Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иԥсҭазаара далҵит
20:04 15.02.2026 (ирҿыцуп: 20:43 15.02.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 15 — Sputnik. Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иҧсҭазаара далҵит.
Аԥсуа поет иԥсҭазаара далҵит 64 шықәса дшырҭагылаз ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭарҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы.
Анатоли Лагәлаа диит 1961 шықәсазы Ҷлоу ақыҭан. Асовет Еидгылеи, Аԥсни Урыстәылеи Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далахәылан. 2004 шықәса раахыс алитературатә-сахьаркыратә журнал "Алашара" аредактор хадас дыҟан. Алитературазы Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп, иара убас Т. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературазы аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп.
Иҭижьхьеит 15 инарзынаԥшуа иажәеинраалақәеи, иажәабжьқәеи, иповестқәеи еидызкыло ашәҟәқәа. Иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, асерб, аерман, ауаԥс бызшәақәа рахь. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы имҩаԥигон авторс дызмаз алитературатә дырраҭарақәа Аԥсуа телехәаԥшреи Аԥсуа радиои рҿы.
Анатоли Лагәлаа иааиԥмырҟьаӡакәа аматериалқәа икьыԥхьуан Sputnik Аԥсны аҟны. Амилаҭтә литература аҿиараҿы злагала дуу ашәҟәыҩҩцәеи, апоетцәеи, алитературатә критикцәеи, авторцәа ҿарацәеи аинтервиу рымихуан.