00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ааԥсара ззымдыруа абжьы: "Едит Пиаф" Русдрам асценаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля Эдит Пиаф в РУСДРАМе
Премьера спектакля Эдит Пиаф в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2025
Анапаҵаҩра
Санқәыԥшыз, атеатртә институт санҭаз 1983-тәи ашықәс азы акинотеатрқәа рҿы ицәырҵит афранцыз шәаҳәаҩы Едит Пиаф лыбзиабара иазкыз "Едит и Марсель" зыхьӡыз арежиссиор К. Лелуш иҭихыз адрама. Агәаран сықәгыланы абилеҭ аахәаны сахәаԥшит зыбжьеиԥш зхатә ԥсҭазаарагьы џьашьахәыз ашәаҳәаҩ лхатә ԥсҭазаареи лырҿиареи ирызкыз акино. Усҟан акырынтә сеиҭахәаԥшит гьамала иҭыхыз афильм. Насгьы, ароль хадақәа назыгӡоз Евелин Буикс (Едит) Марсель Сердан (Марсель иԥа) рыхәмарра акыр сыхнахит. Пиаф асовет аамаҭазы иззыӡырҩуаз шәаҳәаҩын, аха иахьатәи аамҭазы уи лхатә ԥсҭазаара иазку аинформациа уԥшаар шалшо еиԥш, усҟан иҟамызт. Ари зысҳәо, уи акино абзоурала исгәаԥхоз ашәаҳәаҩ лхатә дунеигьы сагәылаԥшит.
Едит Пиаф диижьҭеи 110 шықәса ҵит. Абри арыцхә азы, Пиаф лиирамаш инақәыршәаны Аурыс драматә театр (Русдрам) аҿы ицәырҵуеит ҷыдала ари атеатр азы иҩу апиеса (автор Вера Сердечнаиа) иалху аспектакль "Едит Пиаф". Ԥхынҷкәын 18 рзы Русдрам имҩаԥган ажурналистцәа рзы аԥхьарбара. Аспектакль аӡбахә ансаҳаҵәҟьа, лымкаала сазыԥшын афранцыз шәаҳәаҩы Едит Пиафи абоксиор Марсель Сердани рыбзиабара иазку аҭоурых ҿыц аҽагәылахалара. Арежиссиор, ақәыргылаҩ Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Александр Огариов ишиҳәаз еиԥш "аԥсҭазаареи аҟазареи шьагәыҭс измоу" илызкыз адраматә рҿиамҭа збар сҭахын даҽа зныкгьы. Зегь реиҳа хшыҩзышьҭра асҭон Едит лроль Лоида Ҭырқьԥҳа иахьыналыгӡоз, избанзар егьырҭ аспектакльқәа рҿы лара лвокал аҩаӡара шҳаракыз убон. Едити Марсели рыбзиабара иазыԥҵәаз аамҭа зынӡа имаҷын, ҩышықәса иреиҳамызт, нас Марсель авиакатастрофа аҿы дҭахоит.
Чехов илитературатә ԥсабара: Аҷныш РУСДРАМ аценаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2025
Аԥсны
Чехов илитературатә ԥсабара: "Аҷныш" РУСДРАМ аценаҿы
Русдрам аспектакль ҳалацәажәазор, иаарԥшуп аҟазареи аԥсҭазаареи рҿы зымҩа мариамыз аԥҳәыс лҭоурых, ақәыргыламҭа иаанартуеит усҟантәи аамҭазы Франциа имҩаԥысуаз арҿиаратә еихдарақәа рышьақәгылашьа. Хыхь зыӡбахә сҳәаз акинофильм сеиҭазыхынҳәуазар, уаҟа арежиссиор Пиаф лпортреттә цәаҩақәа дрыцәхьамҵит, агәра угаратәы иҟан аекран аҿы иаҳбоз лара лакәушәа. Иахьатәи аҟазара атәы ҳҳәозар, азнеишьақәа рҽырыԥсахит. Лоида Ҭырқьԥҳа асценаҿы иаалырԥшуа ашәаҳәаҩ лсахьаҵәҟьа ашьҭкаара даламгеит, ҳара ҳҿаԥхьа дцәырҵит зыбжьы уаргәаҭеиуа, ашансон ахырхарҭала ахәаԥшцәа зытҟәоз аԥҳәызба лхаҿрала. Аиашазы, атеатр ахь санцоз, саргьы исҭахын избарц зыԥсҭазаара мариамыз, зҟазшьа уадаҩыз арҿиаҩы лҭоурых, иара убри аамҭазы сазыԥшын узыршанхо абжьы, сахьала Пиаф лхаҭаԥсаҭа лакәымзаргьы. Сгәаҳәарақәеи атеатр асценаҿы сыбла иабаз аҭоурыхи еиқәшәеит.
