https://sputnik-abkhazia.info/20260215/asni-urystylei-raa-aamala-iarkup-ayry-dyzam-akharkhagaa-rzhylara-iakhany-1061067745.html
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аамҭала иаркуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аамҭала иаркуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 15 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аамҭала иаркуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АШәМ... 15.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-15T00:50+0300
2026-02-15T00:50+0300
2026-02-15T01:11+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101359/32/1013593291_0:190:2965:1858_1920x0_80_0_0_2832d577da1c65f25ea883301954dee3.jpg
АҞӘА, жәабран 15 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аамҭала иаркуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов. Асааҭ 20:00 инаркны 23:00 рҟынӡа аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 23 ҭадырхеит, даҽа хԥа — Амшын еиқәа инахыкны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра. Шәача мҽхакыла ажәылара иацҵоуп. Аҳаирхыхьчаратә мчқәа аус руеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ишаарыцҳауа ала изныкымкәан атҟәацбыжьқәа ӷәӷәаны игеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20260214/1061067077.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101359/32/1013593291_118:0:2849:2048_1920x0_80_0_0_003fd6c98bd45d2c5ddaac28baeaa537.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аамҭала иаркуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны
00:50 15.02.2026 (ирҿыцуп: 01:11 15.02.2026) АҞӘА, жәабран 15 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аамҭала иаркуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов.
Аҳаирхыхьчаратә мчқәа рус ишаалгалак, агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ аадыртуеит. Латипов иҳәеит уажәы аҳәааҿы ауааԥсыреи амашьынақәеи шыҟам.
Асааҭ 20:00 инаркны 23:00 рҟынӡа аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 23 ҭадырхеит, даҽа хԥа — Амшын еиқәа инахыкны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Шәача мҽхакыла ажәылара иацҵоуп. Аҳаирхыхьчаратә мчқәа аус руеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ишаарыцҳауа ала изныкымкәан атҟәацбыжьқәа ӷәӷәаны игеит.