Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр 2025 шықәсазы ҩ-спектакль ҿыц ықәнаргылеит, "Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам", "Ашьажәҩы иҭаацәа", иара убас ахәыҷқәа рзы - "Асыуаҩ". Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит атеатр аиҳабы Аслан Еныкь, иҳаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо.
Нобель иаԥхьахә алауреат италиатәи адраматург Дарио Фо иҩымҭала изықәымҿио аӷьычи уи иҳәсеи ирызку акомедиатә спектакль ықәиргылеит урыстәылатәи арежиссиор Никита Рак. Апиеса аԥсшәахь еиҭеигеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа.
"Ахәарҭлаӷь иҭаацәа" захьӡу Васили Сигариов иҩымҭа иалхны аспектакль "Ашьажәҩы иҭаацәа" ықәиргылеит иааԥхьаз арежиссиор — Дмитри Акимов. Аспектакль анаркоманиа атема иазкуп, уи иахьа апроблема зхьымсыц аӡәгьы дыҟаӡам иҳәеит Еныкь.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳаи Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкьи актиор Мдар Сақаниеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.