Лоида Ҭырқьԥҳа ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа лашәақәеи лгәаҟрақәеи еилаӡҩаны ахәаԥшҩы лнапаҿы дааганы длыман. Лымкаала лара дзалыскаауа, аспектакль гәыцәс иамоу лара лоуп, ааԥсара ззымдыруа лыбжьы датҟәон азал аҿы итәаз ауаҩы. Асценаҿы ицәырҵуа егьырҭ актиорцәагьы аспектакль хазырҭәаауа аҟазшьақәа аадырԥшуеит. Аспектакль алагамҭаҿы ақәыргылаҩ дазыхынҳәуеит Едит лаби (Кирилл Шишкин) лареи амҩадуқәа рҿы рыхәмаррақәа ирыцыз ауадаҩрақәа, аха иара убасгьы иаҳдырбеит ашәаҳәаҩ Пиаф лырҿиара алагашьа иазку асценатә еиҭаҳәа. Имариамыз, зны-зынла Пиаф лхаҭа илыруадаҩуаз асиужетқәа рыла еибаркуп афранцыз шәаҳәаҩы лыԥсҭазаара Русдрам асценаҿы. Пиаф дызнысыз аԥсҭазааратә мҩаҿы ицәырҵуа ахацәа ррольқәа назыгӡоз рахьтә иалыскаарц сҭахуп Саид Лазба (Луи Лепле), Емиль Петров (Марсель Сердан). Актиорцәа рыхәмарраҿы иҟан зыгәра угоз ауаатәыҩсатә ҟазшьақәа. Иазгәасҭарц сҭахуп абзиабаратә сценақәа иахмырҟьацәақәа, аԥсуа хәаԥшҩы идикыларатәы ишыҟаҵоу. Иааизакны иаҳҳәозар, аспектакль иаанарԥшит аԥсҭазаараҿы иаҳзеилымкаауа ауаҩытәыҩса иҟазшьақәа. Избан ас, иамуӡоз даҽакала ҳәа еснагь иҳазцәырҵуа азҵаарақәа аҭак рымамзар ҟалап, избанзар, ауаҩы ари адунеи дананысуа дшьацәхныслоит, дгылоит, зыны-зынла ас зиузеи ззуҳәо аҟазшьақәа ааирԥшуеит.
Премьера спектакля Чайка в абхазском драматическом театре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2025
Аԥсны
"Аԥсҭазаара аҭагәҭасра иҭанасыз": аспектакль "Аҷныш" Аԥсуа театр аҿы аԥхьарбара шымҩаԥысыз
Пиаф лыԥсҭазаара атәы ҳҳәозар, ари аспектакль аҿы атеатр ишҳаднагало ала, арҿиаҩы ирҿиара зырцыхцыхуа, дызнысуа ахатәы драматә мҩа акәзаргьы ауеит. Уажәы-уажәы Лоида Ҭырқьԥҳа иаацәырылгон ахәаԥшҩы иԥсы ӡаны дылзыԥшратәы, дызмырҭынчуаз ахәыцрақәа рыла иҩычаз ашәақәа. Иара убри аамҭазы лара актриса лаҳасабала, лыбжьы ссир анаҩсангьы, уажәы-уажәы зҟазшьа аҽеиҭанакуаз, зеилкаара мариамыз аԥҳәыс лдунеи аалырԥшуан. Пиаф - Ҭырқьԥҳа асценаҿы дзыниозаалакгьы лхы злеиқәлырхоз лашәақәа рыла акәын. Ашәа ԥсҿыхган, ашәа ыҟамзар дҟаломызт аспектакль зызку арҿиаҩгьы. Аспектакль иалахәын атеатр атруппа аӷьырак, даараӡа исгәаԥхеит ахореограф Лиубов Пегели дареи русеицушьа. Иҟаӡамызт машәыршәа имҩасуаз анеиааира, даара ицқьаны инагӡан ахореографиатә елементқәа. Пиаф лхаантәи аамҭа аарԥшразы асценографиа имыруадаҩқәа илхәыцит сҳәар ауеит асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ Ирина Бринкус. Араҟа алашареи, асцена злархиоу аелементқәеи цәгьа еинаалон.
Дырҩагьых сылзыхынҳәеит Пиаф лроль назыгӡоз Лоида Ҭырқьԥҳа. Актриса лпластика уаршанхоит, уи иалылхыз амҩа гьамала ишьақәыргылоуп, иҟаӡам угәы еихьызшьуа акагьы. Иааиԥмырҟьаӡакәа асцена иқәыз актриса илыман зроль налыгӡоз ашәаҳәаҩ илымаз агәыкра. Агәра угон актриса дшанысуаз зыԥсҭазаара мариамыз аԥҳәыс лымҩа. Аспектакль иахәаԥшуа дарбанзаалак, ихьымсыр ауӡом абзиабара иарҿио аԥсҭазаара адраматә цәаҩақәа, избанзар сгәанала дарбанзаалакгьы имҩаҿы иҟалалоит зеилкаара уадаҩу ааҭагылазаашьақәа. Лоида Ҭырқьԥҳа – Пиаф имариамыз лыԥсҭазааратә мҩа хыҵхырҭас иаман драмала иҭәыз лшансон. Актриса иналыгӡоз ароль зыхҳәаау Пиаф лстиль дазааигәан, аха уи иацын лара Лоида лашәанагӡашьа ҷыдагьы, исҳәарц исҭаху актриса "ихкьыԥхьлан" иҟалымҵеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара - Sputnik Аҧсны
1/5

