Башкортосҭантәи аделегациа раара шымҩаԥысыз, Аԥсны ахада Бадра Гәынба Лаҭатәи атрагедиазы Ибрагим Иаганов иҟаиҵаз аҳәамҭа иахиҳәааз, Аԥсны урыстәылатәи аҩныҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәеи амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәеи рыҭара зааныркылаз, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рмаҵурақәа рҿы ишьақәдырӷәӷәаз атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
Башкортосҭанынтәи аделегациа раара
Аԥыза-министр Андреи Назаров зхадараҿы дыҟоу Башкортосҭантәи аделегациа иҳаҩсыз амчыбжь азы усутә визитла Аԥсны иаҭааит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Андреи Назарови Башкортосҭан ахарџь ала еиҭашьақәдыргыло Аҟәатәи амшынԥшаҳәа ахәҭа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит.
Назаров иҳәеит амшынԥшаҳәа ари ахәҭа аиҭашьақәыргылара ианаамҭоу ишхыркәшахо, иагьациҵеит аганқәа анаҩсгьы аинырреи аекономикатә еимадарақәеи шдырҭбаало, атауареикәыршара ишацырҵало.
"Ари ҳара ҳзы ихьӡуп. Аԥсныҟа иаало зегьы, дара аԥсынуаа рхаҭақәагьы ирдырлоит Башкортосҭан шакәу абри аҩыза аиашьаратә ҳамҭа ҟазҵаз", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Башкортосҭани Аԥсни русеицура Аԥсназы аҵакы шамоу, иҳәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аҭоурых ҵаула шрымоу –амлашьра аамҭақәа раан Башкириаҟа аԥснынтәи афатә-ажәтә шдәықәырҵоз, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь урыстәылатәи арегион ареспублика агуманитартә еидарақәа, афатәқәа, абылтәы рыла шаанашьҭуаз.
Аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иаҳхысыз ашықәс азы иалагеит, уи аԥаразоужьра мҩаԥыргоит Башкортосҭан, Ҭаҭарсҭан, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, Урыстәыла аус зуа аԥснытәи абизнесуаа рымч ала. Аартра азгәаҭоуп рашәара 1 азы.
Азинхьчаҩ лԥылара
Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидикылеит Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааз ҳџьынџьуаҩ, Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рспециалист, Аднан Мендерес ихьӡ зху Ҭырқәтәылатәи ауниверстет адоцент Елчын Аӡынԥҳа.
Ахада иазгәеиҭеит Елчын ЕАР Афорум асесиаҿы лықәгылара иамаз аҵак ду.
"Шәара шәықәгыларақәа рҟны Аԥсны аӡбахә ахьышәҳәо, ҳҳәынҭқарра аргылара аус аҟны ҳажәлар рхықәкы, рыгәҭыха шәахьазааҭгыло — даара пату ақәаҳҵоит, Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", — иҳәеит Гәынба.
Елчын Аӡынԥҳа Бадра Гәынба изеиҭалҳәеит Еиду амилаҭқәа Реиҿкаара афорум аҟны лықәгылара атәы, аринахысгьы Аԥсны ахьӡ аӡыргаразы илылшо зегьы шыҟалҵало азгәалҭеит.
Алан Гаглоев ииубилеи
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев ииубилеи азгәеиҭеит жәабран 6 рзы. Аԥсны ахада Бадра Гәынба иколлега ҭелла диацәажәо дидныҳәалеит. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит Гаглоев итәыла асуверенитет арӷәӷәареи, уи аинститутқәа рырҿиареи, ажәлар ринтересқәа рыхьчареи аус аҿы иусура аҵак ду шамоу.
Атәыла ахада иҳәеит аиашьаратә республикақәа рхадацәа рыбжьара ишышьақәгылаз гәык-ԥсыкала иҟоу, агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа, инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ахә ҳаракны ишыршьо Аахыҵ Уаԥстәыла ахада ҩ-жәларык рыбжьара аиҩызареи, аилибакаареи, аинырреи рырӷәӷәараҿы хаҭалатәи илагала.
Ахҟьаԥҟьақәа зауз ацәажәара
Аԥсны Афырхаҵа Ибрагим Иаганов 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Тҟәарчалынтәи ишьҭыԥрыз авертолиот арратә хықәкы аманы иҟазар алшон ҳәа ахиҳәааит.
