцәа ажәалагала ҟарҵеит мшаԥы 19 агәалашәара Амш ҳәа ишьақәыргылазарц.
"Ҳара иаҳуалуп адунеи зегьы анацистцәа ирцәызыхьчаз ҳабдуцәеи урҭ рабдуцәеи рфырхаҵара агәалашәара аиқәырхара. Афашистцәа рыцәгьоурақәеи асовет жәлар рфырхаҵареи ирызку аиаша егьырҭгьы ирхадыршҭыр алаҳмыршарц", - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин.
Иара иазгәеиҭеит, 13 миллионҩык инареиҳаны Асовет Еидгыла аҭынч уааԥсыра анемец-фашисттә оккупациа ишалаӡыз, аӡәырҩы шыршьыз, рыԥсы шҭаз ишырбылыз, аконцлагерқәа рҿы ишдыргәаҟыз.
Аԥсны
Аконцлагерқәа рыҟны ирбаандаҩыз ирызку афильм "Аԥшаара" дырбан "Москва Аҩны" аҿы