АҞӘА, лаҵара 6 — Sputnik. Аԥыза-министр Владимир Делба иазгәеиҭеит Аӡынԥҳа аколлектив аҿы аус луеижьҭеи 8 шықәса шҵуа, аҵыхәтәантәи ашықәсбжазы аусбарҭа ахада инапынҵақәа шыналыгӡоз.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыра ҷыдала ахшыҩзышьҭра шарҭо атәылауаа рсоциалтә еиқәыршәареи рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәреи, аминистррагьы ари ахырхарҭала аусура акырӡа шаҵанакуа.
Кама Аӡынԥҳа аамҭала асоциалтә еиқәыршәара аминистр инапынҵақәа налыгӡон 2025 шықәса жьҭаарамза инаркны. Лара змаҵура иамырхыз Руслан Аџьба иҭыԥ аҿы длыԥсахит. Уи аусбарҭа ахадас дыҟан 2020 шықәса мшаԥымза инаркны.
Лаҵарамза 5, 2026 шықәса рзы аҳәынҭқарра ахада Иусԥҟала Аӡынԥҳа асоциалтә еиқәыршәара аминистрс дҟаҵоуп.