Ажьырныҳәамза анҵәамҭазы Ф. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит уажәжьҭа итрадициатәхаз арежиссиортә лабораториа. Аескизқәа ԥшьба рыла ишьақәгылаз атеатртә хәылԥазы хә-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Еснагь еиԥш, ахәаԥшцәа аҵыхәтәанынӡа иацклаԥшуан асценаҿы имҩаԥысуаз, иара убас ахцәажәара рхы аладырхәуан. Сынтәа алабораториа теманы иазалхын еицырдыруа акиносахьақәа ирылху ақәыргыламҭа маҷқәа рӡыргара. Анаҩс, аекспертцәеи ахәаԥшцәеи ргәаанагара хәшьадны иалырхуеит иргәаԥхаз аескиз, атеатр аценаҿы аԥсҭазаара аҭаразы – абас иҟоуп аԥҟарақәа.
Иахьатәи аамаҭазы алабораториақәа мҩаԥысуеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҿы. Аԥсны уи қәра дук амамзаргьы, ашьҭра ылнагахьеит. Ишәгәаласыршәоит ииасыз ашықәс азы аиааира згаз ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иажәабжь "Аҵыҵындра" (Земляника") иалхыз аспектакль шықәыргылаз РУСДРАМ асценаҿы, аԥхьарбара мҩаԥысит жәабран 9 2025 шықәсазы (ареж. Д. Хәсниаров). Алабораториақәа зегьы сырҭаауеит сыблала избарц, иахьатәи арежиссиорцәа ицәырырго атенденциақәа, атеатртә шәыгақәа хшыҩзышьҭра рыҭаразы. Сынтәатәи аԥшьбатәи алабораториагьы бжьасмыжьит. Уаанӡатәиқәа рҿы шамаха сақәшәон аԥхьагылара зауаз, иалыркаауаз аескиз ахьӡ аҳәара. Сынтәа сызхәаԥшыз атәы сҳәозар, исцәыуадаҩуп лкаак аҟаҵара, арежиссиор изанааҭ аҿы раԥхьатәи ашьаҿа ҟазҵо Мадлена Барцыцԥҳа лескиз адгылара шасҭазгьы.
Акинодраматургиеи иаабац апиесеи, мамзаргьы апроза иалхны атеатр азы иҩу апиесеи аиԥшымзаарақәа рымоуп, акино аҿы акадрқәа цәажәозар, аспектакль аҿы уааигәа иҟоу ахәаԥшҩы ибла иабарц иҭахуп аԥсы зхоу атеатртә сиужет. Атеатр лабҿаба иҿио дунеиуп, акино ҭыхуп, амонтаж азуп, уи аҽеиҭанакӡом. Ицәыргаз акиносиужетқәа ртәы ҳҳәозар, сызхәаԥшхьаз акы заҵәык ауп – "Абаӡӡеи" ("Крестный отец"). Срыхәаԥшхьазар иҟалон еиҳа исԥырхагахаргьы, убри аҟнытә атеатр ахь сцара иаанагон атеатртә ескиз ҿыц агәылаԥшразы агәаҳәара. Имӡакәаны исҳәоит, сыла иабаз аескизқәа рҿы актиорцәа рылшара еиҳа аԥыжәара агоит, арежиссиорцәа ицәырырго аескизқәа рыхсаала аасҭа. Арежиссиортә лабораториа асахьаркыратә напхгаҩы Ольга Никифорова алагамҭазы илҳәеит ари атеатр бзиа ишылбаз, сынтәагьы гәахәарыла дшааз, насгьы иазгәалҭеит арҿиаҩы изыҳәан алшара бзиақәа шамоу. Уаанӡатәи санҵамҭақәа рҿеиԥш, акакала аескизқәа рыхцәажәара салагом, аха усгьы сыбла иабақәаз рҟынтәи лкаақәак сымоуп.
РУСДРАМ актриса, арежиссиортә занааҭ ашьҭкааразы Москва аҵара зҵо Мадлена Барцыцԥҳа иҳадылгалеит "Џьокер" (Джокер"). Сызхәаԥшқәаз зегь изларылыскааз, Барцыцԥҳа лара лактиортә ԥсабара ишаҟазшьаҷыдоу еиԥш, апсихологизм ззырҳәо цәырылгоит. Даара имариам усуп ԥшьымш рыла ахыи аҵыхәеи змоу аескиз аиқәыршәара, еиҳаракгьы акино ашьҭра ухыланы. Аха, ус акәзаргьы Руслан Ажьибеи Екатерина Барышевои рылшарақәа лхы иархәаны, арежиссиор лҽазылшәеит ауаҩы иеилкаам идунеи агәылаԥшра. Ииашоуп, аескиз аҿы аарԥшра мариаӡамызт, зыҭра иҭҟьаны иҟоу, ауаҩшьра ззымариахаз арԥыс ари аҟынӡа дназгаз. Уи азы ақәыргылаҩ аексперттә еилазаара иалаз рҟынтәи авбақәа лоузаргьы, илымаз аҭагылазаашьа лхы иархәаны дцәырылгоит зегь иреиԥшым ауаҩы, аха знысымҩа ушьара уқәзырҟьо идунеи. Еснагь еиԥш иҟан ахцәажәара, ахәаԥшцәа дара ишырҟазшьоу еиԥш иаҳгәаԥхеит рҳәон, аха акритикцәа хыхь ишысҳәаз еиԥш абырҵкал икылырхуан изхәаԥшыз. Урҭ рыхҳәаақәа рыла, арежиссиор аханатә ицәырылгоит ауаҩы идрама, дара ргәаанагарақәа рыла иҟазар акәын маҷ-маҷ ицәырҵуа аҭагылазаашьақәа ауаҩы иԥсҭазаара шеиҭанакуа, дгыгшәыгны дҟанаҵар шалшо узырбо арежиссиортә мҩақәа.
