Аҵиаа ахәац аӡбахә змаҳац, ахаҭа зымбац ҳтәылаҿы дыҟамзар ҟалап. Ари аҵиаа хкы агәы хыҭхыҭуа аӡын анаскьара иазыԥшуп. Ааԥын шааилак, амчқәа еизыркәкәаны, аҽеиужьны аизҳара аҽазнакуеит. Аҽанеибнаҭалак, иџарџаруа иҩагылоит.
Игәаҳҭап ахәац егьырҭ аҷыдарақәа. Ҵиаа иаҵәоуп ашәҭ иаҵәақәа зҿало, метрабжак аҟынӡа изызҳауа, абыӷьқәа ссаны, ихәхәаны ирызҳауеит. Ахәац џьбароуп, унахьысыр, уцәа бызбызуа иааҟанаҵоит. Ус иахьыҟоу азы ахәыҷқәа ирцәымӷуп, избанзар рлеишәа андырцәгьалак, рҭаацәа рҳәатәы анхарымҵалак, "уажәы ахәац ааҳгоит" ҳәа иацәдыршәоит.
"Ахәыҷқәа цәгьа изыршәо, адуцәа рзы хәшәра злоу" ҵиааны аҳьӡ арҳахьеит ахәац. Иара акырӡа ӡуеит жәлар рмедицинаҿы қәҿиарала рхы иадырхәоижьҭеи.
Ааԥынразы изызҳауа ахәац ҿа аԥсуаа рыфатә аилазаара иахәҭакуп, иара ҟатаӡа ианыҟоу еизганы ирчаԥоит. Жәлар рмедицина аҭҵаара иазҿлымҳау аҵарауаҩ Аршба Стелла Грант-иԥҳа лышәҟәы "Аԥсуа жәлар рмедицина" аҟны иазгәалҭоит: "Ааԥын ахәац ҿа ангылалак, аԥсуаа еизганы, ибзианы ижәны, нас расала ирчаԥон. Расала ичаԥо ахәац ҿа аллергиа иаргәамҵуа деиӷьхаразы хынтә ифар акәын" ҳәа.
Иара убас аллергиа ахәшәтәразы ахәац чысмаҭәа дук аҿы еиларшны, аџьыкхыш алаԥсаны еиладырҩынтуан. Ахәац иаҵыҵыз аӡы нҵәаанӡа есыҽны ирыхьдыршон. Иара убасгьы, ахәац абыӷьқәа хԥа аӡыршы аҵаҭәана иаанрыжьуан, анаҩс мышкахь хынтә 50-50 грамм ржәуан.
Жәлар рмедицианахь егьырҭ аҿырԥштәқәа
Ахәац уадыруеит, аха ихәшәуп.
Аҭыԥҳаҵәа рыхцәы гәабзиарала еилԥхаауа иеизҳарц, еилҵәраауа иҟаларазы абжьеи, мамзаргьы ахәац аӡы алдыршон.
Ахәац адацқәа ыҵхны иаарыӡәӡәон, аџыш кылхны иалаԥсаны, еилдырхуан. Нас аҳауа зҭамло акы инҭаҵаны, уадкала еиҵадырԥхьон. Абри аҩыза ахәшә ахьҭалалареи аимҳәеи анрылаҽлак ирхьыршьуан.
Ахьҭалалареи аимҳәеи ирыхәшәны аԥсуаа иҟарҵон - ахәац адацқәеи аџыши ссаны ирхыхуан, нас ауадкаҿы еиҵадырԥхьон. Убри аиҵарԥхьала ачымазаҩ ицәа-ижьы хәаны ихьыршьуан.
Ахцәы камԥсарц ахәшә: ахәац абӷьқәа ссаны иххны иҟауҵот шә-грамк, иахауҭәоит литрабжак аӡы, литрабжак аҩы ҵәыҵә. Амҵаҿы иршуеит сааҭбжак, нас амца иақәхны иураӡоит. Уаха уанышьҭало аамҭазы ухцәы алауҿышуеит. Абас мчыбжьык ахь знык-ҩынтә иҟауҵалоит. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Ашәра ахьҭалаз иԥжәарц, аҽарыцқьарц, лыссы иӷьарц азы ахәац ҟәаҟәаны иахьыршьуан.
