Альԥер Бганба: Аԥсны аизҳара амҩа иануп, сгәы дуны схынҳәуеит Ҭырқәтәылаҟа

© Foto / группа в Facebook "Памяти павших за Родину"Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год.
Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Альԥер Бганба, 23 шықәса ихыҵуан иԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ахьчара данаа. Альԥер арҭ амшқәа рзы Аԥсны даан дыҟан. Ҳаиҿцәажәараҿы дазааҭгылоит иԥсадгьыл ахь имоу игәыбылреи, аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәеи.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Альԥер, уара Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа шԥаҳауҳаи, насгьы арахь уаара шԥаҟалеи усҟантәи аамҭазы?

— Ҭырқәтәыла ателехәаԥшрала, агазеҭқәа, ажурналқәа зегьы ирныло иалагеит Аԥсны аибашьра ҟалеит ҳәа. Аԥсуаа ҳхеидкылақәа рҿы ауаа еизон еснагь, ҳгәы ҭыҵуан иҳаҳарызеишь ҳәа. Усҟан, сара Сҭампыл ақалақь аҿы аҵара сҵон. Аԥсныҟа иааз раԥхьатәи агәыԥ иалаз сҩызцәа сырхьымӡаӡеит. Урҭ анца ашьҭахь, мызкы анаҩс схала сааит.

-Шаҟа шықәса ухыҵуаз?

— Усҟан, 23 шықәса схыҵуан. Шәача аҳаирплан санылбаа, Аԥснынтә аԥсуаа сԥылеит. Урҭ рыла Ԥсоунӡа сааит, нас Аԥсныҟа сааргеит. Сҩызцәа 33-ҩык сара саԥхьа иаақәаз, Гәдауҭа иҟан, аштаб рыман, уахь сыргеит иаразнак. Сара сшааиз еиԥш абџьар смоуӡеит. Убри азы сгәы каҳаит, "абџьар сымаӡам, баша саама?"-ҳәа. Пицунда издыруаз аԥсуа ҷкәынцәа ыҟан, урҭ автомат ҳамоуп анырҳәа, уахь дара рахь сыиасит. Ԥицундатәи аибашьцәа рбаталион саланы раԥхьа аибашьра сцеит. Ешыра, Гәымысҭа азааигәара уҳәа ҳцон, ҳаауан, фымз рыла аҭыԥқәа срышьцылеит.

- Узлахәыз ажәыларақәа угәалауршәарц сҭахуп.

— Марттәи ажәылараҿы раԥхьаӡа акәны ахәра соуит. Убри ашьҭахь, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы сышьҭан. Мызкала сыбзиахеит, аныҟәара салагеит. Сгәабзиара маҷк ианеиӷьха Ҭырқәтәылаҟа снабжьысырц сыӡбеит, сҭаацәа ргәы жьжьаны саарц. Сани саби ираҳаит сшырхәыз, сыԥсы шҭоу агәра дсыргаразы сцеит. Саныхынҳә, Ԥицундатәи абаталион ахь сыҟан, анаҩс Ҭырқәтәылатәи аҷкәынцәа ргәыԥ салалеит. Урҭ рыла Тамшь ӷбала адесант аныӡхыҵуаз срылан. Мрагыларатәи афронт аҿы ҩымз ҳаанхеит, Тҟәарчал ҳаҟан, ақыҭақәа зегьы ҳрылсит. Уа ҳус ҳаналга, Гәдауҭа аганахь ҳхынҳәит. Гагратәи абаталион салалеит. Урҭ ргәыԥ сацны Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара анымҩаԥысуаз Бырцха сырхәит.

- Аиааира аӡбахә анбауаҳаи?

— Усҟан ахәышәтәырҭаҿы сышьҭан. Сҩызцәа ихәны иҟақәази сареи иҳаҳарызеи ҳәа ҳагәжәажәон. Мчыбжьык аҟара ахәышәтәырҭа сҭахеит. Иара убра сшыҟаз ауп ишсаҳаз аиааира шаҳгаз. Усҟантәи сҭагылазаашьа уажә салагаргьы исызҳәаӡом, уи ҳаҭала иуныруа акоуп.

- Уҭаацәа ирдыруазма Аԥсныҟа еибашьра ушааз?

— Раԥхьаӡа санаауаз ирыздырӡомызт. Аҩынтәраан, ааи, ирдыруан. Азин рымысхын, сааит.

- Аԥсны аӡбахә уаҳахьан, ианаҭахха аамҭазы уабдуцәа рыдгыьыл бџьаршьҭыхла иухьчеит. Аибашьра ашьҭахь лассы-лассы уаалома Аԥсныҟа?

