АҞӘА, жәабран 15 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аамҭала иаркуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов.
Аҳаирхыхьчаратә мчқәа рус ишаалгалак, агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ аадыртуеит. Латипов иҳәеит уажәы аҳәааҿы ауааԥсыреи амашьынақәеи шыҟам.
Асааҭ 20:00 инаркны 23:00 рҟынӡа аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 23 ҭадырхеит, даҽа хԥа — Амшын еиқәа инахыкны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Шәача мҽхакыла ажәылара иацҵоуп. Аҳаирхыхьчаратә мчқәа аус руеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ишаарыцҳауа ала изныкымкәан атҟәацбыжьқәа ӷәӷәаны игеит.