Зырԥҳа зыхьуа рзы иҟарҵоз хәшәын: лаҵарамзазы изызҳаз ахәац абыӷьқәа лахырҵәрааны, иссаны ихыхтәуп. Ахәац заҟа алҵыз аҟара ацха ауҭароуп, иааиларҩынтны ҭыԥ ԥхьакырҭак аҿы иургылоит. Акрыфага мҳаҵә ала мышк ахь хынтә ифатәуп.
Ашәра ахәшә аҟаҵаразы иргон: мҳаҵәк ахәац ашәҭ рҩаны, ҵәыцак аӡы еиларшны иахауҭәоит. Сааҭбжак иҭаҳәҳәаны иааныжьтәуп. Анаҩс ираӡаны ҵәыцабжак-ҵәыцабжак ҽнак хынтә ижәлатәуп. Ари аиҵарԥхьа ашьа арыҵқьоит ҳәагьы ирыԥхьаӡоит. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Абаҩ хьаа иаргәамҵуа рзы ахәац ахәшә алырхуеит: ахәац адацқәеи аџыши дырссон, нас ауатка аҵарҭәон. Ари аиҵарԥхьа есыҽны еилырхлатәуп, насгьы ҩымчыбжьа аҭыԥ лашьцаҿы иԥхьактәуп. Ҩымчыбжь рышьҭахь, ахшә ахархәаразы ихиоуп. Ахьаа ахьрызцәырҵуаз аҭыԥқәа ирхьыршьуан.
Ахәра рӷьага: ахәац абӷьы аԥаҭлыка азна рҭәны, асԥтрҭ ахаҭәаны, ахы бзианы иаркны амра ицәыргылатәуп ҩымчыбжь. Ахәра анымӷьо иаразнак иарӷьоит. (Ахыҵхырҭа: Е. Ш. Ҭаниа лышәҟәы "Адгылқәаарыхра иадҳәалоу алексика аԥсуа бызшәаҿы").
Ашьақар чымазара ахәшәтәразы иҟарҵо аԥсуахәшә абас ишьақәгылоуп: лаҵарамзазтәи ахәац ссаны ихыхтәуп, убри ала х-литрак зкуа абанка рҭтәуп. Анаҩс, ихыхны абанка иҭауԥсаз ахәац хнаҩаратәы ауатка ахауҭәоит. Ихҩаны, жәамш ҭыԥ лашьцарак ахь иԥхьактәуп. Жәамш анҵлак ашьҭахь иураӡоит, мышкы ахь хынтә ижәлатәуп.
Ажәаԥҟақәа
"Ахәац ахәац авҵиаауеит, аџьамԥаз – аџьамԥаз"; "Ахәац ахәац авҵиаауеит"; "Ахәац ахәац ахылҿиаауеит" - досу ихшаз, ииааӡаз, инапаҵаҟа аус зуа иара иеиԥшхоит (леишәала, ҟазшьала, хымҩаԥгашьала).
"Ахәац ахьылоуҵаз акама гылаӡом" - ари ажәаԥҟа аҵакы еиҭарсны иҳәоуп: ауаҩы аус шиуа, ихы шымҩаԥиго еиԥш ауп иԥсҭазаарагьы, иԥеиԥшгьы шыҟало, даҽакала иуҳәозар, абзиа ҟауҵар абзиа уақәшәоит, ацәгьа ҟауҵар – ацәгьара.
"Агаӡа инапала ахәац идыркуеит" - ари ажәаԥҟа иасинонимуп "агаӡа инапала амаҭ ркуеит". Аӡәы даҽаӡәы инапала ацәгьа аниулак, ма уск аниирҟаҵалак, абас рҳәоит.