Аԥсны

Ҳарааԥсеит, ҳарааԥсеит акәарра - ақәра зызнамгаз апоет Анатоли Лагәлаа игәалашәаразы

Sputnik
Заҟа иуадаҩузеи иузааигәоу ауаҩы, аԥсра аҽӡаны даныхәнатәуа. Ҳгәаҳҽанӡамкәа иааҳалаҩит ажәабжь Анатоли Лагәлаа идунеи иԥсахит ҳәа. Аԥсра здукылоз иакәызма, еснагь илахҿыхыз, зымчхара ҭбааз ауаҩы? 64 шықәса заҵәык роуп Анцәа ианеишьаз ҳҩыза. Иара иҟазшьала тәамҩахә змамыз иакәын, рацәак дышзымнеира идыррашәа адырдхеиԥш деикәагьежьуан.
Аԥсны
Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иԥсҭазаара далҵит
Абар иҵит 40 мшы ҳҩыза иԥсӡы ҳлымҳа иҭасижьҭеи. Аиашазы, аԥсра зыдкылара уадаҩыз Анатоли Лагәлаа идунеи ахьиԥсахыз иҭынхацәа реиԥш, ршьара иқәнарҟьеит изааигәаз зегьы, иара убас, гәалсра дула адышшылара руан ҳтәыла ауааԥсыра. Жәабран 15 2026 шықәса аҵыхәтәантәи мшхеит Анатоли Лагәлаа изы. Иашьцәа ирымаз агәырӷьа чара иҽалаирхәырц ақьафурҭаҿы инеиз апоет, ажәлар рныҳәаҿа ааиҳәоны дынхьыдышьшьит. Уахь данцоз длафуа иԥшәма ԥҳәыс илеиҳәазаап "аҷқәынцәа реиԥш сеибыҭа" ҳәа. Аԥсцәаҳа гьангьаш иҿаԥхьа имчыдахеит аҳақьымцәа, иалымшаӡеит Толиа иԥсы аиқәырхара.
Исыздыруам иахьа иара игәаларшәара амш азы аԥхьаҩцәа ишәыдызгалаша. Ус акәзаргьы, исҭахуп ҳара ҳаидызҳәалоз иҟазшьа аҷыдарақәа, иуаҩра срызхәцырц, ипоезиагьы агьама шәсырбарц. Толики сареи ҳаибадырра атәы сыҩхьан, аха еиҭасҳәоит ҳанқәыԥшӡаз уажәшьҭа 40 шықәса инархыҳәҳәо акритик Рауф Ебжьноу Очамчыра алитературатә гәыԥ еиҿкааны иман. Убра еизоз аҿар дрылан Лагәлаагьы. Иара иажәеинраала аԥхьашьа астиль ала, зегьы дрылукаауан, абзиабаратә лирикала иҭәын.
"Автор ирҿиамҭа ҟазшьа хадақәаны ирымоуп алиризм ҵаула, имырхьаацәакәа илшоит аԥхьаҩ ихы-игәы алаҵәара. Хьаҳәаԥаҳәада иара ирҿимаҭақәа рҿы апоезиа ауп аԥыжәара зго", - абас иҩуан алирик Таиф Аџьба ҿыц Анатоли аԥсуа литература ашҭа данынҭалаз.
Алитературатә клуб аҿы Очамчыра еизоз аҿаргьы, Толик ицәыригоз апоезиа лаԥшықәҵаны ирыман, ҳаиқәшәацыԥхьаӡа иҿыцу ацәаҳәақәа цәыригарц иҳәон. Апоет зааӡатәи илирикаҿы иуԥыло абзиабаратә мотивқәа ухаҿы инымхар ауам, урҭ ирнубаалоит игәыԥшқара, илира иарҿиоз ацәаҳәа еинаалақәа игәаҵантә ишаауаз гәауҭон:
Атыгә-тыгәҳәа бшьаҿақәа
Сгәы ырхьухьууа иҭаԥсоит.
Аԥша злахәмаруа быхцәқәа
Бхыбҿы гәыкыра иаҿаԥсоит…
Анатоли Лагәлаа иԥшәмаԥҳәыс Алина Агәмааԥҳаи иареи
Апоет зааӡатәи илирика аӷьырак аԥҳәызба лахь имоу абзиабара иарҿиоз агәаҭеира иазкуп. Згәы ҭыԥраауаз арԥыс иҟазшьа иара адунеи дықәнаҵы инеигон сҳәар ауеит, дызлаздыруаз ала, раԥхьатәи илирикатә фырхаҵа иеиԥш дгәызианын изысҳәар алшоит :
Ашьабысҭеиԥш дгылан дшанханы,
Схымҭа-сылаԥш лыхьӡомызт.
