Приморсктәи аԥжәарақәа арратә прокуратура иҭнаҵааит

Аԥсны Атәылахьчара аракета-артиллериатә архәҭа аҵәахырҭаҿы аԥжәара ҟалеит 2017 шықәса нанҳәа 2 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik. Аԥсны арратә прокуратура аофициалтә саит аҟны икьыԥхьуп Приморсктәи аԥжәарақәа рганахьала аусҭҵаара алкаақәа.

Аԥсны апрокуратура адыррақәа рыла абри аамҭала еизго аматериал аҟынтәи алкаа ҟаҵоуп. Уи инақәыршәаны ишьақәыргылоуп 2017 шықәса нанҳәа 1 азы Атәылахьчара аминистр идҵала аҵәахырҭа ахыбра ақә аремонт азура нап шалакыз.

Ҳаџьымба Приморск ақыҭан иҟалаз аԥжәаразы: аекспертиза амҩаԥгара иаҿуп

"Аремонт аҟаҵараан ашәарҭадаразы иӡбан ажәытә хыб ақәымхыкәа аҿыц ақәҵара. Аҵәахырҭа аҩныҵҟа убри аамҭазы иарбанызаалак усура мҩаԥыргомызт", — ҳәа аҳәоит асаит аҟны.

Ақә злеибадыркуаз анкертә бруҵәқәа афымцатә перфератор ала иаларҵон.

Апрокуратура адокументқәа рҟны иазгәаҭоуп убри амш азы аҳауатә ҭагылазаашьа атәгьы. Нанҳәа 2 рзы +25, +31 градус иҟан. Убри инадҳәаланы аусурақәа аанкылан 11. 45 минуҭ рзы.

"Иахьазы аусҭҵаара зхароу ҳәа иаҵанакуа аӡәгьы дшьақәыргылам избанзар аҭыԥ аҭҵаара залшом", — ҳәа азгәанаҭоит апрокуратура.

Апрокуратура адырра ҟанаҵоит 2017 шықәса нанҳәа 6 инаркны иԥымжәаз аџьаԥҳаны аҟынтәи араион аҵакыра арыцқьара шхацыркыз.

Аԥжәара аҭыԥ аман 16.30 мск рзы. Иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра, ааха роуит 60-ҩык.