Еицырдыруа афырхаҵа: Ҭырқәтәыла Ажьгьери-иԥа Қәычықә дшыргәалашәо

Афырхаҵа Ажьгьери-иԥа Қәычықә изкны ҩыџьа ажәабжьҳәаҩцәа еиҭарҳәо аҭоурыхқәа.
Sputnik

Sputnik

Зыӡбахә иахьа ҳара ҳҟынӡа иааӡаз Ажьгьери-иԥа Қәычықә Аԥсны зегьы еицырдыруаз фырхаҵан. Ажьгьери-иԥа Қәычықә бџьарла деиқәных Ҟәыбина аԥшаҳәа ихьчон. Иара имбакәа ҵыскгьы захыԥраауамызт рҳәоит. Ажәабжьҳәацәа ишырҳәо ала, Ажьгьери-иԥа Қәычықә Ҟабарда аҳас дыҟан. Усҟан Ҟабарда Аԥсны иахәҭакын.

Қәычықә даара дхаҵа ӷьеҩын. Иара дзықәтәаз аҽы акәадыр алым ацәала ихҟьан. Усҟантәи аамҭақәа рзы иара имацара иакәын зкәадыр алым ацәала ихҟьаз. Иара алымқәа цәгьала дреишәарыцон рҳәоит. Иара убас алымқәа иреишәарыцон Ԥшькьаҿ-иԥа Манчеи Абаҭаа Беслани.

Ажәабжьҳәаҩ Кәаӡба Аҳмеҭ: Қәычықә иакәын зкәадыр алым ацәала ихҟьаз

Ажьгьери-иԥа Қәычықә ҩызцәас ишьҭихуазгьы иара иваҟәыло иҟаз ракәын. Асиужетқәа изларҳәо ала, иара ҩыза бзиас диман Аҳмаҭ Ҟача ҳәа зыхьӡ аҭоурых иазынхаз.
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа иахьа уажәраанӡагьы ирдыруеит Ажьгьери-иԥа Қәычықә изку ажәабжьқәа, ашәақәа. Ажьгьери-иԥа Қәычықә алым шыишьыз иазку ажәабжь ашәаны иацырӷызуа иаҳзеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла, Малан ақыҭан инхоз (ааигәа иԥсҭазаара далҵит) 84 шықәса зхыҵуаз Кәаӡба Аҳмеҭ.

Ажьгьери-иԥа Қәычықә дҽыбӷаҟаза дуун. Ибзианы идыруан амҩақәа, ацарҭа-аарҭақәа. Иара ихыԥша ӷәӷәан, ифырхаҵарақәа ртәы Аԥсны зегь еимдырҟьон иара ихаан. Акырынтә иқыҭеи иуаажәлари арҳәцәеи ақәылацәеи рҟынтә еиқәирхахьан. Ицназгоз ахаҵа иԥшаара мариамызт. Иара есымша ныҟәара дцон, ашҭа данҭыҵуаз аҽы ирхәмаруан рҳәоит. Ныҟәара дахьцоз афырхаҵарақәа рацәаны иҟаиҵалон. Убас зны ныҟәара дахьцаз дзықәшәаз ахҭыс иазку ажәабжь еиҭеиҳәоит Ҭырқәтәыла, Калыиак ақыҭа иеиуоу 84 шықәса зхыҵуа Урыс-иԥа Ҭелиаҭ.

84 шықәса зхыҵуа Урыс-иԥа Ҭелиаҭ Ажьгьери-иԥа Қәычықә изкны