Дцомашь сгәыҵәҟьа нырханы?
Сгәызианымзи агәра згомызт.
Аха лыблақәа мыччеит
Аччаԥшь рхашҭзар ҳәа саашәахит
Алаԥш цәгьагьы имыхьчеит
Абз цәгьагьы диҟаҭәахит
Уаҳа снанамгар сшьапы…
Анатоли Лагәлаа 22 шықәса инарзынаԥшуа алитературатә журнал "Алашара" дахагылан. Сара ибзиаӡаны издыруеит уи аҭыжьымҭа еиқәхарц азын тәамҩахә имамкәа дшыхандеиуаз. Толик сара исҭахыз засҳәоз уаҩын, иара дсызгәаауамызт. Изхысҳәаауа, аҩымҭа ҿыцқәа рцәырҵра маџьанан аҟынтә, ажурнал иалеигалон еиҳарак аклассикцәа рҩымҭақәа еиҭакьыԥхьны, иара убас адаҟьаҿы уамак ихыркым арҿиамҭақәа ананылозгьы ыҟан. Сара исзеилкааӡомызт иара ихықәкы, ҳҿахәҳәага ажурнал аиқәырхара шакәыз. Ус дныҟәон ишидыруаз, алитературатә хәышҭаара амца иҩаҵхалатәын аҟнытә. Ԥсраҽнынӡа убри "Алашара" амца еиқәымцәарцы дазгәаҟуан. Иара ихьаақәа ртәы ҳҳәозар, ажурнал иамамызт авторцәа бзиақәа зладиԥхьалашаз агонорартә фонд, насгьы, аномерқәа анҭыҵлакгьы иаԥхьаҩцәа ихала ирзишон. Ус дныҟәон, ажурнал баша араионқәа русбарҭа аԥенџьыр ахышәаҿ инымхарц. Иахьа санизхәыцуа иара ԥсҭазаарас имаз - ажурнал "Алашара" цәашьҵас иаркны анагара акәын сгәахәуеит. Толик даара бзиа аҩызара ныҟәызгоз уаҩын, дразын, даартын. Ҳанеибабозгьы, ҭелла ҳанеицәажәозгьы хьаас имаз аԥсуа литература алахьынҵа акәын. Иара ибон аԥсҭазаара ҿыц иаанагаз астильқәа, амалрҳара аидеиа - асахьарк ажәа ахәаҽуа ишалагаз, алитература аҟата ахылҿиаартә аҭагылазаашьа шыҟамыз. Убри аҟнытә, иахәалакь, иахәалакь ҳәа инеигон Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла инапы ианнаҵаз "Алашара".
Анатоли Лагәлаа иҭаацәа рыгәҭа
Иԥсра хымшҟа шагыз уск сыманы русҳәарҭа аихагылақәа руак аҿы сышнеиуаз даасықәшәеит. Ишиҟазшьаз еиԥш "бааи каҳуажәара" иҳәеит. Сара сыццакуан, иҭарсны смаӷра иааникылаз ааимысхын "аҩныҟа унеи" наиаҭаскит. "Снеиуеит сҩынтәыршыра сыманы" - абри Толик иҟынтәи исаҳаз аҵыхәтәантәи ажәақәа роуп. Ҳара "ҳаилаӡаны" ҳаҟан, традициас ишҳамаз еиԥш, сыкҿыҩраҿы ҳааидтәаларц, алаф зхаҳҳәаалоз сырҵәи сҟәыди надкыланы, Толик иҩынтәыршыра хыжәлас иҟаҳҵаразы. Уаҳа ҳаибамбаӡеит, иахьагьы ихьаазгоит сахьымҩахымҵыз иусуратә уадахь. Издыруадаз уаҳа ҳшеибамбо? Аӡәгьы изидымкылоз аԥсра аҽизааигәатәны ишыҟаз? Аиашазы, аҵыхәтәантәи аамҭазы асоциалтә ҳақәа рҿы икәиргылоз ажәеинраалақәа рҿы уаҩы ибаратәы аԥсра атемақәа цәыригон. Аха, апоетцәа ус ирҟазшьоуп ҳәа дхәыцуеит аԥхьаҩ. Абас аԥсҭазаара бзиа избоз, иӷәӷәаҟацаӡа зшьапы иқәгылаз ауаҩы, наӡаӡа ззырхәо ахь ихы кыдуп хәа иҟадаз:
Ашықәсқәа ааскьацыԥхьаӡа ҳқәыԥшра наскьоит,
Хәыҷы-хәыҷла иааиуеит агәхашҭра.