Ари аҭакс атәыла ахада Иаганов ииҳәаз хыччароуп, игәаҵәажәпароуп ҳәа ахиҳәааит.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Лаҭатәи атрагедиа Аԥсны ажәлар рҭоурых аҿы имӷьо хәроуп ҳәа.
"Ибрагим Иаганов* иҟаиҵаз аҳәамҭақәа рыла, хара змамкәа иҭархаз ахәыҷқәеи, аҳәсеи, абыргцәеи ргәалашәара ирхәымгеит, дарбанызаалак Аԥсны иқәынхо ргәы-рыԥсы ихәит ҳәа исыԥхьаӡоит", — иҳәеит иара.
Бадра Гәынба Лаҭатәи атрагедиа аан иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи дышрыдгыло иҳәеит, Аԥсны жәлар ари агәымбылџьбаратә цәгьоура иалаӡыз ргәалашәара ахааназ ишеиқәдырхо азгәеиҭеит.
Иаганов иҳәамҭақәа инарымаданы Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵаара иалагеит, уи алҵшәақәа рыла Аԥсны азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.
*2023 шықәсазы Урыстәыла аиустициа аминистрра аҳәаанырцәтәи агентцәа рсиа даҵанаркит.
Станислав Лакәаба игәалашәара анаунагӡатәра
Станислав Лакәаба игәалашәара анаунагӡатәразы акомиссиа аԥҵоуп Аԥсны ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Акомиссиа ахада — аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
Акомиссиа аилазаара иалоуп Аԥсуаҭҵааратә институт, ААУ рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Акультура аминистрреи Аҵара аминистрреи рхадацәа, АИХ-қәа, аҭҵаарадырратә центр рхаҭарнакцәа, Станислав Лакәаба иԥа — Отто.
Станислав Лакәаба — иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу, 1989 шықәсазтәи Лыхнытәи ааԥхьара автор, арҵагатә цхыраагӡа "Аԥсны Аҭоурых" авторцәа дыруаӡәкуп.
Иара машәырла дҭахеит цәыббра 20 рзы, 73 шықәса дшырҭагылаз.
Аҩнуҵҟатә тәылауаҩшәҟәқәеи амашьынарныҟәаратә зиншәҟәқәеи роура аанкылара
Аԥсны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәеи амашьынарныҟәцаратә гәраргагақәеи рыҭара иалацәажәеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Жәлар Реизара аилак иаркыз аилатәараҿы.
Уи иалахәын Аҧсны апрокурор хада Адгәыр Агрба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, АҩА рминистр Роберт Кьиут, Жәлар Реизараҿы аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба, АҩАР-и АдәАР-и рхаҭарнакцәа.
Аилатәараҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, излацәажәо азҵаарақәа рзы иарбанызаалак ӡбамҭак рыдрымкылеит.
Ҩымш рышьҭахь Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵеит урыстәылатәи аҩныҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәеи амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәеи ареспублика атәылауаа иахьрырҭо апунктқәа русура шаанкылоу азы.
"Аԥснытәи аполитикатә усзуҩцәа, Жәлар Реизара адепутатцәагьы налаҵаны, зыӡбахә ҳәоу апунктқәа русура азакәаншьаҭа шамоу азы агәыҩбара ахьаадырԥшыз инадҳәаланы, ихьыԥшым Аԥсны аҳәынҭқарра асуверенитет ҳаҭырла иазнеиуа урыстәылатәи аган урҭ русура аанкыларазы аӡбамҭа рыдыркылар акәхоит", - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Аԥсны атәылауаа иарбоу аусшәҟәқәа рыҭаразы аусура Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырахь ииагахоит ҳәа азгәарҭеит ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭа
Иара убри амш азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ареспублика иахьаҵанакуа урыстәылатәи ашәҟәынҵақәа рыҭара аанкылара ахҳәаа аиҭеит.
Урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа ахьрырҭо аҭыԥқәеи, иара убас аныҟәцаразы азини ахьеиқәдыршәо акабинетқәеи Аԥсны иаартын Урыстәыла ахада иӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны, Аԥсны ахадеи аԥснытәи амчрақәеи ақәыршаҳаҭны иҳәеит иара.