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

© Sputnik / Томас Тхайцук

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара - Sputnik Аҧсны
2/5

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

© Sputnik / Томас Тхайцук

Премьера спектакля Эдит РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

Премьера спектакля Эдит РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара - Sputnik Аҧсны
3/5

Премьера спектакля Эдит РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

© Sputnik / Томас Тхайцук

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара - Sputnik Аҧсны
4/5

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

© Sputnik / Томас Тхайцук

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара - Sputnik Аҧсны
5/5

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

1/5

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

2/5

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

3/5

Премьера спектакля Эдит РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

4/5

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

5/5

РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Едит Пиаф" аԥхьарбара

Русдрам иқәнаргылаз "Едит Пиаф" иазысҳәар ауеит ашәалҟьамра иаҩызоу, ахәаԥшцәа здызыԥхьало спектакльхоит ҳәа. Иҟоуп ԥсра зқәым арҿиаратә ҭынха, уи аԥызҵаз рхаҭа адунеи аанрыжьыргьы, иларҵаз ажәла наунагӡа ауаатәыҩса рыгәқәа арҿыхалоит. Пиаф лдунеи лыԥсахижьҭеи 62 шықәса ҵуеит, аха лхаҭареи лашәақәа рстильи иахьагьы адунеи аҿы азҿлымҳара рымоуп. "Франциа агәеисырҭа абжьы", "Франциатәи ашәақәа аҟазшьа ҿыц рхазҵаз", "абзиабара агимн назыгӡаз" уҳәа, уи лырҿиара иаиухьеит ахҳәаа ссирқәа. Абас иҟаз шәаҳәаҩын Пиаф, уи лхаҿсахьа назыгӡаз Лоида Ҭырқьԥҳагьы зыбжьы ааҭгылашьа азымдыруа хаҿсахьаны дҟалоит. Ирыдысныҳәалоит сколлегацәа ицәырыргаз аҭоурых иамоу ақәҿиара.
Ажәабжьқәа зегьы
0