— 18 шықәса раҟара смааӡацызт Аԥсныҟа. Сынтәа ҩынтәуп саауеижьҭеи

- Уажәтәи уаара иалагӡаны, Аԥсны ахы-аҵыхәа уахысит, аибашьратә ҭыԥқәа улала урҭааны иубеит. Ишԥаудукылеи?

— Раԥхьаӡа санаауаз ала салагарц сҭахуп. Аԥсны шԥазбари, ҳәа схәыцуан, хьаасгьы исыман. Бзыԥҭа сынхеит мчыбжьык. Аԥсуа школгьы ааигәан. Ҽнак, шьыжьымҭан ашкол ахь сцеит. Санырба ахәыҷкәа сааигәа иааит, аҷҷаҳәа аԥсышәала ицәажәон. Даараӡа сеигәырӷьеит. Ирысҭоз азҵаарақәа зегьы аԥсышәала аҭак ҟарҵеит, аиаша шәасҳәап, сгәы ҭынчхеит. Иҭахаз ҳачкәынцәа баша иҭамхазаап сҳәо сҟалеит. Аибашьра ашьҭахь Аԥсны аҽаԥсахит. Аҿар уреигәырӷьаратәы иҟоуп. Аиааира амш аҽны ара сыҟан. Даара сгәы еизҳаит.Адаԥазар, 20-ҩык раҟара астудентцә Аԥснынтә уа аҵара рҵоит, лассы-лассы ҳаибабалоит. Даара ԥсуаҵасла иааӡоуп. Иҳалшаз ахәыҷы ҳәа акрыҟазар ҳаигәырӷьоит, аԥеиԥш бзиа ҳамоуп. Аибашьратә мҩа аҭынч ԥсҭазаараҟны ҩаԥхьа санысит, 24 ш. рнаҩс. Сылаӷырӡқәа ааит, аиаша шәасҳәоит. Ҳачқәынцәа иҭахаз схьаауп, хаԥсадгьыл иахҭнагаз схьаауп, ҳанацәа ргәырҩа хьанҭоуп… Урҭ зегьы хашҭра рықәым. Мрагылара, мраҭашәара зегьы сахысит. Ақыҭақәа рҟны ҳаибашьцәа рыхьӡала абаҟақәа ргылоуп. Уи даараӡа сеигәырӷьеит. Ҳхатәы бызшәа ҳхамшҭроуп, абааԥсы! Ҳхатәы бызшәа хаауп, амч ӷәӷәоуп, ҳалацәажәалароу. Аибашьра аамҭазы Аԥсны санааи ицқьаны ацәажәара салагеит. Еилыскаауан, аха исызҳәаӡомызт, хымз рыла ицқьаны ацәажәара салагеит.  Сара ҭырқәшәала ашәҟәы зҩит. Уи еиднакылоит аибашьра ахҭысқәа. Уажәы, Оқҭаи Ҷкотуа аԥсшәахь аиҭагара даҿуп. Хымԥада, уи аӡыргара Аԥсны иҟаларц сҭахуп.

- Уабшьҭра аҭоурых уазааҭгыларц ҳҭахуп.

— Сара сан Ҭраԥшьԥҳауп, Аадильа лыхьӡуп, саб Џьенгиз ихьӡуп. Сара саб, 1975 шықәсазы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааз агәыԥ далан. Ҭырқәтәылаҟа даныхынҳә, Аԥсны аӡбахә мҳәакәа мышкгьы мцеит, дыԥсаанӡа убри аӡбахә иҿакын.Сеиҳабацәа изларҳәо ала, сабду иаб Бганы Шәлиман, Аԥсныҟа лассы-лассы даауа дцо дыбжьазаарын. Саб иаҳәшьа уажәыгь лыԥсы ҭоуп. Лара убас салҳәон: "Ҳабду хымз-ԥшьымз дыӡуан, даҳбаӡомызт. Данааилакгьы, Аԥсны аӡбахә акәын ииҳәаӡоз". Тамшь ӷбала даныӡхыҵуаз дырхәызаап, нас дырҵәахит. Ҷлоу, Қапаа рыҩны дҵәахны дрыман. Ҭырқәтәылаҟа дыныхынҳәуаз, Нестор Лакоба дицны дцазаап. Мызқәак, Нестор Лакоба Қобашьаа рқыҭаҟны дсасуан. Иахьагьы еиқәханы иҟоуп Шәлиман иашҭаҿы ахьацаҵлақәа, Нестор Лакобеи аԥсуааи ахьеиқәшәалоз, аизарақәа ахьымҩаԥыслоз. Аԥсны аизҳара амҩа иануп, сгәы дуны схынҳәуеит Ҭырқәтәылаҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0