Аусқәа еиҿкаан "иаку аԥенџьыр" апринцип ала — хәыда-ԥсада, урыстәылатәи аспециалистцәа адыԥхьаланы, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа рзы иахьынӡауа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла АҩАР аусзуҩцәа рыҟазаара ареспублика азакәанԥҵара иаҿагылаӡом, жәларбжьаратәи апрактика иақәшәоит.
Аха, жәабран 4 рзы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы аилатәараҿы адепутатцәа гәыԥҩык, ҷыдала Кан Кәарҷиа, Урыстәыла АҩАР Амиграциатә маҵзура аспециалистцәа Аԥсны рыҟазаара азиншьаҭа шамоу азы агәыҩбара аадырԥшит. Уи исуверентәу аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҽрылагалароуп ҳәа азгәаҭо, Кәарҷиа ашьҭахь иаартны ахҳәаа аиҭеит.
Уи инамаданы Урыстәыла АҩАР анапхгара аӡбра рыдыркылеит русзуҩцәа дырхынҳәырц, ареспублика аҵакыраҿы ашәҟәынҵақәа рыҭара аанкылазарц ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп 190-нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра. Убри аан урҭ реиҳараҩык Урыстәыла аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа рымаӡам, уи аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи асоциалтә льготақәеи роура ԥнакуеит. Уажәшьҭа, атәылауаҩшәҟәы аиура ахьалшо Урыстәыла аҵакыраҿы мацара акәхоит, 4 нызқь мааҭ инаркны 6 нызқь мааҭ рҟынӡа аҳәынҭқарратә баџь ахшәаара аҭаххоит.
Аԥсны АдәАР рминистр имҩаԥигаз аиԥыларақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәараан имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистри Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аиҿцәажәараан аминистр венесуелатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит адипломатиатә миссиақәа рыҩаӡарагьы уахь иналаҵаны адгылара ахьрырҭо, аусуратә еимадара ӷәӷәақәа ахьрымоу азы.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан ааигәа Венесуела аҭыԥ змаз ахҭысқәа.
"Ҳара, иҭахаз Венесуела ахьчаҩцәа ргәалашәара ҳаҭыр ақәаҳҵоит. Аконституциатә еиҿкаара адгыларазы иахәҭоу аҳәамҭақәа зегьы ҟаҳҵеит, хаҭала, ҳаидгылара аарԥшразы иаҭахханы иҟалар анеира ҳазхиоуп", ҳәа азгәеиҭеит Олег Барцыц.
Ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкес Венесуелазы имариам аамҭақәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра апринципра злоу, зҽызымԥсахуа адгыларатә позициа ахьаанарԥшыз азы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, ҳара ҳзы Аԥсны апартниортә тәыла ҳәа адагьы, аиашьаратә тәыла, зымҩа бзианы еилаҳкаауа, пату зқәаҳҵо аиашьаратә милаҭ ҳәа иаҳшьоит ҳәа азгәеиҭеит.
Ииасыз амчыбжь азы урыстәылатәи аҳҭнықалақь аҟны Олег Барцыц иара убасгьы диԥылеит Москва Аиҳабыра рминистр Сергеи Черемин. Абри атәы Барцыц иҳәеит радио Sputnik аефир аҟны.
Иара иажәақәа рыла иалацәажәан Аԥсны МФЦ асистема аԥҵара. Барцыц иара убасгьы Москва ацифратә технологиақәа рхархәареи ралагалареи рҿы иаԥхьагылоуп ҳәа ахиҳәааит.
Аминистрра ахада иациҵеит Аԥсны акреативтә индустриақәа рыҿиара ишазҿлымҳау, урҭ ралагалара аамҭа кьаҿк иалагӡаны хра аиур шалшо.
Ауаажәларратә палатаз азакәан
Ауаажәларратә палата азы азакәан Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит жәабран 2 рзы.
Уажәынахыс апалата аилазаара шьақәдаргылалоит ақалақьтәи араионтәи еизарақәа рхаҭарнакцәа рыла, егьырҭ аусбарҭақәа ақәшаҳаҭра ҟамҵакәа.
Иара убас, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рымацара роуп акандидатцәа рықәыргылара зылшо. Азакәан инақәыршәаны, аполитикатә еиҿкаарақәеи апартиақәеи уи азин рымаӡам.
Апалата алахәылацәа рықәра 30 шықәса еиҵамзароуп.