Ақәаршҩы абаҟаху, уажәшьҭа ихыкәкәоит,
Еималеит аҩарқәагьы рышьҭра…
Агәалашәара аацәырҵуеит аарла иԥхашьо,
Аха иацуп макьана аԥхарра…
Анасыԥ ҳамазшәа ҳааиуан ҳхы жьо,
Ҳарааԥсеит, ҳарааԥсеит акәарра!...
Сеидрума акрыҟоу ҳара ҳзыхьӡаз,
Иҵегь ҳнаскьарцгьы ҳҭаххеит!...
Еҳ, шаҟа умӡанрои, аԥсҭазаара инҵәаз,
Ҳажәра анааи, ухаахеит!...
Ари инагӡаны ианысҵаз ажәеинраала, Толик иҩит ажьырныҳәамза 21 рзы. Иара иҳәан еиԥш, акәарра дарааԥсазар акәхап, ҳара иҳазгәаҭомызт акәымзар…
Анатоли Лагәлаа иҭаацәа рыгәҭа
Анатоли Лагәлаа ҳанихцәажәо, ауаажәларратә, алитературатә усқәа рҿы деиқәышәшәа дшыҟаз еиԥш акәын, иҭаацәаратә ԥсҭазааргьы шеибаркыз. Иԥшәма ԥҳәыс Алина Агәмааԥҳаи иареи ирааӡеит хҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи ԥҳаки. Аиашазы, ирацәаҩупгьы узҳәом аԥсуа интеллигенциа рыбжьара абас намысла еибарку, аԥсшәа ахьхьаҳәа изҳәо, аԥсуара ныҟәызго ахшара рааӡара зылшаз. Ҳара ҳаиԥш Толик иҭаацәагьы ирбон апоет аԥсреи абзареи рызхәыцра иазкыз ианҵамҭақәа шцәыригоз, аха даргьы изакәызаалак ак идырбаломызт. Абас иҳәоит апоет иԥа Леуан Лагәлаа:

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы инубаалаӡомызт идунеи аниԥсах ашьҭахь сара избаз арҭ ажәеинраалақәа ирныԥшуаз ахәыцрақәа. Ааигәа исоциалтә даҟьа иҭаигалаз ажәеинраалақәа руакы сара сахь ииазган, уи аҽынгьы "папа, даара исгәаԥхеит" ҳәагьы наиасҳәеит. Аха усҟан сзызхәыцуаз ажәеинраала "ахаҭабзиара" ауп, саб зынӡагьы идыскылаӡомызт уи аҵакы". Леуан исзааиҭит апоет иархив аҟынтә, икьыԥхьмыз ажәеинраала. Араҟагьы, аԥсра атема цәаҳәа хаданы иалдоуп. Иаџьал шааигәахаз идыруазмашь апоет ҳәа схәыцуеит уажә санаԥхьо жәабран 2 рзы ианиҵаз:

Сеидроу иаҳзыԥшу, ҳа ҳаџьал анааиуа,
Ҳаман иахьцо…
Дарбану зылахь иану иаиааиуа,
Ҽымдыр ҟазҵо!...
Абри ажәеинраалаҿы иаҳԥылоит иџьашьахәу егьырҭ ацәаҳәақәа, урҭ ақәра шизнамгоз дырны иҩызшәа унарбоит иахьа уанхәыцуа:
Сеидроу ииӡбо аԥсцәаҳа знап иафо,
Ицәгьоуп иҟазшьа…
Сара иахьа сзызхәыцуа, ишԥаҟаларишь ҳәа ауп аҭоурых ду змоу ажурнал "Алашара" аԥеиԥш. Анатоли Лагәлаа ишьҭыхны инеигоз уи алитературатә бираҟ шьҭызхша дҟаларымашь? Даара иуадаҩуп иахьа ҳаԥсуа литература анаҩстәи алахьынҵа, аклассикцәа иаҳзынырыжьыз иахазҳаша рацәамзар акәхап. Анатоли данысгәаламшәо ыҟаӡам, сзышьцылаз иҭел аномер аасырҵәирыма ҳәа сгәы иааҭашәоит уажәы-уажәы. Абас сышхәыцуаз, иҷқәын Леуан аҭел даасзасит ааигәа, уи ԥхарраны иааснырит, ҳара ҭаацәаныла иҳабжьаз атрадициақәа ишрыцҵахо агәра снаргеит…