Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
- Исмеҭ, шәара раԥхьа Аԥсныҟа шәаара шԥаҟалеи?
— Сара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа сааит 2009шықәса рзы. Урыстәыла 25 шықәса инарзынаԥшуа аус зухьеит. Адунеи ахы-аҵыхәа аусура аганахь ала сахьцалакгьы аԥсыуак ихабар саҳауазар ҳәа сашьҭан. Ус, Краснодар сшыҟаз, Вахтанг Цыба ҳәа аԥсыуак сиԥшааит, даара дсеигәырӷьеит. Уа иҟаз ҳхаҭарнак Едуард Нанба дсыԥхьеит, иара иахь сигеит, акыр ҳаицәажәеит. Аԥсныҟа санаауаз сашьа иҭаацәеи иареи ҳаицны ҳааит.
- Шәара шәыжәла аҭоурых ашьҭа шәазааҭгыларц сҭахуп.
— Сара сыжәла еснагь аӡбахә аилкаара сашьҭан. Ҭырқәтәыла Абыгиԥацәа ҳәа иҳашьҭоуп. Аха, уи жәламызт, абиԥароуп ҳәа ауп ишаҳдыруа. Ҳажәла аҭоурых атәы ҭылҵаахьеит саҳәшьаԥҳа, ашәҟәыҩҩы Маҳинур Папԥҳа. Аиҳабацәа дразҵааит, сан рыцҳа усҟан убас лҳәеит: "Ҳара Аԥсны ҳазлыҵыз Ҵабал ақыҭаҟны, ажәла дуқәа змази ҳаиҳабацәеи ибзиамыз ак рыбжьасит. Ҵабал ҳабду дахьынхоз, ихкаара акамбашьқәа ҭарҵо иалагазаап. Иара дгәамҵит, "ус ҟашәымҵан, ари адгьыл зтәу сара соуп, есымша шәкамбашьқәа алашәымҵан"- ҳәа раиҳәеит. Аха, ихымхәыцит, еиҭаларҵеит. Нас, аҭәа ааиқәиҵан, ирҩаз аҭәа акамбашь илақәиҵан амҵа ацреиҵеит, акамбашь хәаауа изтәыз иҩнахьы ицеит. Аԥшәма ианиба иаразнак идырит иҟазҵаз. "Ари ҟазҵаз абга сара дыздыруеит" — иҳәеит. Ажәлантәқәа рыбжьара аибашьра ҟамларц азы, аҭаҳмадацәа зегьы еизан, еинааларц абжьыргеит. Ардан Ҳакәыцә ихьӡын ҳабду иабду. "Аринахыс ари ажәла аӡбахә ҳамҳәааит, ҳаинаалап" — рҳәеит. Ҳара ҳаиҳабацәагьы ақәшаҳаҭхеит. Аамҭа акыр цеит уижьҭеи. Сара стәылауаҩшәҟәаҿы уажәы Ардан ҳәа сануп, сыжәла еиҭашьақәсыргылеит.
Сара саԥсыуоуп ҳәа Аԥсны сааит, аԥсуа ишьа сылоуп. Аӡә дызбар, раԥхьа "уаԥсыуоума" ҳәа сҵаауеит, нас "иужәлоузеи" сҳәоит.
- Шәара занааҭла шәнапы злакуи, аус абажәуеи?
— Сара занааҭла сырҵаҩуп, афизика математикатә факультет салгеит Ҭырқәтәыла, аха уи аган ахь ала аус ҟасымҵаӡеит. Ауниверситет сахьынӡаҭазгьы, аԥсшьарамшқәа раан, аргылара аганахь ала акрызуан. Ауниверситет саналга ашьҭахь, анџьныр ҵара сҭалеит, атехникатә шәарҭадара аганахь ала. Ҭырқәтәыла жәларбжьаратәи афирмақәа рыла акрызуит, аԥышәа соуит. Урыстәыла, иара убас адунеи атәылақәа акырџьара акырзухьеит. Ҳусура иҳараку ахәшьара амоуп, аихагыла дуқәа змоу ахыбрақәа ҳаргылоит. Ҳара ҳфирмаҿы аус зуа жәаҩа нызқьи хәышәҩык ыҟоуп. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса иҟаҳҵаз аус хынҩажәа миллион сааҭ артәоит. Ари рекордуп.
- Шәара амузыка бзиа жәбоит, еиуеиԥшым арҳәагақәа рҿы шәыхәмаруеит, ишԥашәыцааиуеи?
— Сара даара бзиа избоит аԥсуа-музыкатә инструментқәа рҿы ахәмарра. Сгәы иҭо зегьы аҳәоушәа сгәы иабоит, насгьы сгәалаҟазаара шьҭнахуеит. Аԥсуа шәақәа ирхылҵуа ашьҭыбжь сыԥсҭазаара еизнарҳауашәа исзааиуеит. Ҳаԥсшәеи ҳашәеи еснагь абжьы галааит. Аԥсны анхара даара исҭахуп. Ара ҳара ҳадгьыл ауп, адгьыл зырбзио ауаа роуп. Сара сҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара сымоуп, амоҭацәа срабдууп. Смоҭа ҳабду ижәла ихьӡаҳҵеит. Ардан ихьӡуп.