Анаҩстәи аескиз ҳадигалеит Алексеи Золотовицки "О, уабаҟоу уара сашьа?" (О, где же ты, мой брат"). Ари ақәыргыламҭа аилыргара аан ахәшьара бзиақәа аиуит, асцена архиашьа, аескиз аритмқәа рыла егьырҭ ираԥнагон, аха схатәы сҳәозар, уамак сылаҿ имааиӡеит. Еиҳа сыззааҭгылар исҭаху иреиуоуп "Анибарҵәара Анцәа" ("Бог резни". ареж. Георги Сурков). Абраҟагьы арежиссиор қәҿиарс имоу ихәмаруа РУСДРАМ аеҵәахәқәа роуп – Симона Спафопуло, Осман Абыхәба, Ирина Делԥҳа, Леон Ӷәынџьиа. Ахәыҷқәа реимак аҵыхәала ҩ-ҭаацәарак реиҿыхара ареализм инахыҳәҳәо иаарԥшуп иназыгӡоз рыбзоурала. Ари исҳәо иалацәажәеит атеатртә критикцәагьы. Ақәыргыламҭа иалху акиносахьа ахаҭа апиеса шьаҭас иаман, аха иара рдыруа иҟалеит акино абзоурала. Акритикцәа реицәажәараҿы иазгәарҭеит иагьшымариамыз алитературатә текст ду шьаҭас измоу афильм, ишьақәцаланы аескиз алхра. Аха ус акәзаргьы, бзиа иахцәажәеит, саргьы садгылаҩуп актиорцәа рыхәмарра шьахә. Амала, агәынамӡарас исымоу, арежиссиор "икаллиграфиа" уамак иахьанымԥшуа ауп.
Ҳарҭ ҳзын акыр ихадоуп, арежиссиорцәа ицәырыго атенденциа ҿыцқәа рышьклаԥшра, уи уажәтәи алабораториаҿы уаанӡатәиқәа ирыҿҳарԥшуазар еиҳа ихьысҳан сҳәар сылшоит. "Крестный отец" еицырдырӡо америкатәи акриминалтә драма ҳәа изышьҭоу фильмуп. Асиужет атәы ́́ҳҳәозар, ҳара ҳазҭагылоу аамҭагьы акыр иашьашәалоуп уҳәар ауеит. Официалтә мчқәа раасҭа амафиа анырра шамоу аарԥшуп аескиз аҿы. Ақәыргыламҭа автор, арежиссиор Роман Габриа иусумҭа акинолента иашьашәалан. Асахьаркыра ацын, аха еиҵыхцәан, нҵәара зқәым асценатә еиҭаҳәарақәа ыҟан. Аха, атема акыр актуалра ахьамоу азы, иауцәазаргьы инагӡаны ахәаԥшразы мап узацәкуамызт. Аескиз иалахәын атеатр актиорцәа раӷьыраҩык, асцена ҭырҭәааны иҟан зегь зымҵахырхәо ауаҩы иԥҳа лчара гәырҭәыла азгәаҭаразы. Сгәаанагара абасшәа иҟоуп иаха атеатр аҿы избаз аескизқәа рдунеи сазааҭгылозар. Еиҭах исҳәоит, актиорцәа рылшарақәа еиҳан иқәзыргылоз ртәы аасҭа.
Аескизқәа анхыркәшаха ашьҭахь, ахҳәаа сылҭеит алабораториа асахьаркыратә напхгаҩы Ольга Никифорова. Абар лара лгәаанагра:
"Ҳара игәаҳҭалароуп ас еиԥш иҟоу атеатртә ҭоурыхқәагьы, анаҩс мҩас иалаҳхуа ҳазхәыцларц азы. Урыстәыла сара соуп абарҭ аескизқәа рықәыргылара хацзыркыз. Ари даара ихәарҭоу усуп атеатртә процесс азы, иара ахәаԥшҩы изынгьы хра алоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ахәаԥшҩы дааины дзышьцылам ибла ианабо, дгәырӷьоит, ма дгәамҵуеит. Сгәы иаанагоит атеатр идәылҵны ианцалак ашьҭахьгьы ирбаз иалацәажәалоит, алкаақәа ҟарҵалоит ҳәа. Алабораториа ихәыдоу алҵшәа аиушьа амаӡам, еснагь иҿыцу ак ацуп ахәаԥшцәа рзы, иара атеатр азынгьы".
Анаҩс Никифорова слазҵааит, аекспертцәа ргәаанагара анырра абанӡанаҭо ахәаԥшцәа рыбжьаҭара ҳәа. Лара исаҭалкит "шамаха еишьашәалоуп" ҳәа. Лассы иҳаҳауеит, иацтәи атеатртә еиндаҭлара алҵшәақәа, уаҟа иалкаахо аескиз автор алшара иоуеит РУСДРАМ асценаҿы инаӡоу аспектакль ақәыргыларазы.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.