Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа

© SputnikКоса
Коса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ишазгәарҭо ала ахцәы, ма даҽакала иуҳәозар, ахахәы амагиатә мчы зцу, еиҷаҳарыла изызныҟәатәу акы акәны иазырԥхьаӡоит. Избан акәзар, ауаҩы имч – илша, иԥсы, ахцәы иалоуп рҳәоит.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ахцәи амагиеи ануҳәо, иаразнак ухаҿы дааиуеит амифтә хаҿсахьа, аӡқәеи аӡиасқәеи рынцәахәы Ӡыӡлан – Ӡаҳкәажә. Уи лымчра зегьы лыхцәы иалоуп, лыхцәы шьқьыр маҷк иадамхаргьы ихызҵәаз ахаҵа, дымчыдаитәуан. Лхыцәхәыц иманаҵы имаҵ луан, зегь рыла дманшәаланы, деинҭәыла дҟалон. Жанрла ибеиоу аԥсуа лакәқәа рҟныгьы ауаҩы иԥсы ихцәы ианалоу асиужетқәа уԥылоит.

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Ареалтә ԥсҭазаараа атәы ҳҳәозар, ахцәы иадҳәалаз аритуалқәа рымчхак ҭбаауп.

Зегь раԥхьа инаргыланы шықәсык зхымҵыц ахәыҷы ихахәы иагдырхомызт, "ҵасым" ҳәа ирыԥхьаӡон. Амала иҳәатәуп, шықәсык зхымҵыц ахәыҷы ихахәы мыцхәы иазҳаны ила иҭассы иҟалар, ахәыҷы илақәа еиҳәҿаԥшуа иҟанаҵоит ҳәа аԥхьа маҷк иагдырхон. Иамырхыз "ахәыҷы ихахәы ацаха иҭаӡахны агараҿы икнарҳауан" дахьчаларц азы иҩуеит аетнограф Чурсин иусумҭақәа руак аҿы.

Ахцәы уаналацәажәо "амышәхәы" аӡбахә умҳәар ауам. Шықәсык инаҭысыз ахәыҷы имшәхәы амырхуан. Амышәхәы амхра ҟазҵоз ихахәы жәпаны, зегь рыла деинааланы дыҟазар акәын. Змышәхәы амихуа ахәыҷы иахь ибзиарақәа зегьы ииасырц.

Амышәхәы амызхыз уас дыршьон "ҳхәыҷы имышәхәы амызхыз" ҳәа ҷыдала изырҳәалон. Амышәхәамхра ҟазҵаз змышәхәы амихыз ахәыҷы аҳамҭа изааигон, ахәыҷы иҭынхацәагьы уи аишәа рхианы пату иқәырҵар акәын. Иамырхыз "амшәхәы" аҵаха илаҳәаны, ма иҭаӡахны инҭаршә ирҵәахуан (схаҭагьы саныхәыҷыз иамырхыз схахәы иахьагьы сан дахӡыӡаа иҵәахны илымоуп, ацаха ҟаԥшь иҭаӡахны). Уи амышәхәы ыӡыр, ма ирыблыр ахәыҷы иԥырхагахар алшон.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Иҟоуп аԥсуааи адыгақәеи еицаҳзеиԥшу ахцәы иадҳәалоу агәрагарақәа:

Ауаҩы ихахәы ус аламала акажьра ауам, аҳәынаԥ аҭра арԥхаразы иагар, ахцәхәыц аҵанаҵы изтәу ахыхь даргәамҵлоит; Ахахәы анышә иаҭалатәуп, мамзар аҵарақәа рыҭра аныҟарҵо иаларҵар ҟалоит, нас изтәу лассы – лассы ихы ихьлоит; Аҩсҭаа енагь ахахәы дашьҭоуп, хахә цырак иадамхаргьы изгар, уинахыс ахахәы аҳәара цәгьахоит, еилаԥалоит, икыдҵуа иалагоит.

