АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik. Аԥсны арратә прокуратура аофициалтә саит аҟны икьыԥхьуп Приморсктәи аԥжәарақәа рганахьала аусҭҵаара алкаақәа.
Аԥсны апрокуратура адыррақәа рыла абри аамҭала еизго аматериал аҟынтәи алкаа ҟаҵоуп. Уи инақәыршәаны ишьақәыргылоуп 2017 шықәса нанҳәа 1 азы Атәылахьчара аминистр идҵала аҵәахырҭа ахыбра ақә аремонт азура нап шалакыз.
"Аремонт аҟаҵараан ашәарҭадаразы иӡбан ажәытә хыб ақәымхыкәа аҿыц ақәҵара. Аҵәахырҭа аҩныҵҟа убри аамҭазы иарбанызаалак усура мҩаԥыргомызт", — ҳәа аҳәоит асаит аҟны.
Ақә злеибадыркуаз анкертә бруҵәқәа афымцатә перфератор ала иаларҵон.
Апрокуратура адокументқәа рҟны иазгәаҭоуп убри амш азы аҳауатә ҭагылазаашьа атәгьы. Нанҳәа 2 рзы +25, +31 градус иҟан. Убри инадҳәаланы аусурақәа аанкылан 11. 45 минуҭ рзы.
"Иахьазы аусҭҵаара зхароу ҳәа иаҵанакуа аӡәгьы дшьақәыргылам избанзар аҭыԥ аҭҵаара залшом", — ҳәа азгәанаҭоит апрокуратура.
Апрокуратура адырра ҟанаҵоит 2017 шықәса нанҳәа 6 инаркны иԥымжәаз аџьаԥҳаны аҟынтәи араион аҵакыра арыцқьара шхацыркыз.
Аԥжәара аҭыԥ аман 16.30 мск рзы. Иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра, ааха роуит 60-ҩык.