"Адиалог. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара"
Аԥсны Жәлар Реизара I ааԥхьара адепутатцәа рԥылара мҩаԥысит Ауаажәларратә палатаҿы жәабран 3 рзы. Уи азкын хәажәкыра 12 рзы имҩаԥгахо афорум ду "Адиалог. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара".
Апалата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа ԥыхьатәи адепутатцәа рыҿцәажәара алҵшәа аман ҳәа ахылҳәааит.
"Афорум мҩаԥаагаанӡа Аԥсны ахадеи ҳареи ҳаилацәажәеит, уи адгылара ҳаиҭеит. Иахьагьы "ахьтәы" Парламент алахәылацәа, ҳаҭыр зқәу ауаа инаҵшьны иазгәарҭеит ас еиԥш иҟоу афорумқәа шаҭаху", — лҳәеит Кьычԥҳа.
Аусмҩаԥгатә хымԥадатәиуп аԥсҭазааратә ҵакы змоу азҵаарақәа рылацәажәаразы, ауаажәларраҿы аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы, атәылауаа зыргәамҵуа аилкааразы. Уи иҟоу апроблемақәа рыӡбара иацхраауеит ҳәа лҳәеит лара.
"Шәаанхарц ҳшәыҳәоит"
Иҳаҩсыз амчыбжь анҵәамҭазы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә Еизарақәа рдепутатцәа аӡбамҭақәа рыдыркылеит ахадацәа рышьақәырӷәӷәаразы.
Арҭ аӡбамҭақәа инарықәыршәаны Аҟәа ахадас даанхоит Ҭемыр Агрба, Аҟәа араион ахадас – Алхас Ҷыҭанаа, Очамчыра араион – Алхас Кациа, Гал араион – Константин Ԥлиа, Ҭемыр Оҭырба Афон ҿыц ахадас дшьақәырӷәӷәан.
Аԥхьагылаҩцәа рҟынтәи ахԥатәи
2025 шықәсазы урыстәылаа рыԥсшьаразы еиҳа иалыркаауа аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа рыгәҭа Аԥсны ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа азгәанаҭоит "Иандекс Ныҟәарақәа" рыҭҵаара.
Заанаҵтәи аҿаҵарақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи Аԥсны 7% ақәшәоит .
Урыстәылаа зегь раасҭа еиӷьашьан иалыркаауеит Ҭырқәтәыла аԥсшьара – 17%. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Белоруссиа – 13%.
Иара убасгьы иубарҭоуп Китаиҟа, авизадатә режим алагалара инадҳәаланы, заанаҵтәи аҿаҵарақәа рхыԥхьаӡара шеизҳауа.
Зықәра наӡам лымҵарсра
Зықәра намӡац аҭыԥҳа лымҵарсразы агәаҭарақәа ирылагеит Аҟәа апрокуратура, абри атәы аанацҳаит Апрокуратура Хада.
Ацәгьоуразы аҳәамҭа ҟаиҵеит аӡӷаб лаб, ареспублика атәылауаҩ Енвер Узун-Иақәыԥ-оӷлы.
Иара еиҭеиҳәеит 2026 шықәса жәабран 2 рзы 14 шықәса зхыҵуа иԥҳа Н. Узун-Иақәыԥ-оӷлы Џьгьарда ақыҭан ашкол ашҭа дышҭыҵыз. Лара уа дылзыԥшын 40 шықәса зхыҵуаз Мизан Џьопуа.
Аԥҳәызба амашьына дҭартәаны, Аҟәаҟа иҩныҟа дигеит, ԥҳәыс дигарц игәы ишҭаз азы лҭынхацәа адырра риҭеит.
Азинхьчаҩцәа Н. Узун-Иақәыԥ-оглы апрокуратурахь днаргеит, иахәҭоу аусҭҵааратә усқәа анымҩаԥырга ашьҭахь лаб дирҭеит.
Арадио Sputnik аҟны ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа ишазгәалҭаз ала, аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны иазгәаҭоуп 27 хҭыс зықәра намӡац аӡӷабцәеи адуцәеи реизыҟазаашьазы.
Урҭ ашәҟәы иҭанагалеит ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхыраараз амаҵзура, ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу л-Аппарат ахьгьы убри аҟара дырра ҟаҵоуп, аха аиҳарак урҭ анонимтә ҟазшьа рымоуп, аофициалтә рзаҳалқәа ыҟаӡам ҳәа ацылҵеит лара.