Еиҭах исҳәарц исҭаху, аԥсуаа ҳҟны изызҳауа ахәыҷы знык иадамхаргьы ихы лықәкны ирсоит. Амни ицииз ахцәы изаанхар, ԥхьаҟа азҳашьа ҽеихом, икаԥсоит, иаӷахоит ргәахәуан.

Иара убасгьы, иклассикатәу аԥсуа ҭыԥҳа лҭеиҭыԥш ашьақәгылараҿы акырӡа аҵанакуан лыхцәы шьқьыр. Зегь раасҭа иԥшӡоуп ҳәа иршьон ахцәы еиқәаҵәа, ахцәы хыԥшшәыла. Зыхцәы дуу аԥҳәызба лзы ирҳәалон: ахахәы рацәа зқәу – дымшуп; зхахәы жәпоу – агәабзиара лымоуп; зхахәы еилаарцыруа иҟоу – лгәы цқьоуп.

Ахцәы еизҳарц азы аныҟәгара бзиа аҭахын. Ахцә ду змоу рыхцәы мчыбжьык ахьтә знык – ҩынтә ирҿышуан, ишырҿышуазгьы анышәаԥшьла акәын. Аҳәса быргцәа изларҳәо ала, ахцәы еизҳарц азы иалдыршон абжьеи ахәац аӡи. Ахцәы анырҿышлак, иандырбалак, иԥаны ирықәырҵон. Аҭаацәара иаланагалахьаз аҳәса рыхцәы зныкны ирԥон, зынасыԥ змыԥшаацыз аҭыԥҳацәа рыхцәы ҩбаны иԥаны наҟ – ааҟ рызқәа иқәын.

"Ахцәы зылаԥш цәгьоу ауаҩы илаԥш акуеит, убри аҟнытә, ан лыԥҳа лыхцәы ԥаны даналгалак, ахцәԥарақәа наҟ – ааҟ иаанкыланы, длаха – ҩахо абас лҳәон: Соура уоураны, Сыҭбаара уҭбаараны. Мҷышь ашәа уҭашьшьы, Амшын ацәқәырԥа еиԥш уеилашьқьраауа Уҟалааит! Чшәшәуу, чшәшәуу, чшәшәуу! (абас хынтә ахцәы даҭәҳәон)" – лыҩуеит афольклорист Цира Габниаԥҳа.

Убасгьы иазгәалҭоит, аӡӷаб лыхцәы аизҳара маџьанахазар, акалаҭ днаганы дынҭадыртәон, наҟ – ааҟ ацаҵла ацәа ааганы илыварҵон, нас лхы нықәкны ирсон. Убри нахыс лыхцәы еилассы иаауеит ҳәа рыԥхьаӡон.

Аԥсуа поезиаҿгьы хадаратәла апоетцәа сахьа рацәала аҭыԥҳа лҭеиҭыԥш аҭыхра рҽаназыршәо, хырҩаа зырҭо иреиуоуп ахцәы, ахцәԥарақәа. Иаагап еиуеиԥшым авторцәа рцәаҳәақәа:

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Зыҽны бызбаз аҽны нахыс

Сазкуам адунеи!

Арахь бааԥшишь, ахцәы қамыз,

Исҳәо бмаҳауеи?!

(Баграт Шьынқәба "Кофҭа шкәакәа")

Сдыргачамкит лыбла ҭшаша,

Лыхцәы, лӡара рзааркӡа...

Моу, иабаԥшуаз, инҭышәшәаша,

Са сыблақәа уажәраанӡа?!..

(Радион Ҵәыџьба)

Ахыркәшамҭазы исҳәарц сҭахуп зыхцәы шьқьыруа аԥҳәызба иахьагьы актуалра шлымоуп, ишлымазаауа ианакәызаалакгьы. Избан акәзар, уаалеилаҳартә, улаԥш налыдхалартә еиԥш ихырку аԥшӡара лыцуп. Абзиара шәыдкылазааит Аԥсынтәыла аҭыԥҳацәа!

Ажәабжьқәа зегьы
0