https://sputnik-abkhazia.info/20260506/aministrra-akollektiv-dyddyrdyrit-aministr-yts-kama-ayna-1062812010.html
Аминистрра аколлектив дыддырдырит аминистр ҿыц Кама Аӡынԥҳа
Аминистрра аколлектив дыддырдырит аминистр ҿыц Кама Аӡынԥҳа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 6 — Sputnik. Аԥыза-министр Владимир Делба иазгәеиҭеит Аӡынԥҳа аколлектив аҿы аус луеижьҭеи 8 шықәса шҵуа, аҵыхәтәантәи ашықәсбжазы аусбарҭа ахада... 06.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-06T13:10+0300
2026-05-06T13:10+0300
2026-05-06T20:28+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/06/1062801049_0:0:1200:676_1920x0_80_0_0_ca9096a67995049eafc94fd19f80b7b7.jpg
АҞӘА, лаҵара 6 — Sputnik. Аԥыза-министр Владимир Делба иазгәеиҭеит Аӡынԥҳа аколлектив аҿы аус луеижьҭеи 8 шықәса шҵуа, аҵыхәтәантәи ашықәсбжазы аусбарҭа ахада инапынҵақәа шыналыгӡоз. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыра ҷыдала ахшыҩзышьҭра шарҭо атәылауаа рсоциалтә еиқәыршәареи рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәреи, аминистррагьы ари ахырхарҭала аусура акырӡа шаҵанакуа.Кама Аӡынԥҳа аамҭала асоциалтә еиқәыршәара аминистр инапынҵақәа налыгӡон 2025 шықәса жьҭаарамза инаркны. Лара змаҵура иамырхыз Руслан Аџьба иҭыԥ аҿы длыԥсахит. Уи аусбарҭа ахадас дыҟан 2020 шықәса мшаԥымза инаркны. Лаҵарамза 5, 2026 шықәса рзы аҳәынҭқарра ахада Иусԥҟала Аӡынԥҳа асоциалтә еиқәыршәара аминистрс дҟаҵоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/06/1062801049_33:0:1189:867_1920x0_80_0_0_56919a8569170f314afe64e9b31a0f28.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аминистрра аколлектив дыддырдырит аминистр ҿыц Кама Аӡынԥҳа
13:10 06.05.2026 (ирҿыцуп: 20:28 06.05.2026) АҞӘА, лаҵара 6 — Sputnik. Аԥыза-министр Владимир Делба иазгәеиҭеит Аӡынԥҳа аколлектив аҿы аус луеижьҭеи 8 шықәса шҵуа, аҵыхәтәантәи ашықәсбжазы аусбарҭа ахада инапынҵақәа шыналыгӡоз.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыра ҷыдала ахшыҩзышьҭра шарҭо атәылауаа рсоциалтә еиқәыршәареи рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәреи, аминистррагьы ари ахырхарҭала аусура акырӡа шаҵанакуа.
Кама Аӡынԥҳа аамҭала асоциалтә еиқәыршәара аминистр инапынҵақәа налыгӡон 2025 шықәса жьҭаарамза инаркны. Лара змаҵура иамырхыз Руслан Аџьба иҭыԥ аҿы длыԥсахит. Уи аусбарҭа ахадас дыҟан 2020 шықәса мшаԥымза инаркны.
Лаҵарамза 5, 2026 шықәса рзы аҳәынҭқарра ахада Иусԥҟала Аӡынԥҳа асоциалтә еиқәыршәара аминистрс дҟаҵоуп.