https://sputnik-abkhazia.info/20260110/enyki-saaniei-eiareit-asua-aar-rteatr-2025-shysazy-iamaz-aikharaa-rty-1060301734.html
Еныкьи Сақаниеи еиҭарҳәеит Аԥсуа Аҿар ртеатр 2025 шықәсазы иамаз аихьӡарақәа ртәы
Еныкьи Сақаниеи еиҭарҳәеит Аԥсуа Аҿар ртеатр 2025 шықәсазы иамаз аихьӡарақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр 2025 шықәсазы ҩ-спектакль ҿыц ықәнаргылеит, "Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам", "Ашьажәҩы иҭаацәа", иара убас ахәыҷқәа рзы - "Асыуаҩ"... 10.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-10T11:32+0300
2026-01-10T11:32+0300
2026-01-10T11:35+0300
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/0a/1060301504_0:122:1280:842_1920x0_80_0_0_65566301c26ba5b320b90b497691c2be.jpg
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр 2025 шықәсазы ҩ-спектакль ҿыц ықәнаргылеит, "Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам", "Ашьажәҩы иҭаацәа", иара убас ахәыҷқәа рзы - "Асыуаҩ". Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит атеатр аиҳабы Аслан Еныкь, иҳаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо.Нобель иаԥхьахә алауреат италиатәи адраматург Дарио Фо иҩымҭала изықәымҿио аӷьычи уи иҳәсеи ирызку акомедиатә спектакль ықәиргылеит урыстәылатәи арежиссиор Никита Рак. Апиеса аԥсшәахь еиҭеигеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа."Ахәарҭлаӷь иҭаацәа" захьӡу Васили Сигариов иҩымҭа иалхны аспектакль "Ашьажәҩы иҭаацәа" ықәиргылеит иааԥхьаз арежиссиор — Дмитри Акимов. Аспектакль анаркоманиа атема иазкуп, уи иахьа апроблема зхьымсыц аӡәгьы дыҟаӡам иҳәеит Еныкь.Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳаи Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкьи актиор Мдар Сақаниеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/0a/1060301504_0:2:1280:962_1920x0_80_0_0_90823baed0c38a06f7084413bf830816.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, акультура, видео
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, акультура, видео
Еныкьи Сақаниеи еиҭарҳәеит Аԥсуа Аҿар ртеатр 2025 шықәсазы иамаз аихьӡарақәа ртәы
11:32 10.01.2026 (ирҿыцуп: 11:35 10.01.2026) Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр 2025 шықәсазы ҩ-спектакль ҿыц ықәнаргылеит, "Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам", "Ашьажәҩы иҭаацәа", иара убас ахәыҷқәа рзы - "Асыуаҩ". Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит атеатр аиҳабы Аслан Еныкь, иҳаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо.
Нобель иаԥхьахә алауреат италиатәи адраматург Дарио Фо иҩымҭала изықәымҿио аӷьычи уи иҳәсеи ирызку акомедиатә спектакль ықәиргылеит урыстәылатәи арежиссиор Никита Рак. Апиеса аԥсшәахь еиҭеигеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа.
"Ахәарҭлаӷь иҭаацәа" захьӡу Васили Сигариов иҩымҭа иалхны аспектакль "Ашьажәҩы иҭаацәа" ықәиргылеит иааԥхьаз арежиссиор — Дмитри Акимов. Аспектакль анаркоманиа атема иазкуп, уи иахьа апроблема зхьымсыц аӡәгьы дыҟаӡам иҳәеит Еныкь.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳаи Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкьи актиор Мдар Сақаниеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.